Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сара сроль": Вальтер Ԥачлиа тҟәарчалтәи атеатр аҭоурых атәы

© Foto / из архива семьи Пачалиа Вальтер Пачалиа
Вальтер Пачалиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2022
Анапаҵаҩра
Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аҳәынҭқарратә ҳәа астатус аиуижьҭеи 30 шықәса ҵит. Аԥхьанатә ари атеатр аҿы актиорс аусура иалагаз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Вальтер Ԥачлиа иҭоурых Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭаҿы.
Сынтәа Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аҳәынҭқарратә ҳәа астатус аиуижьҭеи 30 шықәса ахыҵра азгәанаҭоит. Аханатә, ахаԥшьгаратә адраматә кружок ҳәа аусура иалагаз атеатр ииашахаҭан жәлар иртеатрны иҟалеит, уи аусура ахы акижьҭеигьы 67 шықәса ҵуеит.
Аԥхьанатә ари атеатр аҿы актиорс аусура иалагаз, атеатр ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы игылаз дыруаӡәкуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, 81 шықәса зхыҵуа, Очамчыра араион, Ԥақәашь ақыҭа еиуоу Вальтер Ԥачлиа.
"1955 шықәсазы, раԥхьа, Асҭамыр Цыба ахоргьы адраматә кружокгьы еиҿикааит. Сара ахоргьы салан, адраматә кружокгьы. Актәи амш инаркны убра сыҟоуп. Сара снеира шыҟалаз убас оуп, ашкол ахьгылаз (тҟәарчалтәи 5-тәи абжь.шк. - Е. Ҭ.) азааигәара адәқьан ыҟан. Саҳәшьа убрахь дцон, саргьы слыццеит. Саҳәшьа уахь дыҩналеит, сара аангыларҭаҿ саангылеит. Абра ахацәа цәажәон, саргьы ирҳәоз саҳауан: Асҭамыри Вианор Какобеи тәан, егьырҭ гылан, Ваниа Ҳаџьымба ишьамхы атетрад ықәҵаны дыҩуан. Асҭамыр иоуп иалацәажәоз: абра, ҳара аԥсацәа ирацәаҩны ҳанхоит, ақырҭцәа ҳхаԥеит зынӡа, зегь дара аҿуп иҳәеит, шәааи, абри ҳаалаганы аԥсуа драматә кружок еиҿаҳкаап, ахор еиҿаҳкаап иҳәеит. Нас, доусы аӡәаӡәала, уара заҟаҩ узаагода, уара иуԥшаауада ҳәа абас иалагеит. Сара аӡә даазгоит, сгәылацәа ирасҳәоит, Арда Харчлаа, сара хҩык аазгоит иҳәеит, убыс ишеибырҳәоз, абри Даҭикәа (Григолаиа. – Е. Ҭ.) убра иҟаз зегьы дреиҵбын. Абри иҿы исгәаӷьын, снеин, сара сҩыза даднакылару ари ишәҳәаз аҿы сҳәан, "Аӡәы са дсыԥшааит" иҳәеит Даҭикәа рыцҳа, убысҟан" - абас атеатр ахь ишьаҿа еихигеит усҟан 14 шықәса зхыҵуаз Вальтер Ԥачлиа.
© Foto / из архива семьи Пачалиа ҵаҟа армарахьтә арӷьарахь итәоуп: Арда Харчлаа, Заира Мқәабҧҳа, Шьалбеи Тыҩба, Шьоҭа Харчлаа, Ҷыҷыкәа Харчлаа, (анаҩстәи дигәалашәаӡом), Багаҭелиа. Аҩбатәи ариад, армарахьтә арӷьарахь : Харчлаа, Бабусиа Анҭиаҧҳа, анаҩстәи дигәалашәаӡом, Налиа Бигәааҧҳа, дигәалашәаӡом, Асҭамыр Цыба (адрамкружоки ахори рнапхгаҩы), Вальтер Ҧачлиа, Мушьни Адлеиба. Аханы игылақәоу: Вианор Какоба, анеҩстәиқәа ҩыџьа игәалашәаӡом, Шьоҭа Џьынџьал, дигәалашәаӡом, Сунер Џьынџьал, Гәлико Ҭачлиа.
