Приднестровие атеракт аԥырҟәҟәаауп

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения МЧС России по ликвидации чрезвычайных ситуаций
Учения МЧС России по ликвидации чрезвычайных ситуаций - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2022
Анапаҵаҩра
Аҭыԥ аҿы аус зуаз аҟазауаа ринформациала, арҭҟәацга зыцраҳәаз адрон Украина аганахьынтә иаашьҭын.
АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Приднестровие аиланхарҭа Алашарбага араион аҿы адрон ацхыраарала иазԥхьагәаҭаз атеракт аԥырҟәҟәаауп ҳәа аанацҳауеит Приднестровие-Молдавиатәи Ареспублика Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусбарҭаҿ ирҳәеит ииасыз амчыбжь азы иҟаз ахҭысқәа рышьҭахь Алашарбагатә телерадиоцентр хылаԥшра ӷәӷәа аҭан ҳәа. Аԥырҩы дызҭам ахархәага гәаҭан уахынла, аҵакыра иахылаԥшуаз аҳәаахьчаҩцәа иара карыжьит.

"Адрон агәҭаӡа метраки бжаки иҟоуп. 20 кьыла рҟынӡа иҟоу аидара шьҭнахуеит, иара мҩаԥызго аоператор иҟынтә 30 километра рҟынӡа ахархәара алшоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Приднестровие-Молдавиатәи Ареспублика Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ирҳәеит, ахархәага ишацраҳәаз хә-литрак зкуа аканистра еилыргам акаҳуаԥшшәыла ӡшьар ҭаны. Иара убасгьы иацраҳәан 2 кьылак апластид зҭаз апластиклых бокс. Арҭҟәацга иаҵан арадиошьақәгыла иадҳәалаз адетонаторқәа. Дара харантәила иԥжәазар ҟалон.
"Ҳәарада, ацәгьоуцәа диверсиан гәҭакыс ирымаз. Ирҭахын арадиотелецентр атрансформатор архьшәашәагатә механизмқәа ахьгылоу аказармахь анеира. Рыгәҭакы наӡазҭгьы ПРТЦ аусура шьақәҟьон", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Приднестровие аҵыхәтәантәи ҩымш рыҩнуҵҟа аҳҭнықалақь Тирасполь аҿы Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара аминистрра ахыбреи аиланхарҭа Алашарбага арадиотелецентри рҿы аԥжәарақәа ҟалеит.
Мшаԥы 26 рзы атеррористтә шәарҭара "аҟаԥшь" ҩаӡара ҳарак шьақәдыргылеит Приднестровие-Молдавиатәи Ареспубликаҿы 15 мшы ҿҳәарас иаҭаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0