https://sputnik-abkhazia.info/20220327/apoeziat-douamch-du-yom-1038294514.html
Апоезиатә доуҳамч ду ыӡӡом: ҩ-шәҟәык рӡыргаразы ажәақәак
Апоезиатә доуҳамч ду ыӡӡом: ҩ-шәҟәык рӡыргаразы ажәақәак
Sputnik Аҧсны
Ааигәа Апсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи Иван Гьаргь-иԥа Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы еицымҩаԥыргеит ҩ-шәҟәы бзиак... 27.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-27T20:33+0300
2022-03-27T20:33+0300
2022-03-28T10:00+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/19/1038295496_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_ac35c8171dcdb5cee722f69347bf82fe.jpg
Ааигәа Апсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи Иван Гьаргь-иԥа Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы еицымҩаԥыргеит ҩ-шәҟәы бзиак рӡыргара. Актәи ашәҟәы “Ахатәы бызшәа цәажәоит” ианылеит ахатәы бызшәа иазку аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа. Еиқәиршәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы, апоет Вахтанг Аԥҳазоу. Уи иагәылоуп аԥсуа бызшәа иазку ажәеинраалақәа Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа иааиркны Омар Бигәааи, Баграт Шьынқәбеи, Кьыршьал Чачхалиеи, Алықьса Џьонуеи, Иван Ҭарбеи, Кәымф Ломиеи, Гьаргь Гәыблиеи, Мушьни Миқаиеи, Нелли Ҭарԥҳаи, Борис Гәыргәлиеи, Мушьни Лашәриеи уҳәа ҳпоетцәа хатәрақәа ражәеинраалақәа. Аҩбатәи ашәҟәы "Ажурнал "Алашара" (1955-1912) Аҭоурых. Абиблиографиа.) еиқәиршәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа. Узеигәырӷьаша даҽа хҭыс бзиаӡакгьы ақәшәеит уи аҽны. Хәажәкыра 21 азы Апоезиа адунеизегьы иамшын. Убри аҳаҭыразы араҟа еизеит апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рнаҩсангьы, аҵарауаа, астудентцәа, ҿыц аҩра иалагаз аҿар. Ари аиԥылара бзиа аартуа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу иазгәеиҭеит: "ажәлар рхатәы бызшәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилукаауеит рмилаҭ хдырра ахьынӡаҟоу ала, рбызшәа ныҟәызго абиԥарақәа рдоуҳа анархагьы уазхьанарԥшуеит. Ииасхьоу аамҭақәа раан еиԥш, иахьагьы, ҳаԥхьаҟа азгьы, ахатәы бызшәа аԥеиԥш, еиҵагыло абиԥарақәа ирхьыԥшуп. Ажәлар ԥсра рықәым рбызшәа аԥсы ҭанаҵы, абиԥарақәа абри рхадмрышҭыроуп иахьагьы, уаҵәгьы. Ҳбызшәа ыҟанаҵ ауп ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи аныҟоу. Ахеиқәырхара ҳазшаз ираҭәеишьааит. Абарҭқәа роуп иҳаилдыркаауа ари аизга еиднакыло ахатәы бызшәа иазку аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәагьы. Адунеи иақәлахааит аԥсуа бызшәа!.." Уи ишьҭахь дықәгылеит абиблиотека аиҳабы, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩыза ду Борис Ҷолариа. Уи ашәҟәыҩҩцәа зегьы ирыдиныҳәалеит апоезиа