Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Еилкаахеит Кәтол имҩаԥысыз аҽыхәмаррақәа рлыҵшәақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Конноспортивные соревнования между тремя районами Абхазии в Кутоле
Конноспортивные соревнования между тремя районами Абхазии в Кутоле - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2022
Анапаҵаҩра
Ааԥынреи аџьеи рымш иазкны лаҵара 1 азы Кәтол ақыҭан имҩаԥысит "Аҽырҩра аамҭа аартра" захьӡыз аицлабра.
АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. Еилкаахеит аспорт-ҽыхәмаррақәа ирызкны Кәтол имҩаԥгаз аицлабрақәа реихшьаала, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәнҭеилакы.
Аицлабра хацаркын аспорт азҟазацәа аишьцәа Алхаси Гарики Палаванӡиаа ргәаларшәара аҳаҭыраз еиҿкааз, ҽыла аҵәыргыла ахыԥара дырбарала.
© Sputnik / Томас Тхайцук Кәтол имҩаԥысит аҽыхәмаррақәа реицлабра
Конноспортивные соревнования между тремя районами Абхазии в Кутоле - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2022
Кәтол имҩаԥысит аҽыхәмаррақәа реицлабра
Акомандақәа Кәтоли Уарчеи рыбжьара аҵәеигәыдҵаҿы аиааира ргеит аԥшәмацәа 12:10 ҳәа.
Ҽыла ампыл асраҿы арҭ аҩкомандак рыбжьара аиааира ргеит Уарчаа. Дара аишьцәа Палаванӡиаа рыхьӡ зху еиҭаҵуа ахраҿа ранаршьеит аҿари аспорти рзы Аҳәнҭеилакы, иара убасгьы ирыҭан Очамчыра араион ахадара аҟынтәи аԥаратә ҳамҭа.
Аиндаҭлараҿы аӡбаҩс дыҟан аҽыспорт азҟаза Мазлоу Џьалоӷониа. Аӡбаҩ хадаси аицлабра зегьы аиҿкааҩыси далхын Џьон Табагәуа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иҭахаз ргәалашәараз 2000 метра аҽқәа реиԥхныҩлараҿы актәи аҭыԥ агеит Џьон Табагәуа иҽыҩ "Наварро", иара Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс ахантәаҩы Мусса Екзакь иҟынтә аҳамҭа ианаршьеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Кәтол имҩаԥысит аҽыхәмаррақәа реицлабра
Конноспортивные соревнования между тремя районами Абхазии в Кутоле - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2022
Кәтол имҩаԥысит аҽыхәмаррақәа реицлабра
Д. Ачба игәалашәараз 1800 метра иҩуаз рыбжьара актәи аҭыԥ иаԥсахеит Алан Табагәуа иҽы "Рыжик", иара ианашьан Очамчыра араион ахадара аҟынтәи аҳамҭа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-193 шықәсқәа раан иҭахаз ргәалашәараз 1400 метра иҩуаз аҽқәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанакылеит "Гордый", Ҭемыр Ахба иҽыҩ. Аҳамҭагь арҭеит аилахәыра А-Мобайл адиректор хада Борис Барцыц иҟынтәи.
Аҽырхәмаррақәа рҿы зҽалызкааз ахраҿақәеи, амедалқәеи арҽхәатә бӷьыцқәеи рырҭеит Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәнҭеилакы.
Ажәабжьқәа зегьы
0