Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анхарҭаз аҳәынҭпрограмма алахәхаразы зқьы рҟынӡа арзаҳалқәа нашьҭын

CC0 / / Ключи от квартиры
Ключи от квартиры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2022
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа реилазаара иадгалан 2021 шықәса абҵара 17 рзы Аԥсны ахада иусԥҟала ишьақәырӷәӷәаз аҳәынҭқарратә хықәкылатә программа "Анхарҭа-2022" 2021 шықәсазы аусураз аҳасабырба.
АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҳәынҭқарратә хықәкылатә программа "Анхарҭа-2022" алахәхаразы иазынашьҭын 959 рзаҳал, урҭ рҟынтәи 206 Аминистрцәа реилазаараҟынтә инеит 2019 шықәсазы иҳәеит аиҳабыра реилатәараҟны Адемографиатә политикеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Руслан Аџьба.

Иара иажәақәа рыла, 2021 шықәсазы 83 арзаҳал ҭҵаан, 50-ҩык апрограмма алахәыла истатус роуит. Дара ирзырхан 39 миллион мааҭ, аха иныху 27 миллиони 800 нызқь мааҭи роуп, зегьы анхарҭақәа ахьырзымԥшааз азы.

32-ҩык мап рыцәкын, даҽа арзаҳалк иахәаԥшуеит.
Аџьба иажәақәа рыла, 2022 шықәсазы апрограмма 40 миллион азоужьуп, аха иара даҽа 12 миллион даҳәеит 2021 шықәсазы анхарҭақәа змауз рзы.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит апрограмма шхәарҭоу, убри аан иазгәеиҭеит агәынамӡарақәа шыҟоу.
Заседание межведомственной исполнительно-распорядительной комиссии по государственной целевой программе Жилище-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2021
Аԥсны
Иалкаауп аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа-2022" адгыларала анхарҭа ҭыԥқәа зауа
"Аҳәара-ачарала, уала-ҭахыла, ҵарҭышала аӡбара азин ҟалом. Иаартны, ииашаны иахаҵгылатәуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Апрограмма иахықәкуп социалла ихьчам ауаа ацхыраара рыҭара.
Апрограмма инақәыршәаны анхарҭа роур ҟалоит социалла ихьчам атәылауаа, урҭ рахь иаҵанакуеит:
Актәи агәыԥ ахымхәацәа, 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәызгьы;
Аибашьраан иҭахаз ма хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа;
Хҩыки инареиҳани ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа;
Аинвалид ма ихәыҷаахыс зхы иамыхәо ахәыҷы знапы дану аҭаацәа;
Зҭаацәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ма хабарда ибжьаӡыз рхәыҷқәа.
Аҳәынҭқарратә хықәкытә программа "Анхарҭа 2021-2022" Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы ирыдыркылеит 2021 шықәса жьҭаара 28 рзы. Апрограмма еиҿкаауп уаанӡа иаԥҵаз ҩ-программак реилаҵарала.
Здание парламента РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2020
Анхарҭа, аусурҭа, амедицинатә цхыраара: адемографиатә закәан апроект иахәаԥшит
Ажәабжьқәа зегьы
0