амш, ирзеиӷьаишьеит ҳаԥсуа доуҳатә культура арбеиараҿы, ашьҭыхраҿы анарха бзиа. Хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, "Ахатәы бызшәа цәажәоит" захьӡу ашәҟы аатуеит Дырмит Гәлиа иажәеинраала ссир ала, уи ҳара аԥсуаа зегьы иҳациизшәа иаҳзааигәаӡоу жәеинраалоуп: Аҳы, сышәҟәы, уеиҵамхан! Гәы-шьамхыла укамҳан, Гәарԥ-бжьарак убжьамхан, Узҭаху рзы уҵәахымхан! Жәа хаала ирччала, Жәа рҟәышгала уцәажәала. Ажәабжь ҿыцқәа хкы-хкыла, Исызраҳәала аԥсышәала! Арҭ аҩ-шәҟәыкгьы рӡыргараҿ иқәгылан ицәажәеит ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи: Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Даур Наҷҟьебиа, Екатерина Бебиаԥҳа, Гунда Сақаниаԥҳа, Арда Ашәба, Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа, Баҭал Хагәышь, Ахра Анқәаб, Алхас Чхамалиа, Дырмит Габалиа, Аинар Ҷыҭанаа, иара убасгьы ҿыц аҩра иалагаз аҿари, астудентцәеи. Урҭ рҟынтә абра иааҳгоит апоетцәа Геннади Аламиеи Владимир Занҭариеи аԥсшәа иазку ражәеинраалақәа рцыԥҵәахақәа: исҭахын иаԥысҵар сбызшәазы ашәа, адәаҿы ихәмарун ахәыҷқәа. Исзыԥшаауамызт иахәҭоу ажәа, исԥырхагоушәа ахәыҷқәа рыбжьқәа, сгәаҿы ианиуа сбызшәазы ашәа, сгәы иснаҭон… Сырцәыбналон ахәыҷқәа.. Исҭахын иаԥысҵар сбызшәазы ашәа… Геннади Аламиа Владимир Занҭариа ари аизга иану иажәеинраала иахьӡуп "Урыламҩашьан саԥсуа ҩыра." Араҟа еилыхха иубоит апоет ибызшәа шаҟа гәыблыла дазыҟоу, иара изы, уи ахаангьы ԥсра-ӡра шақәым, уаҵәы игыларан иҟоу аҿар шеиқәнархо, урҭ рқьышә иқәкнаҵы, ирҳәонаҵы шаку дара адунеи иалахәны излаанхо: жәҩан хьыцәцара- шәҟәуп уахынла, иҟьаҟьаӡа иаартуп абар!.. Иалмас нбануп- аеҵә рынбан, сыдгьыл аԥхьоит, агәы каршә… Схаҭа саԥхьоит шарԥазынӡа, жәҩангәашәԥхьаратәи ашәҟәы… Иаркуп сымза-са сцәашьымца, Ицәырҵуеит ҩырақәак- хкы-хкы… Ашәҟәы "Ажурнал "Алашара" (1955-1912) Аҭоурых. Абиблиографиа.) иазкны сара сықәгылараҿы иазгәасҭеит: иахьа иуҳәар ҟалоит, ҳаԥсы даԥшәмахеит ҳәа ажурнал “Алашара” 1955-2012 шықәсқәа ирыҵаркуа аҭоурыхи абиблиографиеи зҩыз , зҿыгҳара дуу шәҟәынгьы иҭзыжьыз, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа. Ари аус даара аџьабаа ӷәӷәа зцу усуп, убри азы аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи, ҳлитераторцәеи, ҳаҭҵаарадырреи ирҿу зегь рыхьӡала идуӡӡан иҭабуп ҳәа иаҳәатәуп. Даара ибзиахон, иагьсабаԥуп, автор ашәҟәы аҭыжьраҿ иибаз аџьабаа азы, мҩақәак азыԥшаан, аҭыжьраҿ зегь ҳшеицхырааз еиԥш, ҳаицхырааны, гонорар ҳасабла, ҟәрышьқәак изылҩаазар… Уи иара иаҳар мап ацәикуеит, аха аҟаҵашьа амоуп… Иахьа аԥсуа литературеи акультуреи рырҿиареи аԥсуаа рмилаҭтә хдырра ашьҭыхреи рзы, акырӡа зылшахьоу ажурнал “Алашара” аҭоурых ҩуп, иаԥҵоуп 2012 шықәсанӡа уи абиблиографиа. Ара, абарҭ ашықәсқәа