Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амузыкеи адоминои зыԥсҭазаара иацу: Беслан Ҵнариа 60 шықәса ихыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Цвинария
Беслан Цвинария - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2022
Анапаҵаҩра
Амшаԥныҳәа аҽны ииубилеи азгәеиҭеит Аԥсны адомино азы Афедерациа апрезидент, ԥыхьатәи Апарламент адепутат, ԥыхьатәи Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Беслан Ҵнариа.
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны адомино азы Афедерациа апрезидент Беслан Ҵнариа 60 шықәса ихыҵит.
Аиубилиар Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иазгәеиҭеит, иирамш Амшаԥныҳәа иахьақәшәаз инамаданы ишахиго.

"Амшаԥныҳәа раԥхьаӡа акәны сирамш иақәшәоит, уаанӡа ари аныҳәа ма заа иҟалон, мамзаргьы сирамш ашьҭахь иақәшәон. Сҩызцәеи сареи иҳаӡбеит иахьа иԥшьоу Амшаԥныҳәа азгәаҳҭарц, сиубилеи азгәаҭара нас еилҳаргап", - иҳәоит аиубилиар.

Беслан Ҵнариа иҳәеит 60 шықәса ихыҵра аҩны азгәаҭара игәы ишҭоу, изааигәоу ауаа рыгәҭа. Зегь раасҭа ихамышҭуа игәырӷьахәыз иирамшны иаликааит 50 шықәса ихыҵра, уи апарламент ахь депутатс даналырх мызк ашьҭахь акәын.
© Sputnik / Томас ТхайцукНа VII съезде Республиканской общественной организации «Аруаа»
На VII съезде Республиканской общественной организации «Аруаа» - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2022
Аиубилиар зегь раԥхьа идылныҳәалеит иԥшәмаԥҳәыс. Амш иалагӡаны Аԥсни уи анҭыҵынтәи иҩызцәа, иқәлацәа, иколлегоцәа ҭелла идырныҳәалоит. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахаҭәы аофициалтә саит аҟны аиҿкаара ахантәаҩы Џьемал Гәбаз иҟаиҵаз адныҳәалара ркьыԥхьит.

"Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсны адомино аҿиаразы шәара иҟашәҵо шәлагала. Ижәбо шәџьабааз ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Агәабзиареи, шәыгәҭакқәа рынагӡараз агәазыҳәареи, шәус аҟны ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи шәзеиӷьаҳшьоит", - ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.

Беслан Ҵнариа инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари аҩыза азҿлымҳара гәахәарыла ишидикылаз. Аҳамҭақәа ракәзар, иара иҳәеит урҭ рыда иирамш шымҩамсыз.
"Сара аҳамҭақәа среигәырӷьатә еиԥш аамҭа сҭысхьеиҭ, аха зегь дара роуп сгәы шьҭнахуеит. Иахьа исзааиз напҭарцәыла имааиӡеит", - ҳәа нациҵеит иара.
Беслан Ҵнариа иҳәеит, зегь реиҳа бзиа иибо иҳамҭақәа ишреиуоу 50-шықәса ихыҵраан Аԥсны адомино азы Афедерациа раԥхьатәи апрезидент Артур Габуниа ииҭаз ашәарыцагатә шәақь. Анаҩс иколлекциа хадырҭәааит иашьцәа.
Аԥсуа хәыҷы - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2022
Раԥхьатәи аирамш амҩаԥгашьа аԥсуа жәлар рытрадициатә культураҿы
Беслан Ҵнариа иԥсҭазаара аҟны аҭыԥ ҷыда аннакылоит адомино. Уи абзиабара икит данқәыԥшыз, аха занааҭҩаӡарала нап аликит 2000 шықәса анҵәамҭаз. Иара далахәын 2009 шықәсазы Панама имҩаԥысуаз адомино азы адунеи ачемпионат.
Адомино анаҩс Ҵнариа бзиа ибоит аӡынтәи аспорт хәмаррақәа, еиҳарак абиатлон. Ашәҩақәа рықәгылара рацәак ианиқәымҿиа нахыс, ателербагала аспортсменцәа рыхәаԥшра далагеит.
Беслан иқәра анмаҷыз атлетика лас иҽазыҟаиҵон, илҵшәақәагьы бзиан, иаԥхьаҟа уи аус ацҵараз дагьазхәыцхьан. Аха иҭаацәа иара изын рыгәҭакқәа хазын.
"Атлетика ласи амузыкеи руак алхра сықәшәеит. Сҭаацәа афортепиано ахәмарра иацысҵарц исыдырцалеит. Амузыка аилкаареи ахәмарреи ахаангьы иуԥырхагаӡам, иумыхәозар", - иҳәоит Ҵнариа.
Аиубилиар игәы иалан иазгәеиҭеит, уаанӡа аҩны афортепиано шимаз, аха уи иахьанӡа ишеиқәымхаз. Уажәы аккордеон имоуп уи аҟнгьы лассы- ласс дымхәмаруазаргь зны-зынла абжьы ааиргалоит.
Ҵнариа игәаанагарала, ауаҩы иԥсҭазаараҿ изааигәоу ауаа ргәы бзианы, иҭышәантәалан ианыҟоу, уи еиҳау насыԥ ыҟаӡам.
Беслан Ҵнариа диит мшаԥы 24, 1962 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҟны. Далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет. 2012-2017 шықәсқәа рзы Аԥсны Жәлар реизара депутатс дыҟан. 2017-2019 ш.ш. рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс.
Дҭаацәароуп, хҩык аԥацәа имоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0