Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иҟоу аурыс еиҿкаарақәа Украина аоперациа ҷыда аанкылараз ааԥхьара ахҳәаа арҭеит

© Sputnik РИА  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБрошенный ВСУ гаубичный дивизион в Бердянске
Брошенный ВСУ гаубичный дивизион в Бердянске - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла жәабран 24 аахыс Украина абџьархыхразы, ДЖәР ЛЖәР рхақәиҭтәразы аоперациа ҷыда цоит. Гәҭакысгьы иҟоуп Донбасс ауааԥсыра рганахь ала ацәгьа зуз рыхәҭа рақәыршәара.
АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Аԥсны инхо аицџьынџьуаа Ркоординациатә еидгыла (КСОРС) иалоу ареспублика ауааԥсыра рыхәҭак Украина аибашьра аанкылазарц иҟарҵаз аҳәамҭа ахҳәаа арҭеит.
Адунеитә рыцҳара алмыршаразы аимак аанкылазарц ашәҟәы рнапы аҵарҩит 20-ҩык ажурналистцәа, азинхьчаҩцәа уҳәа назлоу.
"Ҳаҭыр зқәу ааԥхьара авторцәа, шәара шәҳәамҭа иашоуп, аха ихьшәоуп ҳәа иаҳшьоит. Ашьакаҭәара аанкылара аҭахын 2014 шықәса раахыс, Маидан аҿы аҭынч уааԥсыра анҭахаз", - ҳәа рҳәеит КСОРС аҿы.
Апацифисттә ааԥхьара иаҿагылоит Аԥсны иҟоу Владимир Путин идгыларатә штабгьы.
"Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда Аԥсны ақәыӡбара ахәҭаны иаҳшьом. Аԥсны ауааԥсыреи ҳџьынџьуааи зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит еиҳа рҽеидыркыларц Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аусқәеи НАТО аҿагылареи рызҵаарақәа рҿы. Иалҳаршом ихьыԥшым Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аиҵаҟьара", - ҳәа аҳәоит аиҿкаара аҳәамҭаҿ.
Ҳагба Донбасс ицо арратә операциа ҷыдазы: агеополитикатә ҭагылазаашьа зынӡа аҽаԥсахит - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Арадио
Ҳагба Донбасс ицо арратә операциа ҷыдазы: агеополитикатә ҭагылазаашьа зынӡа аҽаԥсахит
Ашәҟәы рнапы аҵарҩит ауаажәларратә еиҿкаарақәа: "Аԥсны аурыс уаԥшь", "Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатәи аказақцәа рыр", "Аԥсны аказақцәеи аибашьра иалахәыз аказақцәа-аветеранцәеи Реидгыла", Аԥсни, Урыстәылеи, ДЖәРИ, ЛЖәРи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы Афонд "Отечество", "Аԥсны инхо урыстәылатәи аџьынџьуаа аекономикатә цхыраара рыҭараз Ассоциациа, "Аԥснытәи аказақцәа руаԥшь", абаталион "Горец" Афонд.
Арратә операциа иалагазар, Украина иҭархоуп 125 ҳаирплан, 91вертолиот, 398 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 226 зенит-ракетатә комплекс, 1969 танки акәылӡымашьынеи, 214 реактивтә система, 852 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 1873 ак автомобилтә техника.
Ажәабжьқәа зегьы
0