ЛЖәР ахада: сгәы иаанагоит хара имгакәа Урыстәыла адларазы ареферендум мҩаԥгахап ҳәа

© Foto / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодсчет голосов на выборах в ЛНР
Подсчет голосов на выборах в ЛНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Лугансктәи Жәлар Рреспубликаҟны хара имгакәа Урыстәылатәи Афедерациа алаларазы ареферендум мҩаԥгахар ҟалоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ареспублика ахада Леонид Пасечник иҳәамҭа шьаҭас иганы.
"Сгәы иаанагоит, хара имгакәан ареспубликаҟны ареферендум мҩаԥгахап ҳәа, ажәлар акнституциатә зин ирымоу нарыгӡап, Урыстәылатәи Афедерациа алаларазы ргәаанагара рҳәап", - ҳәа иҳәеит Пасечник ажурналистцәа рԥылараан.
Урыстәыла Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рсувернитет азханаҵеит жәабран 21, 2022 шықәсазы. Уи анаҩс хара имгакәан Донбасс ауааԥсыра рыхьчара хықәкыс иҟаҵаны, урыстәылатәи ар Украина адемилитаризациа амҩаԥыргаразы арратә аоперациа ҷыда иалагеит.
Москва инашьҭарххны донбасстәи ареспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеит Аԥсны.
2014 шықәсазы Киевтәи ахҭысқәа рышьҭахь Донецктәии Лугансктәии аоблостқәа республикақәаны рхы рыларҳәеит, киевтәи амчра иахьԥшымызт. Уи аахыс Украина Арбџьармчқәа арҭ ареспубликақәа иааҟәымҵӡакәан ирылахысуан. Аашықәса рыҩнуҵҟа арегион аҟны иҭахеит 13-нызқьҩык аҭынчуааԥсыра.
Ажәабжьқәа зегьы
0