ирыбжьаркуа аамҭақәа зегьы раан ажурналқәа ирныз арҿиамҭақәа зегьы, иахьаныз аномерқәеи, изҵазкуа ажанарқәеи, рыхқәеи, рдаҟьақәеи, зегьы еилыхха иубоит, аԥшааразы умгәаҟӡакәа даара уарманшәалоит. Аусумҭаҿы иаарыԥшуп аҭыжьымҭа аҭоурых, ианҵоуп раԥхьаӡакәны инарҭбаан еиқәыршәоу ажурнал абиблиографиа. Аматериалқәа кьыԥхьуп аԥсышәалеи урысшәалеи. Иазгәаҭатәуп, Виачеслав Бигәаа иаԥхьагьы ари аус инапы шалеикхьаз, иџьабаа дугьы шаду, ҩынтәгьы ажурнал аформат ала иагьшҭижьхьаз уи Абиблиографиа, уаанӡатәи уи аредактор хада Никәала Кәыҵниа. Иуҳәар ҟалоит, Виачеслав уасхыр бзиас иҟаиҵеит ҳәа урҭ аҭыжьымҭақәа. Иазгәаҭатәуп, “Алашара” 1955 шықәса инаркны иҭыҵхьоу аномерқәа зегьы рҿы ишкьыԥхьыз Аԥсынгьы, уи анҭыҵгьы еицырдыруа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭа дуқәа, ароманқәа, аповестқәа, ажәабжьқәа, алитературатә-критикатә статиақәа, аҭҵаамҭақәа. Амала, абра иазгәаҭатәуп аибашьра ашьҭахь ажурнал “Алашара" аномерқәа зегьы еидкылан иахьыҟоу ҭыԥк аԥшаара шыуадаҩу. Ҳредакциаҿы иҳамоуп Аԥсны жәлар рпоет Нели Ҭарԥҳа фба-фба номер ажурналқәа шәҟәыкны еидкыланы, 1955 шықзса раахыс иҭыҵхьаз, аҩны еидкыланы илымаз ҳамҭас ишҳалҭаз. Иара убас, Алықьса Гогәа имаз аномерқәагьы маҷымкәа иҳаиҭеит, ҳаргьы ԥыҭк ҳаԥшааит. Абраҟа иҳәатәуп даҽа хҭыс бзиак аӡбахәгьы. Шықәсқәак раԥхьа, аҵарауаҩ Михаил Артиом-иԥа Лабахәуа зегь реиҳа ихаҭәааз “Алашара” аномерқәа реизга Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотека ҳамҭас иеиҭеит. Ажәак ала, иахьа уашьҭалаҵәҟьар, ҳжурнал аномерқәа рӷьырак уԥшаар улшоит ҳзҩнатәоу Ареспубликатә библиотекаҿы, Аҳәынҭқарратә архив аҿы, иара убасгьы Аԥсуаҭҵааратә институти, Ауниверситет абиблиотекеи, ажурнал “Алашара” аредакциеи рҿы. Ааигәа иӡбахә ҳаҳаит шамахаӡак ҳжурнал “Алашара” аномерқәа зегьы змоу аԥсуа ԥхьаҩ бзиа Борис Қәҭелиа. Ҳгәы иҭоуп уии ҳареи аицәажәара амҩаԥгара, издыруада, ҳаицәажәара акралҵыр, ажурнал “Алашара” аномерқәа зегьы ҳредакциаҿы иҟалоит. Сара сгәанала, зегь раԥхьа иргыланы, иҟаҵатәу иреиуоуп, ажурнал аԥхьаӡатәи аномер инаркны, иахьатәи аномерқәа рҟынӡа , иахьатәи ацифратә технологиа ахархәарала аномерқәа рыхҩылаа ашьақәыргылара, аиагара, изҭаху ииҭаху аномер дымгәаҟӡакәа аинтернетаҿ иԥшаартә. Усҟан ҳара иҳалшоит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаити, аԥснытека ҳәа изышьҭоу, аԥсуа интернет библиотекахьи риагара. Шәара ибзиан ишыжәдыруа еиԥш, уи нахыс, адунеи ахы-аҵыхәа аинтернет змоу зегьы ркомпиуторқәа рҿгьы, рҭелқәа рҿгьы иаԥхьалартә алшара роуеит. Иара убасгьы, ҳара ҳаҿуп ажурналқәа рахьтә зынӡа ицқьоу екземплиарк-екземплиарк рыҵәахра. Иазгәаҭатәуп даҽакгьы, иахьатәи аамҭазы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иаҳнаҭаз