Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Алхырҭатә ҭыԥ №8 аҟынтә акандидат иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭагалоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәа 8-тәи алхырҭа ҭыԥ хада аҟны аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит аҩбатәи атур аҿы акандидатцәа абжьқәа еиҟараны иахьроуз иахҟьаны.
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Адепутатрахь 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟынтә акандидат Џьансыхә Адлеиба иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭагалоуп ҳәа аанацҳауеит АКХ апресс-маҵзура.
Џьансыхә Адлеиба Аҟәа 8-тәи алхырҭа ҭыԥ хада аҟны кандидатс дықәгылоит. Аиҭалхра мҩаԥгахоит лаҵара 28 азы.
Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатраз акандидатурақәа ықәзыргыло аԥшьгамҭатә гәыԥқәа ашәҟәы иҭарыҩуа иалагеит мшаԥы 8 азы, ихыркәшахоит мшаԥы 28 азы.
Гәдоуҭатәи 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит лаҵара 14 азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0