Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Гагра иҟалаз абылра, Захарова лыҿцәажәарақәа, аминистр иҭакра

© Sputnik / Томас Тхайцук Погорельцы с улицы Демерджиева город Гагра
Погорельцы с улицы  Демерджиева  город Гагра - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит есымчыбжьатәи ахҳәаа мшаԥы 25 инаркны лаҵара 1 аҟынӡа иналукааша ахҭысқәа реизга.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны Апарламент аҟны иаԥҵан аилакқәа иалхын урҭ рхантәаҩцәа, Аминистрцәа реилазаара аҟны имҩапысит аилатәара, Гаргра араион аҟны абылра ӷәӷәа ҟалеит, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиа - центр аҟны ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟалҵеит Мариа Захарова.
Асмаҭ Ҵәџьԥҳа, Sputnik

Анхараз ишәарҭаз аҩны

Гагра ақалақь аҟны Демерџь-иԥа имҩаду ала ауадарацәа змаз аҩны амца шакыз азы Аԥсны АҶА ашҟа адырра ҟалеит аҩаша мшаԥы 26 асааҭ 12:35 рзы.
Ауадарацәа аҭаны абарак ҟазшьа змаз аҩны ргылан 1930-тәи ашықәсқәа рзы, уаҟа инхон 20-ҩык инреиҳаны. Аҩны Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Ареспубликатә реабилитациатә центр абаланс аҿы иарбоуп. Шықәсқәак раԥхьа аҩны анхарҭазы ишәарҭаны ишьақәырӷәӷәан.
Зынхарҭа блыз хә-ҭаацәарак Гагра асасааирҭақәа руак иҩнарҵеит, даҽа ҭаацәарак ареспубликатә агәабзиарашьақәыргыларатә центр аҟны иҟоуп. Рынхарҭеи рыкрыфареи араион ахадара рхахьы иргеит. Иаанхаз аҭаацәарақәа аамҭала рҭынхацәа иргеит.

Ирбаандаҩу аминистр

Уаанӡа Аԥсны акультура аминистрс иҟаз Гәдиса Агрба имаҵзуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны аԥара иӷьычит ҳәа гәҩарас ирымоу аӡбарҭа аӡбрала дырбаандаҩуп.
Гәдиса Агрба Акультура аминистрс дыҟан 2020 шықәса рашәара инаркны 2022 шықәса жәабранмзанӡа.
Сухумский суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Аԥсны
Уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба дырбаандаҩуп
Заанаҵтәи аусҭҵаара адыррақәа рыла, ацәгьоураан ацхыраара зуыз Надир Џьинал ирбаандаҩра мап ацәкын, ира аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп.

Апарламент жәабжьқәа

Аԥсны Жәлар Реизара абжьбатәи ааԥхьара адепутатцәа рилатәараҿы Апарламенттә еилакқәа реилазаара шьақәдырӷәӷәеит, иалхын урҭ рхантәаҩцәагьы.
Зынӡа иаԥҵоуп аилакқәа жәба:
Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы Аилак ахантәаҩыс - Дауҭ Хәтаба.
Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Аилак ахантәаҩы - Беслан Ҳалуашь.
Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы Аилак ахантәаҩы - Резо Занҭариа.
Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак ахантәаҩы - Ҭемыр Шергелиа.
Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәеи рзы Аилак ахантәаҩы - Рашида Аииԥҳа.
Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, адини, АИХқәеи рзы Аилак ахантәаҩы - Инар Саӡба.
Акультуреи, аҿари, аспорти русқәа рзы Аилак ахантәаҩы - Венори Бебиа.
Жәларбжьаратәи апарламенттә еимадарақәеи аицџьынџьуаа реимадарақәеи рзы Аилак ахантәаҩы - Алхас Барцыц .
Аграртә политикеи, аԥсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак ахантәаҩы - Ҭемыр Беиа.

Аминистрцәа реилазаара аилатәара

Мшаԥы 28 азы имҩаԥысыз Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы ирыдыркылеит аусбарҭабжьаратә хықәкытә программа "Адемографиа аҿиара" 2021 шықәсазтәи аусураз аҳасабырба.
Адемографиатә политикеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Руслан Аџьба иҳәеит адемографиатә программа абиуџьет 50 миллион мааҭ шазԥхьагәаҭаз, 2021 шықәсазы ишазоужьыз 42 миллион.
Аусбарҭабжьаратә хықәкытә программа "Адемографиа аҿиара" иазԥхьагәанаҭоит 100-100 нызқьмааҭ ахԥатәи ахәыҷи уи ишьҭанеиуеи зауз аҭаацәарақәа рызшәара. Апрограммаз аҭакԥхықәра рыдуп иҷыдоу акомиссиа.
Заседание в Кабмине  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2022
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара 2022 шықәсазы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥаразоужьра аԥсахит

