Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Белоруссиа аҭакҟаҵаратә мчрақәа иаалырҟьан ргәаҭарақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Виктор Толочко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСовместные военные учения России и Белоруссии
Совместные военные учения России и Белоруссии - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2022
Анапаҵаҩра
Агәаҭара хықәкыс иамоуп иҟалар зылшо акризистә ҭагылазаашьақәа раан арратә еилазаара ахьынӡахиоу аилкаареи урҭ рылшарақәа ахәшьара рыҭареи.
АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Белоруссиа Арбџьармчқәа рҿы аҭакҟаҵаратә мчрақәа иаалырҟьан ргәаҭарақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Telegram-канал аҿы ареспублика Атәылахьчара аминистрра.

"Арратә хәҭақәеи аҟәшақәеи рыхиара, иарбоу араионқәа рахь амаршқәа рымҩаԥгара, аҵара-ҽазыҟаҵаратә усқәа рынагӡара рызҵаарақәа аус адырулоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭаҿ ишазгәарҭаз ала, агәаҭара иахықәкуп иҟалар зылшо акризистә ҭагылазаашьақәа раан арратә еилазаара ахьынӡахиоу аилкаареи урҭ рылшарақәа ахәшьара рыҭареи.
Арратә ҟәшақәа ирзымдыруа аҭыԥқәеи лассы-лассы зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьеи рҟны руснагӡатәқәа мҩаԥыргалоит.
Агәаҭарақәа ирылахәу амчқәа еиҳа-еиҳа ирыцырҵалоит. Ари иалнаршоит адгьыли аҳауеи рҿы ашәарҭарақәа рҿагылара азыхиазаара.
Командно-штабные учения Кавказ-2020 - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи "Ониксқәа" Одесса иахьаҵанакуа аџьаԥҳаныҵәахырҭақәа ааха рырҭеит
Уи адагьы агәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп архәҭақәа руснагӡатәқәа рынагӡараан аҭагылазаашьа маншәалақәа рзаԥызҵараны иҟоу асистемақәа русушьа ахәшьара аҭара. Иаалырҟьан агәаҭара амҩаԥгара еиҳа хра зманы иҟоу ҵаратә формоуп рҳәеит аусбарҭаҿы.
Уа инаҵшьны иазгәарҭеит агәаҭара-ҽазыҟаҵарақәа европатәи аилазаара рзы шәарҭара шрыҵам, ҷыдала агәыла ҳәынҭқаррақәа рзы.
Аусбарҭа иара убасгьы агәҽанҵара ҟанаҵеит арратә техника рацәа анеиҭаҵ-ааиҭаҵра азеиԥшхархәаратә мҩақәа рҿы аныҟәара дыруадаҩыр шауа.
Ажәабжьқәа зегьы
0