Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны ауааԥсыра даҽа 17-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛечение пациентов с Covid-19 в больнице №2 Тамбова
Лечение пациентов с Covid-19 в больнице №2 Тамбова - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2022
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53 530-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 50 940-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 681-ы.
АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны ауааԥсыра COVID -19 азы атестқәа арҭеит 89-ҩык, урҭ рахьтә 17-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 23-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп ҩыџьа, ибжьаратәуп 20-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу хҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит ԥшьҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - аӡәы, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы ԥшьҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0