Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Фазиль Искандер иаԥхьахә аиуразы аусумҭақәа рыдкылара иалагеит

© Sputnik / Анатолий Гаранин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФазиль Абдулович Искандер
Фазиль Абдулович Искандер - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2022
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа шьаҭаркын Урыстәылатәи ПЕН-центр абзоурала 2016 шықәсазы.
АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи аԥхьахә аиуразы аусумҭақәа рыдкылара иалагеит. Аусумҭақәа рыдыркылалоит лаҵара 30 аҟынӡа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ажиури ахантәаҩы Евгени Попов.
Иара иажәақәа рыла, сынтәа Искандер ихьӡ зху аԥхьахә атәыла ахада игрант аиуит. Попов игәаанагарала ари ҩаӡароуп, хәшьара ҳаракуп.
Писатель Фазиль Искандер отметил 80-летний юбилей в Доме Актера в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2022
Аԥсны
"Фазиль Аԥсназы дҭоурыхҩҩуп": Искандер диижьҭеи 93 шықәса ҵит
Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аиура алшоит абарҭ ахьыӡҳәақәа рҿы: "Апроза", "Апоезиа", "Акиносценарии адраматургиеи", "Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы апроза", "Аиҭага". Попов иазгәеиҭеит аԥхьахә ҭыԥқәа ирыԥсахо 100 - 100 нызықь мааҭ шроуа.
"Акритикцәа ирыҩуеит ари ицқьоу ԥхьахәуп ҳәа. Атекстқәа, ахаҭабзиара – ажиури алахәылацәа Фазиль иблала урҭ ирыхәаԥшуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ахьыӡҳәақәа зегь рҟны ашәҟәқәеи акьыԥхьымҭақәеи рыдыркылоит лаҵара 30 аҟынӡа. Асиа ду рашәара алагамҭаз ирылаҳәахоит, акьаҿ – цәыббра агәазы. Аԥхьахә анашьара иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥгахоит 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.
Ажиури асиа ду иаҵадыркуеит азыҳәа ҟаҵахаанӡа ҩышықәса раԥхьа иҭыҵыз ашәҟәқәеи арҿиамҭақәеи.
Аԥхьахә хықәкыс иамоуп урыстәылатәи ашәҟәыҩҩ, ПЕН-центр ахада ихаҭыԥуаҩ Фазиль Искандер игәалашәара анаӡаӡатәра.
Фазиль Искандер - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Аԥсны
Фазиль Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи апремиа ранаршьеит Москва
Фазиль Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәсазы, Аҟәа. 1954 шықәсазы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура".
Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь. Искандер иҩымҭақәа ирылхны иҭыхын абарҭ афильмқәа: "Воры в законе", "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным", "Маленький гигант большого секса". Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III II, IV аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002).
Ажәабжьқәа зегьы
0