алшарала, уи асаит иҭоуп ҳжурнал 2014 шықәса раахыс иҭыҵхьоу аномерқәа зегьы. Уи азы иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит асаит аԥҵара зџьабаа ду аду Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу! Иахьа, ажурнал аҭоурых иазку аусумҭа бзиа анӡырааго, рыхьӡқәа ҳгәалаҳаршәар ҳахәҭоуп, уи аиҿкаара ахадараҿы игылаз ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи аӡәырҩы: Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Иван Папасқьыр, Шьалуа Инал-иԥа, Кумф Ломиа, Иван Ҭарба, Иван Папасқьыр, Шәарах Ԥачалиа, Алықьса Лашәриа. Уи еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аредакторцәа хадақәас иамаз - Мушьни Аҳашба, Алықьса Џьонуа, Ҷиҷико Џьонуа, Алықьса Џьениа, Гьаргь Гәыблиа, Никәала Кәыҵниа. Даара рџьабаа ӷәӷәан урҭ аус рыцызуаз , ара аӡәаӡәала зыхьӡ ҳзымҳәо ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳлитераторцәа, амала ажурнал аҭоурыхаҿы урҭ зегьы арбоуп, шамахак аӡәгьы дыбжьажьӡам. Абраҟа, асимволтә ҵакы ахьамоу азы, исҳәар сҭахуп “Алашара" 1955 шықәсазы раԥхьаӡатәи актәи аномер зҩымҭақәа аныз ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳаҭҵаарадырҩцәеи рыхьыӡқа: Дырмит Гәлиа ипоема- “Сара схәышҭаара” ала иаатуеит раԥхьаӡатәи аномер, раԥхьаӡатәи адаҟьа. Уи нахыс рҩымҭақәа рыла иқәгылоит: Алықьса Лашәриа, Кумф Ломиа, Алықьса Џьонуа, Баграт Шьынқәба, Иван Ҭарба, Шьалуа Ҵәыџьба, Ҷиҷико Џьонуа, Иван Папасқьыр, Кәасҭа Гьерхьелиа, Гьаргь Гәыблиа, Шамил Ԥлиа, Нели Ҭарԥҳа, Кьаршьал Чачхалиа, Анатоли Аџьынџьал, Владимир Анқәаб, Шьалуа Инал-иԥа, Шьоҭа Салаҟаиа, Михаил Ҭраԥшь. Иахьа ҳнапы иакуп ажурнал “Алашара" 1955-2012 шықәсақәа ирыҵаркуа ажурнал аҭоурыхи автобиографиеи. Ҳара иахьа ажурнал аусзуҩцәа иҳахәҭоуп уи аус ԥшьа ацҵара. Ҳаԥхьаҩцәа рнапаҿы ираҳҭароуп 2012 шықәса инаркны 2022 шыықәсанӡа ажурнал аҭоурыхи абиблиографиеи аҩра. Ара жәашықәса наҟьак ыҟоуп! Ажәакала, жәашықәса рыҩнуҵҟа ажурнал знысыз аҭоурых еидкылан иҩтәуп, иҭыжьтәуп. Уи џьабаа дууп, аха ҳлитература аҭоурых ашьҭыхраҿы ҳара ҳаԥхьа инеиуаз иҟарҵаз ҳаҵамхароуп, ари аҩыза аус ԥшьаҿы хеигӡара ҟаҳымҵароуп!" Апоезиа Адунеизегьтәи Амш азы, ҳпоет бзиа Иван Канстантин-иԥа Ҭарба диижьҭеи 101 шықәса ҵит. Еиқәшәаз арыцхә бзиақәа раҳаҭыраз ишәыдызгалоит, уи иԥсеиԥш бзиа иибаз ажурнал “Алашара” иазикыз ажәеинраала “Са сжурнал” ацыԥҵәаха: Сыжәлар рышҟа амҩа сызҭо, “Алашара” са сжурнал,Апоезиа аӡыхь сзызто, Смалқәа иреиӷьу, смал ду, смал! Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Иван Гьаргь-иԥа Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотекаҿы Апоезиа адунеизегьтәи амши, ашәҟә ҿыцқәа рӡыргареи мҩаԥысит даара алахҿыхреи апоезиатә доуҳамчи рыцны!
