Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

© screenshot/Apsua TV/Абхазское ТВУчения Минобороны Абхазии
Учения Минобороны Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2022
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Арратә мчрақәа аӡынраамҭаз рҵаратә ҽазыҟаҵара ауснагӡа инақәыршәаны.
АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Мшаԥы 21 нӡа имҩаԥыслоит Аԥсны акоманда-штабтә мобилизациатә ҽазыҟаҵарақәа ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Учения Минобороны Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра: ианаҭахха, ҳарбџьармчқәа ҳтәыла ахьчара рылшоит
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Арратә мчрақәа аӡынраамҭаз рҵаратә ҽазыҟаҵара ауснагӡа инақәыршәаны Гәдоуҭа араион арратә комиссариати 6-тәи арезервтә хысратә бригадеи алархәны.
Аҽазыҟаҵарақәа ирхықәкы хадоуп 6-тәи арезервтә хысратә бригада аиҿкаареи, арратә комиссариат азырхианы иазԥхьагәаҭоу араион ахь рнагареи, аҽыхьчареи аҽазыҟаҵареи амҩаԥгара.
"Арҭ аҽазыҟаҵарақәа арратә комиссариатқәа, арезерв хәҭақәа рыштабқәа амобилизациатә уснагӡатәқәа разырхиара иацхраауеит", - иҳәеит аҽазыҟаҵарақәа рнапхгаҩы, арезервхәҭа азыҟаҵаразы аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Лизберт Поцхор-оӷлы.
Аҽазыҟаҵарақәа раан афицарцәа аԥышәа роуеит ацҵа хәҭақәа рыдкылареи реихшареи рзы, аҭыԥ аҿы арезервхәҭақәа ркомандаҟаҵаҩцәа рыӡбрақәа рынагӡаразы.
Аҽазыҟаҵарақәа рхыркәшараан ахысрақәа мҩаԥгахоит еиныруа арҟәшақәа, артиллериатә, авиациатә мчрақәа рҽеидкыларала.
Ажәабжьқәа зегьы
0