Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиҭакра ҿыцқәа алагаланы: аицлабра "Аҿар рыбжьы" шымҩаԥысыз

© Sputnik / Томас Тхайцук Конурс "Молодые голоса"
Конурс Молодые голоса - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Анапаҵаҩра
XXI аестрадашәаҳәаҩцәа Рреспубликатә еицлабра "Аҿар рыбжьы" аҩбатәи ахәҭа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысит.
Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны Аԥсны Жәлар рырҿиара ацентр еиҿнакааз аестрада шәаҳәаҩцәа Рреспубликатә еицлабра "Аҿар рыбжьы" иалкаау аконцерт актәи ахәҭа мҩаԥган хәажәкыра 23, аҩбатәи – хәажәкыра 24 рзы.

Аконцерт ахықәки аԥҟарақәеи

Аконцерт аиҿкааҩ Нури Кәарҷиа иажәақәа рыла, ҩымш ирылагӡаны шьыбжьаанӡа афилармониаҟны ишымҩаԥысуаз ақәыԥшцәа реицлабра. Аԥхьатәи амш азыҳәаны еицлабуан аиҵбыратә гәыԥқәа, аҩбатәи - аиҳабыратә гәыԥқәа. Аконкурс аҟны ихымԥадатәиу ԥҟаран аԥсыуашәак анагӡара, анаҩс доусы ихатә гьамала иалихуа.
Нури Кәарҷиа инаҵшьны иазгәеиҭеит, "Аҿар рыбжьы" хықәкыс ишамоу аԥсуа ашәа амырӡра, уи абжьы хаа еснагь асцена иқәыҩларц аҟаҵара, аҿар аԥсуа естрада агәыбылра дыркра.
Конурс Молодые голоса - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2022
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысит аицлабра "Аҿар рыбжьы"
"Ҳара аҿар ашәаҳәара дҳарҵаӡом, ҳара урҭ ирылоу аҟыбаҩ алԥшааны, адгылара рыҭара ауп хықәкыс иҳамоу. Аԥсуа ашәа еснагь иҟазароуп, ажәеи ашәеи еимадоуп, иаҳҭахуп наӡаӡа иқәыҩларц ҳаԥсадгьыл Аԥсны аԥсуа иашәа, ибжьыхаа", - иҳәеит Кәарҷиа.
Аконцерт алагаанӡа, алахәылаҩцәа гәыԥ-гәыԥла рыҽшаны игылан, иубон ргәы шыхыҭ-хыҭуаз: аӡәы асцена дықәгылоушәа лгәы иарбаны гәаныла дшәаҳәон, анацәа рхәыҷқәа асценахь рцәырҵра иазыҟарҵон, иҭырхуан афотосахьақәа, ажәакала аныҳәатә гәалаҟазаара зегьы ирныԥшуан.
Аицлабра "Аҿар рыбжьы" хә-гәыԥкны ишан. Аконцерт актәи амш азыҳәаны иқәгылеит ҩ-гәыԥк: 6-8, 9-10 шықәса зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуаз ахәыҷқәа. Аҩбатәи амш аан иқәгылеит абжьаратәи агәыԥқәа ҩба: 11-13 шықәса зхыҵуа, 14 – 16 шықәса зхыҵуа. Иара убас раԥхьаӡа акәны аицлабра рхы аладырхәит 20 шықәса ирҭысхьоу аиҳабыратә гәыԥ.
Нури Кварчия - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2019
Арадио
Кәарҷиа: "Аҿар рыбжьы" ҳтәылаҿы аҟазара аҿиаразы ицхыраагӡоуп

Алахәылацәа рцәаныррақәа

Аконкурс "Аҿар рыбжьы" раԥхьаӡакәны ихы алаирхәит Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспубликаҟынтә иааиз, абаза шәаҳәаҩы Гәырам Шереметов. Инаигӡеит ашәа "Азыԥшра". Асас иқәгылара даара аемоциа ҵаула аҵан, ахәаԥшцәа рнапеинҟьабжьқәа еихсыӷьуамызт.
Шереметов иқәгылара ашьҭахь, ицәаныррақәа ртәы ҳацеиҩшо, иазгәеиҭеит, аԥсуа хәаԥшцәа рыдкылашьа даара гәахәарыла ишидикыло, насгьы лассы-лассы Аԥсны даҭаалар шиҭаху атәы.
"Аиашазыҳәаны, ҳаиашьаратә жәлар арыцшәаҳәара даараӡа акраҵанакуеит сара сзыҳәаны. Ас еиԥш аицлабра аҽалархәра атәы ансыдыргала гәахәарыла исыдыскылеит. Ааигәа имҩаԥысуаз афестиваль "Аԥхьарца" салахәын, аха естрада шәаҳәаҩык иаҳасабала раԥхьаӡакәны аԥсуа сцена сазцәырҵит иахьа. Наунагӡа адунеи иқәыҩлааит аԥсуа ашәеи абаза ашәеи", - иҳәеит иара.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы" - Sputnik Аҧсны
1/6