https://sputnik-abkhazia.info/20200910/Aaueish-iaakhyz-iyit-azhurnal-Alashara-aourykh-eidyzkalo-ashy-1030914340.html
https://sputnik-abkhazia.info/20201213/literatura-asy-akhou-azhurnal-Alashara-65-shysa-akhyit-1031446379.html
https://sputnik-abkhazia.info/20190303/Anatoli-Laglaa-agra-goit-azhurnal-Alashara-esnag-gyraashany-shyna-ishrynalo-1026799140.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/19/1038295496_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_89510d833b2ec126b57acf4660de35fb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Ааигәа Апсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи Иван Гьаргь-иԥа Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы еицымҩаԥыргеит ҩ-шәҟәы бзиак рӡыргара. Актәи ашәҟәы “Ахатәы бызшәа цәажәоит” ианылеит ахатәы бызшәа иазку аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа. Еиқәиршәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы, апоет Вахтанг Аԥҳазоу. Уи иагәылоуп аԥсуа бызшәа иазку ажәеинраалақәа Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа иааиркны Омар Бигәааи, Баграт Шьынқәбеи, Кьыршьал Чачхалиеи, Алықьса Џьонуеи, Иван Ҭарбеи, Кәымф Ломиеи, Гьаргь Гәыблиеи, Мушьни Миқаиеи, Нелли Ҭарԥҳаи, Борис Гәыргәлиеи, Мушьни Лашәриеи уҳәа ҳпоетцәа хатәрақәа ражәеинраалақәа.
Аҩбатәи ашәҟәы "Ажурнал "Алашара" (1955-1912) Аҭоурых. Абиблиографиа.) еиқәиршәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа. Узеигәырӷьаша даҽа хҭыс бзиаӡакгьы ақәшәеит уи аҽны. Хәажәкыра 21 азы Апоезиа адунеизегьы иамшын. Убри аҳаҭыразы араҟа еизеит апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рнаҩсангьы, аҵарауаа, астудентцәа, ҿыц аҩра иалагаз аҿар.
Ари аиԥылара бзиа аартуа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу иазгәеиҭеит: "ажәлар рхатәы бызшәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилукаауеит рмилаҭ хдырра ахьынӡаҟоу ала, рбызшәа ныҟәызго абиԥарақәа рдоуҳа анархагьы уазхьанарԥшуеит. Ииасхьоу аамҭақәа раан еиԥш, иахьагьы, ҳаԥхьаҟа азгьы, ахатәы бызшәа аԥеиԥш, еиҵагыло абиԥарақәа ирхьыԥшуп. Ажәлар ԥсра рықәым рбызшәа аԥсы ҭанаҵы, абиԥарақәа абри рхадмрышҭыроуп иахьагьы, уаҵәгьы. Ҳбызшәа ыҟанаҵ ауп ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи аныҟоу. Ахеиқәырхара ҳазшаз ираҭәеишьааит. Абарҭқәа роуп иҳаилдыркаауа ари аизга еиднакыло ахатәы бызшәа иазку аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәагьы. Адунеи иақәлахааит аԥсуа бызшәа!.."
Уи ишьҭахь дықәгылеит абиблиотека аиҳабы, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩыза ду Борис Ҷолариа. Уи ашәҟәыҩҩцәа зегьы ирыдиныҳәалеит апоезиа амш, ирзеиӷьаишьеит ҳаԥсуа доуҳатә культура арбеиараҿы, ашьҭыхраҿы анарха бзиа.
Хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, "Ахатәы бызшәа цәажәоит" захьӡу ашәҟы аатуеит Дырмит Гәлиа иажәеинраала ссир ала, уи ҳара аԥсуаа зегьы иҳациизшәа иаҳзааигәаӡоу жәеинраалоуп: Аҳы, сышәҟәы, уеиҵамхан! Гәы-шьамхыла укамҳан, Гәарԥ-бжьарак убжьамхан, Узҭаху рзы уҵәахымхан! Жәа хаала ирччала, Жәа рҟәышгала уцәажәала. Ажәабжь ҿыцқәа хкы-хкыла, Исызраҳәала аԥсышәала!
