Аԥсны Атәылахьчара аминистрра: ианаҭахха, ҳарбџьармчқәа ҳтәыла ахьчара рылшоит

© screenshot/Apsua TV/Абхазское ТВУчения Минобороны Абхазии
Учения Минобороны Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит.
АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ҳтәыла ахьыԥшымреи асуверенитети рыхьчара рылшоит ианаҭахха, абри аҩыза аҳамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа Аԥсуа телехәаԥшра арепортаж аҿы.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны ибзианы ирхылаԥшуеит Украина, иара убас Амшын еиқәа аҿықә иахьаҵанакуа имҩаԥысуа апроцессқәа.
"Қырҭтәыла 2022 шықәса рзы имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа ибзиан иҳаилдыркааит Қарҭ арратә гәаҳәарақәа мап шрыцәнамкуа, аҩадаатлантикатәи алианс алалара шаҭахыц ишаҭаху. Арегион аҿы ишьақәгылаз арра-политикатә ҭагылазаашьа уадаҩ ҳасаб азуны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа аибашьра ишақәнагоу иазхиоуп. Иахәҭоу аҽеизгарақәа мҩаԥган, иара убас аплан анҭыҵгьы Атәылахьчара аминистрра ррезервтә хәҭақәа реизгарақәеи рҽазыҟаҵарақәеи мҩаԥган. Аҭагылазаашьа ашәарҭарахь икылсыр, Аԥсны Арбџьармчқәа ҳтәыла ахьыԥшымреи асуверенитети рыхьчара рылшоит ианаҭахха,", - иҳәеит Ануа.
Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Аԥсны
Атәылахьчара аминистрра: Қырҭтәыла Аԥсны аҳәаа иахьаԥну иҷыдоу арратә усмҩаԥгатәык иаҿӡам
Атәылахьчара аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит иҳабжьоу аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны, атәыла ахада иӡбарала Урыстәылатәи Афедерациа Адҵаҟаҵаҩ хада иқәиргылаз адҵақәа рынагӡара ацхрааразы Аԥсны арратә дгылара шыҟанаҵо.
Хәажәкыра 21 рзы Аслан Бжьаниа ҳтәыла амчратә усбарҭақәа адҵа риҭеит Қырҭтәыла аганахьала иҟалар зылшо апровокациақәа аҭак рыҭара иазхианы иҟазарц, аибашьра иазхиазарц. Уаанӡа Атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵахьан Аԥсны Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит ҳәа Украина аҭагылазаашьа аибарххарахь иахькылсыз азы.
Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Аԥсны
Қырҭтәыла ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь амчра ахы ишанамырхәо азы
Ажәабжьқәа зегьы
0