Вальтер Пачалиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2022
ҵаҟа армарахьтә арӷьарахь итәоуп: Арда Харчлаа, Заира Мқәабҧҳа, Шьалбеи Тыҩба, Шьоҭа Харчлаа, Ҷыҷыкәа Харчлаа, (анаҩстәи дигәалашәаӡом), Багаҭелиа. Аҩбатәи ариад, армарахьтә арӷьарахь : Харчлаа, Бабусиа Анҭиаҧҳа, анаҩстәи дигәалашәаӡом, Налиа Бигәааҧҳа, дигәалашәаӡом, Асҭамыр Цыба (адрамкружоки ахори рнапхгаҩы), Вальтер Ҧачлиа, Мушьни Адлеиба. Аханы игылақәоу: Вианор Какоба, анеҩстәиқәа ҩыџьа игәалашәаӡом, Шьоҭа Џьынџьал, дигәалашәаӡом, Сунер Џьынџьал, Гәлико Ҭачлиа.
Убри нахысгьы Вальтери Даҭикәеи еиҩызцәа бзианы иҟалеит, еснагь еицын, амҩатә машәыр урҭ рыԥсҭазаара аанарҳәаанӡа. Атеатр раԥхьатәи ақәгылара инаркны ажәлар ирылаҵәеит, бзиа ирбеит, агострольқәа мҩаҧыргон Аԥсны араионқәа зегьы рҿы, иара убас уи анҭыҵгьы. Аха азыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы аџьабаа ду рбон, усҟан ақырҭцәа ҭыԥ рырҭомызт. Арепетициақәа ахьымҩаԥыргоз тҟәарчалтәи 5-тәи абжьаратә школ ахыбраҟны акәын, хәылбыҽхала. Аха уаҟагьы ҭыԥ рырымҭо ианалага, Тҟәарчал аргылаҩцәа рклуб ҳәа иҟан, убрахь ииасит, уаҟагьы уахынла асааҭ жәеиза-жәаҩа инаркны ашарԥазӡа хԥа-ԥшьбанӡа рҽазыҟарҵон. Нас ашьыжь егьырҭ русурақәа рахьгьы ицон. Раԥхьатәи рықәыргыламҭа Шәарах Ԥачалиа инапхгарала "Ажәытәра иагаз" захьӡыз Ӡаӡ Дарсалиа иҩымҭа акәхеит.
"Қарҭ ҳаҟан, аолимпиада ыҟан Жәлар ртеатрқәа злаз. Убасҟан ауп Жәлар ртеатр ҳәагьы ахьӡ анҳауз. Убраҟа актәи аҭыԥ ҳгеит. Ари 60-тәи ашықәсқәа рзы акәын. Шәарах Ԥачалиа ипиеса "Ачара ду" ықәҳаргылеит, сара Кәанаҭа ироль сыхәмаруан. Ҳамҩа ркуан ақырҭцәа, аха ҳара мчыла, ҳақәԥаны, абас иаҳгон" - еиҭаиҳәоит Вальтер Ԥачлиа.
Аха иара иусура ари атеатр аҟны иаанижьуеит 1973 шықәсазы. Усҟан иқәдыргылон "Аиҩызара ашәҭ" ҳәа хыс измаз Шәарах Ԥачалиа ипиеса. Атруппа агастрольқәа руак аҟынтәи ишаауаз (нанҳәамза 30, 1973ш.) амҩатә машәыр ӷәӷәа иақәшәеит. Убраҟа ираамҭанымкәа рыԥсҭазаара ҿахҵәеит ҩыџьа актиорцәа: Шура Ԥлиа-Ҳашбеи Даҭикәа Григолаиеи. Абжаҩык ҟәаҟәачаҟәан иаанхеит. Иара Вальтер ихаҭа иҩ-шьапык ԥҵәеит, акырџьара дҟәаҟәан. Убринахыс аусурагьы даҟәыҵит, данышьақәгыла ашьҭахьгьы иреиӷьеишьоз иҩыза ида атеатр аҿы ахәмарра ихы ахибаауа дҟалеит.
Иҩызцәа изныкымкәа иҟарҵахьаз аҳәарақәа рышьҭахь, 2010 шықәсазы, уажәшьҭа иҳәынҭқарратә театрны иҟалахьаз ахь дхынҳәуеит, имаҷымкәа ароль хадақәагьы наигӡеит. Иахьа аус иуеит Очамчыратәи Жәлар рыкәашаратә, рышәаҳәаратә ансамбль "Ерцахә" аҟны, ахкқәа наигӡоит.
2017 шықәсазы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ихырҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0