Арҭ аҩ-шәҟәыкгьы рӡыргараҿ иқәгылан ицәажәеит ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи: Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Даур Наҷҟьебиа, Екатерина Бебиаԥҳа, Гунда Сақаниаԥҳа, Арда Ашәба, Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа, Баҭал Хагәышь, Ахра Анқәаб, Алхас Чхамалиа, Дырмит Габалиа, Аинар Ҷыҭанаа, иара убасгьы ҿыц аҩра иалагаз аҿари, астудентцәеи.
Урҭ рҟынтә абра иааҳгоит апоетцәа Геннади Аламиеи Владимир Занҭариеи аԥсшәа иазку ражәеинраалақәа рцыԥҵәахақәа: исҭахын иаԥысҵар сбызшәазы ашәа, адәаҿы ихәмарун ахәыҷқәа. Исзыԥшаауамызт иахәҭоу ажәа, исԥырхагоушәа ахәыҷқәа рыбжьқәа, сгәаҿы ианиуа сбызшәазы ашәа, сгәы иснаҭон… Сырцәыбналон ахәыҷқәа.. Исҭахын иаԥысҵар сбызшәазы ашәа… Геннади Аламиа Владимир Занҭариа ари аизга иану иажәеинраала иахьӡуп "Урыламҩашьан саԥсуа ҩыра." Араҟа еилыхха иубоит апоет ибызшәа шаҟа гәыблыла дазыҟоу, иара изы, уи ахаангьы ԥсра-ӡра шақәым, уаҵәы игыларан иҟоу аҿар шеиқәнархо, урҭ рқьышә иқәкнаҵы, ирҳәонаҵы шаку дара адунеи иалахәны излаанхо: жәҩан хьыцәцара- шәҟәуп уахынла, иҟьаҟьаӡа иаартуп абар!.. Иалмас нбануп- аеҵә рынбан, сыдгьыл аԥхьоит, агәы каршә… Схаҭа саԥхьоит шарԥазынӡа, жәҩангәашәԥхьаратәи ашәҟәы… Иаркуп сымза-са сцәашьымца, Ицәырҵуеит ҩырақәак- хкы-хкы…
Ашәҟәы "Ажурнал "Алашара" (1955-1912) Аҭоурых. Абиблиографиа.) иазкны сара сықәгылараҿы иазгәасҭеит: иахьа иуҳәар ҟалоит, ҳаԥсы даԥшәмахеит ҳәа ажурнал “Алашара” 1955-2012 шықәсқәа ирыҵаркуа аҭоурыхи абиблиографиеи зҩыз , зҿыгҳара дуу шәҟәынгьы иҭзыжьыз, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа. Ари аус даара аџьабаа ӷәӷәа зцу усуп, убри азы аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи, ҳлитераторцәеи, ҳаҭҵаарадырреи ирҿу зегь рыхьӡала идуӡӡан иҭабуп ҳәа иаҳәатәуп. Даара ибзиахон, иагьсабаԥуп, автор ашәҟәы аҭыжьраҿ иибаз аџьабаа азы, мҩақәак азыԥшаан, аҭыжьраҿ зегь ҳшеицхырааз еиԥш, ҳаицхырааны, гонорар ҳасабла, ҟәрышьқәак изылҩаазар… Уи иара иаҳар мап ацәикуеит, аха аҟаҵашьа амоуп… Иахьа аԥсуа литературеи акультуреи рырҿиареи аԥсуаа рмилаҭтә хдырра ашьҭыхреи рзы, акырӡа зылшахьоу ажурнал “Алашара” аҭоурых ҩуп, иаԥҵоуп 2012 шықәсанӡа уи абиблиографиа. Ара, абарҭ ашықәсқәа ирыбжьаркуа аамҭақәа зегьы раан ажурналқәа ирныз арҿиамҭақәа зегьы, иахьаныз аномерқәеи, изҵазкуа ажанарқәеи, рыхқәеи, рдаҟьақәеи, зегьы еилыхха иубоит, аԥшааразы умгәаҟӡакәа даара уарманшәалоит. Аусумҭаҿы иаарыԥшуп аҭыжьымҭа аҭоурых, ианҵоуп раԥхьаӡакәны инарҭбаан еиқәыршәоу ажурнал абиблиографиа. Аматериалқәа кьыԥхьуп аԥсышәалеи урысшәалеи. Иазгәаҭатәуп, Виачеслав Бигәаа иаԥхьагьы ари аус инапы шалеикхьаз, иџьабаа дугьы шаду, ҩынтәгьы ажурнал аформат ала иагьшҭижьхьаз уи Абиблиографиа, уаанӡатәи уи аредактор хада Никәала Кәыҵниа. Иуҳәар ҟалоит, Виачеслав уасхыр бзиас иҟаиҵеит ҳәа урҭ аҭыжьымҭақәа. Иазгәаҭатәуп, “Алашара” 1955 шықәса инаркны иҭыҵхьоу аномерқәа зегьы рҿы ишкьыԥхьыз Аԥсынгьы, уи анҭыҵгьы еицырдыруа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭа дуқәа, ароманқәа, аповестқәа, ажәабжьқәа, алитературатә-критикатә статиақәа, аҭҵаамҭақәа.
