Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит акоронавирус злаз абырг

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53329-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 49502-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 679-ҩык.
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны ауааԥсыра COVID -19 азы атестқәа арҭеит 147-ҩык, урҭ рахьтә 35-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 85 шықәса зхыҵуаз ахаҵа.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 21-ы, рҭагылазаашьа бааԥсуп хәҩык, ибжьаратәуп 16-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 11-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит фҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - ԥшьҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы хәҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0