Захарова лҭакқәа

Урыстәыла ААР ахаҭарнак ҷыда Мариа Захаровеи аԥснытәи АИХқәа рхаҭарнакцәеи реиҿцәажәара авидеоконференциа мҩаԥысит Аԥсны ААР амедиацентр аҿы мшаԥы 29 азы.
Аԥсны Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Инал Арӡынба аконференциа анааирт ашьҭахь ажәа риҭеит аԥсуа журналистцәа. Апресс-конференциа мҩаԥысуан сааҭбжак аҟынӡа, ажурналистцәа ирыман алшара ирҭахыз азҵаара лыҭара.
Мариа Захарова илҳәеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа адинамикатә ҟазшьа рыманы имҩаԥысуеит, уажәы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра активла урҭ раларҵәара иаҿуп ҳәа.
Захарова иазгәалҭеит Аԥсны ишамоу алшара атәыла апозитивтә хыԥша аиҿкаара – аҭоурых, акультура, аԥсабара, атуризм рылшарала.
Телеканал RT DE  на немецком начинает вещание - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2022
Аполитика, асуверенитет, ахәыҷра: Захарова аԥснытәи АИХқәа лыҿцәажәеит
Мариа Захарова илҳәеит Аԥсны "илызҳаит" ҳәа шылԥхьаӡо, избанзар лҭаацәа лассы-лассы арахь ԥсшьара иаалон.

Амаинерқәа рыԥшаара

Акриптовалиута арҳаразы амаининг-ферма ду аарԥшын Тҟәарчал араион Бедиа ақыҭан Аԥсны ААР аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа рыцхыраарала.
Афермаҿ иқәгылан 320 аппарат, зеиԥш мчхарала 400 киловатт.
Аԥсны ААР адыррақәа рыла ахыбра ҩыџьа аԥшәмацәа аман - Кахабер Харчлааи Зураб Ҭодуеи. Дара рганахьала административтә материал азырхиан закәаншьаҭада афымцамч ахархәаразы.
Поклонники, используемые для охлаждения биткойн-майнеров, подключаются к майнерам во время строительства биткойн-центра обработки данных в Вирджиния-Бич - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2022
Аԥсны
Амаининг-ферма ду аарԥшын Тҟәарчал араион аҿы
Ашьаусԥшаара-оперативтә усмҩаԥгатәқәа заанаҵтәи адыррақәа рыла, аԥшьаша мшаԥымза 28, асааҭ 23:30 рзыТамшь ақыҭан 48 шықәса зхыҵуаз Вальтер Шаматаа даҽаӡәы дицны, идырым абџьар рыманы амаининг-хархәагақәа рӷьычразы Ҭенгиз Рацба иҩны иақәлеит, аҿагылара анроу ицәеижь ааха ӷәӷәа арҭо иалагеит.
Иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны изыцәнымхоз ахәрақәа роуит ақәылаҩ Шаматааи, иара убас Ҭенгиз Рацба иашьа гәакьа - Ҭамази.

Акультуратә жәабжьқәа

Ииасыз амчыбжь азы еилкаахеит Амузыкатә гәыԥ "Alai Oli" иҭнажьит альбом ҿыц "Последний из ушедших" ("Ацынҵәарах" - аред.), уи ахьӡ арҭеит аԥсуа шәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба иҭоурыхтә роман "Ацынҵәарах" иахыншьаланы.
Группа ALAI OLI - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2022
Агәыԥ "Alai Oli" Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" ахьӡ захьӡу альбом ҭнажьит
Аԥсуа радио 90 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Аԥсны ацәыргақәҵатә зал хадаҟны мшаԥымза 28 рзы. Уи еиднакылеит 50 рҟынӡа аҭоурыхтә фотосахьақәеи, адокументқәеи, иҷыдоу аекспонатқәеи.
Мшаԥы 29 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажурналистикаҿ рылшамҭақәеи амилаҭтә радио аҿиара аҟны рлагалеи азы "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ҳаракы рхыиҵеит Аԥсуа радио аусзуҩцәа Мадина Ҳагԥҳа, Оксана Ҭраԥшьԥҳа, Кама Адлеиԥҳа. Иара убас, шықәсырацәала лҵшәбзиалатәи русуреи амилаҭтә радио аҿиара аҟны рлагалеи азы "Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ" ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп Руфина Анқәабԥҳа, Мурман Аҳәба, Елена Бычкова, Реваз Ломиа.
Аԥсуа радио 90 шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2022
Аԥсны
"Ицәажәоит Аҟәа": Аԥсуа радио 90 шықәса ахыҵит
Ажәабжьқәа зегьы
0