Амала, абра иазгәаҭатәуп аибашьра ашьҭахь ажурнал “Алашара" аномерқәа зегьы еидкылан иахьыҟоу ҭыԥк аԥшаара шыуадаҩу. Ҳредакциаҿы иҳамоуп Аԥсны жәлар рпоет Нели Ҭарԥҳа фба-фба номер ажурналқәа шәҟәыкны еидкыланы, 1955 шықзса раахыс иҭыҵхьаз, аҩны еидкыланы илымаз ҳамҭас ишҳалҭаз. Иара убас, Алықьса Гогәа имаз аномерқәагьы маҷымкәа иҳаиҭеит, ҳаргьы ԥыҭк ҳаԥшааит. Абраҟа иҳәатәуп даҽа хҭыс бзиак аӡбахәгьы. Шықәсқәак раԥхьа, аҵарауаҩ Михаил Артиом-иԥа Лабахәуа зегь реиҳа ихаҭәааз “Алашара” аномерқәа реизга Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотека ҳамҭас иеиҭеит. Ажәак ала, иахьа уашьҭалаҵәҟьар, ҳжурнал аномерқәа рӷьырак уԥшаар улшоит ҳзҩнатәоу Ареспубликатә библиотекаҿы, Аҳәынҭқарратә архив аҿы, иара убасгьы Аԥсуаҭҵааратә институти, Ауниверситет абиблиотекеи, ажурнал “Алашара” аредакциеи рҿы. Ааигәа иӡбахә ҳаҳаит шамахаӡак ҳжурнал “Алашара” аномерқәа зегьы змоу аԥсуа ԥхьаҩ бзиа Борис Қәҭелиа. Ҳгәы иҭоуп уии ҳареи аицәажәара амҩаԥгара, издыруада, ҳаицәажәара акралҵыр, ажурнал “Алашара” аномерқәа зегьы ҳредакциаҿы иҟалоит. Сара сгәанала, зегь раԥхьа иргыланы, иҟаҵатәу иреиуоуп, ажурнал аԥхьаӡатәи аномер инаркны, иахьатәи аномерқәа рҟынӡа , иахьатәи ацифратә технологиа ахархәарала аномерқәа рыхҩылаа ашьақәыргылара, аиагара, изҭаху ииҭаху аномер дымгәаҟӡакәа аинтернетаҿ иԥшаартә. Усҟан ҳара иҳалшоит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаити, аԥснытека ҳәа изышьҭоу, аԥсуа интернет библиотекахьи риагара. Шәара ибзиан ишыжәдыруа еиԥш, уи нахыс, адунеи ахы-аҵыхәа аинтернет змоу зегьы ркомпиуторқәа рҿгьы, рҭелқәа рҿгьы иаԥхьалартә алшара роуеит. Иара убасгьы, ҳара ҳаҿуп ажурналқәа рахьтә зынӡа ицқьоу екземплиарк-екземплиарк рыҵәахра. Иазгәаҭатәуп даҽакгьы, иахьатәи аамҭазы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иаҳнаҭаз алшарала, уи асаит иҭоуп ҳжурнал 2014 шықәса раахыс иҭыҵхьоу аномерқәа зегьы. Уи азы иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит асаит аԥҵара зџьабаа ду аду Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу! Иахьа, ажурнал аҭоурых иазку аусумҭа бзиа анӡырааго, рыхьӡқәа ҳгәалаҳаршәар ҳахәҭоуп, уи аиҿкаара ахадараҿы игылаз ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи