Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи атуроператорцәа Аԥсныҟа атурқәа рҭаххара ишацлаз рҳәоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Вид на Сухумскую набережную
Вид на Сухумскую набережную  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik. Урыстәылатәи атуроператорцәа Аԥсныҟа атурқәа рҭаххара ишацлаз рҳәоит, убри аан иазгәарҭоит аеконом-сегмент аҟынтәи 3-5 еҵәа змоу асасаирҭақәа рҭаххара ишазҳауа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости урыстәылатәи атуроператорцәа рдыррақәа шьаҭас иҟаҵо.
Ари ахырхарҭа алкаара шаиуа азгәанаҭеит Fun&Sun (уаанӡатәи "TUI Россия").

"Ииасыз ашықәс аҿырԥшрала уажәы ари ахырхарҭа аҭаххара еиҳа еиҳауп. Убри аан аеконом-сегмент аҟынтәи 3-5 еҵәа змоу асасаирҭақәа рҭаххара иазҳауа иалагеит. 2021 шықәсазы еиҳа иалыркаауа иҟаз аеконом-сегмент акәын", – рҳәеит атуреилахәыраҿы.

Атуроператор "Интурист" иазгәанаҭоит Аԥсныҟа сынтәа атурқәа рҿаҵара 28% рыла ҵыԥхтәи аҿаҵарақәа ишреиҳау.
"Египет, Ҭырқәтәыла рҟынтәи ари ахырхарҭахь ииасуа иалагеит, избанзар Аԥсныҟа ацаразы иаҭахны иҟам ПЦР-тестқәа, асертификатқәа", - рҳәеит "Интурист" аҿы.
Люди на набережной Сухума греются в лучах зимнего солнца  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Аԥсны
Аҭҵаарақәа иаадырԥшит 2022 шықәсазы Аԥсны зыԥсы зшьар зҭаху ауаа рыпроцент
"Русскии экспресс" аҿы иазгәарҭеит Аԥсныҟа аҿаҵарақәа еизҳауа ишалагаз хәажәкыра 20 инаркны, аха убри аан адинамика макьаназ ушамыргәырӷьо.
"Аиҳараҩык атуристцәа ирҭаху акласс ҳарак иаҵанакуа асасааирҭақәа роуп", - рҳәеит атуроператор апресс-маҵзура.
Единый билет - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2022
Аԥсны
Урыстәылантәи Аԥсныҟа "Иаку абилеҭ" ала аара ҟалоит
Атуроператор PAC Group адыррала Аԥсныҟа аҿаҵарақәа 2021 шықәсазтәиқәа ириеҳам, еиҳаракгьы ирҭаху 3-4 еҵәа змоу асасааирҭақәа роуп ҳәа.
Урыстәылатәи атуристцәа Аԥсныҟа иаар рылшоит адәыӷба Москва-Аҟәа ала, машьынала аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" иахысны ма ҳаирпланла Шәачанӡа.
Адлер ма Шәача рҟынтәи Аԥсныҟа иаауа атуристцәа ирылшоит иаку абилеҭ ахархәара.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Аԥсны
Пицунда лаҵарамзазы иалыркаауа аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа жәаба ирыҵанакит
Ажәабжьқәа зегьы
0