Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Леонид Хышба инысымҩа иазкны

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Леонид Хышба инысымҩа иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Леонид Хышба ихыҵит 70 шықәса. Арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, аопертә шәаҳәаҩы изанааҭ ала аконсерваториа дшалгазгьы аԥсуа телехәаԥшраҿы дикторс дышнанагз, актоирк иаҳасабала атеатр аҿы аусура дшалагаз атәы.
Аиҿцәажәара хацыркуа Хышба игәалаиршәеит Қарҭ иҵарашысқәа ртәы, иҳәеит Аԥсны опертә театрк ыҟазҭгьы, ихы ааирԥшыртә еиԥш алшара шиоуаз, акы саԥсошәа збон уи аганахьала, ҳәа азгәеиҭеит аиубилиар арадиоефир аҿы.
Леонид Хышба еиҭеиҳәеит дикторк иаҳасабала Аԥсуа телехәаԥшрахьы инеира шыҟалаз атәы.
"Изакуз еилыскаанӡа саҟәыҵит. Ицәгьан. Усҟан аппаратура ыҟаӡамызт, ишиашоу аефир ахь ҳрышьҭӡомызт, ианҵаны акәын. Кама Џьопуеи сареи ҳаԥсахы маҷханы ҳкаҳауан", - ҳәа урҭ аамҭақәа игәалаиршәоит Хышба.
Актиорк иаҳасабала атеатр ахь Леонид Хышба даннеиз аибашьра ашьҭахь ауп. Раԥхьаӡа акәны ароль наигӡеит "Гәараԥаа рписар" аҿы.
"Аусурҭатә ҭыԥқәа сыԥхсахуан, уааи ахьырҳәоз снеиуан. Аха џьаргьы хьымӡӷ сымгаӡеит ҳәа сыҟоуп", - ҳәа иҳәеит Хышба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0