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы" - Sputnik Аҧсны
2/6

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы" - Sputnik Аҧсны
3/6

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы" - Sputnik Аҧсны
4/6

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы" - Sputnik Аҧсны
5/6

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы" - Sputnik Аҧсны
6/6

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

1/6

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

2/6

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

3/6

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

4/6

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

5/6

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

6/6

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

Аконцерт иаҭааз ахәаԥшцәа амузыка лахҿых иацшәаҳәон, еинырҟьон рнапқәа, иуныруан аныҳәатә гәалаҟазаара.
Илана Ԥачлиаԥҳа иналыгӡеит ашәа "Риҵа", уи длывашьқьраа дкәашон ԥсыуамаҭәала еилаҳәаз арԥыс. Ахәаԥшцәа еицырдыруа ашәа иацырҳәон, иҭырхуан афотосахьа. Илана лзыҳәаны асцена шьҭа иҿыцым.

"Сара ԥшьышықәсоуп "Аҿар рыбжьы" салахәуижьҭеи, аԥхьазы сгәы хыҭхыҭуан, аха шьҭа сашьцылеит, зынӡа сшәаӡом. Исҭахуп аԥхьахә ҭыԥ саԥсахарц", - лыгәҭакы лҳәеит ашәаҳәаҩ қәыԥш аихшьалақәа ҟарҵаанӡа.

Аконкурс аиҭакра аԥҟара ҿыцқәа инарықәыршәаны, раԥхьаӡакәны "Аҿар рыбжьы" лхы алалырхәит 20 шықәса ирҭысхьоу аиҳабыратә гәыԥ иаҵанакуа ашәаҳәаҩ Остапенко Елена. Лара лажәақәа рыла, ас еиԥш алшара ахьлоуз даара деигәырӷьеит, акраамҭа илҭахын "Аҿар рыбжьы" далахәхарц, аха иҟаз ақәратә категориа аԥҟарақәа инарықәыршәаны ус еиԥш алшара лымамызт.
"Ашәаҳәарахь исымоу абзиабара исыднаҵеит асценахь ацәырҵра, аконкурс аҽалархәра. Сгәаҳәара ицеиҩысшеит Нури Еремеи-иԥа, мап ҳцәиимкӡеит аиҳабыратә гәыԥ иаҵанакуа ақәратә категориа, даараӡа сизгәдууп ас еиԥш алшара ахьҳиҭаз. Аиааира зынӡа сазыԥшӡам, асценахь сахьцәырҵуа ахаҭа иааира дук иадысҳәалоит", - лҳәеит Елена.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы" - Sputnik Аҧсны
1/5

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы" - Sputnik Аҧсны
2/5

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы" - Sputnik Аҧсны
3/5

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы" - Sputnik Аҧсны
4/5

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы" - Sputnik Аҧсны
5/5

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

1/5

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

2/5

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

3/5

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

4/5

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

5/5

Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы"

"Аҿар рыбжьы" алкаақәа

Аконцерт ихадоу ахәҭа хыркәшо, аӡбаҩцәа иҟарҵаз алкаа рылаҳәаразы асценахь дааԥхьан Аԥсны Жәлар рартист, аиҿкааҩ Нури Кәарҷиа.
"Аестрадатә конкурс "Аҿар рыбжьы" Аԥсны инеиԥынкыланы имҩаԥысуеижьҭеи абар иҵуеит 21 шықәса.Ҵыԥх уажәааны имҩаԥаагеит аиубилеитә концерт. Хықәкыс иамоу: аҿар жәлар рашәа адагьы, аестрадатә ашәа анагӡара зҭаху, зхы ԥызшәарц зҭаху зегьы алшара рыҭара ауп", - иҳәеит иара.
Сынтәатәи аконкурс "Аҿар рыбжьы" иреиҳаӡоу аҳамҭа "Гран При" даԥсахеит абжьаратә гәыԥ иаҵанакуа ашәаҳәаҩ Кархалаа Алан, убас "Гран При" ланашьан раԥхьаӡакәны иҿыцны иаԥҵаз аиҳабыратә гәыԥ алахәыла Истомина Мариа.
Аконкурс иалахәыз зегьы алкаан хьыӡҳәала, иранашьан аҳаҭыртә бӷьыцқәеи амедалқәеи.
XXI аестрадашәаҳәаҩцәа Рреспубликатә еицлабра "Аҿар рыбжьы" рхы аладырхәит Аԥсны ахы-аҵыхәа аҟынтәи 56-ҩык рҟынӡа аҿар. Аицлабра хықәкыс иамоуп аԥсуа ашәақәа реиқәырхара, аԥсуа естрадашәа амырӡра.
Ажәабжьқәа зегьы
0