аӡәырҩы: Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Иван Папасқьыр, Шьалуа Инал-иԥа, Кумф Ломиа, Иван Ҭарба, Иван Папасқьыр, Шәарах Ԥачалиа, Алықьса Лашәриа. Уи еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аредакторцәа хадақәас иамаз - Мушьни Аҳашба, Алықьса Џьонуа, Ҷиҷико Џьонуа, Алықьса Џьениа, Гьаргь Гәыблиа, Никәала Кәыҵниа. Даара рџьабаа ӷәӷәан урҭ аус рыцызуаз , ара аӡәаӡәала зыхьӡ ҳзымҳәо ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳлитераторцәа, амала ажурнал аҭоурыхаҿы урҭ зегьы арбоуп, шамахак аӡәгьы дыбжьажьӡам. Абраҟа, асимволтә ҵакы ахьамоу азы, исҳәар сҭахуп “Алашара" 1955 шықәсазы раԥхьаӡатәи актәи аномер зҩымҭақәа аныз ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳаҭҵаарадырҩцәеи рыхьыӡқа: Дырмит Гәлиа ипоема- “Сара схәышҭаара” ала иаатуеит раԥхьаӡатәи аномер, раԥхьаӡатәи адаҟьа. Уи нахыс рҩымҭақәа рыла иқәгылоит: Алықьса Лашәриа, Кумф Ломиа, Алықьса Џьонуа, Баграт Шьынқәба, Иван Ҭарба, Шьалуа Ҵәыџьба, Ҷиҷико Џьонуа, Иван Папасқьыр, Кәасҭа Гьерхьелиа, Гьаргь Гәыблиа, Шамил Ԥлиа, Нели Ҭарԥҳа, Кьаршьал Чачхалиа, Анатоли Аџьынџьал, Владимир Анқәаб, Шьалуа Инал-иԥа, Шьоҭа Салаҟаиа, Михаил Ҭраԥшь. Иахьа ҳнапы иакуп ажурнал “Алашара" 1955-2012 шықәсақәа ирыҵаркуа ажурнал аҭоурыхи автобиографиеи. Ҳара иахьа ажурнал аусзуҩцәа иҳахәҭоуп уи аус ԥшьа ацҵара. Ҳаԥхьаҩцәа рнапаҿы ираҳҭароуп 2012 шықәса инаркны 2022 шыықәсанӡа ажурнал аҭоурыхи абиблиографиеи аҩра. Ара жәашықәса наҟьак ыҟоуп! Ажәакала, жәашықәса рыҩнуҵҟа ажурнал знысыз аҭоурых еидкылан иҩтәуп, иҭыжьтәуп. Уи џьабаа дууп, аха ҳлитература аҭоурых ашьҭыхраҿы ҳара ҳаԥхьа инеиуаз иҟарҵаз ҳаҵамхароуп, ари аҩыза аус ԥшьаҿы хеигӡара ҟаҳымҵароуп!"
Апоезиа Адунеизегьтәи Амш азы, ҳпоет бзиа Иван Канстантин-иԥа Ҭарба диижьҭеи 101 шықәса ҵит. Еиқәшәаз арыцхә бзиақәа раҳаҭыраз ишәыдызгалоит, уи иԥсеиԥш бзиа иибаз ажурнал “Алашара” иазикыз ажәеинраала “Са сжурнал” ацыԥҵәаха:
Сыжәлар рышҟа амҩа сызҭо,
Смалқәа иреиӷьу, смал ду, смал!
Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Иван Гьаргь-иԥа Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотекаҿы Апоезиа адунеизегьтәи амши, ашәҟә ҿыцқәа рӡыргареи мҩаԥысит даара алахҿыхреи апоезиатә доуҳамчи рыцны!