https://sputnik-abkhazia.info/20220505/kamanti-abery-any-itsyrgaakhoit-anykhachaei-asakhaei-1038976576.html
Камантәи аберҭыԥ аҟны аныхачаԥеи асахьақәеи цәыргақәҵахоит
Камантәи аберҭыԥ аҟны аныхачаԥеи асахьақәеи цәыргақәҵахоит
Sputnik Аҧсны
50 експонат инреиҳаны, зеиԥш маҷу аныхачаԥақәеи афотосахьақәеи ирныԥшуеит Аԥсни Урыстәылеи ҭоурыхлеи доуҳалеи реимадарақәа ртәы. 05.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-05T18:34+0300
2022-05-05T18:34+0300
2022-05-05T18:46+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101859/24/1018592440_0:246:4928:3018_1920x0_80_0_0_14dac6cd2f9fd4e122e442abe804ebd1.jpg
АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхелиаԥҳа. Ақьырсианра аазырԥшуа зеиԥш маҷу аныхачаԥақәеи афотосахьақәеи рцәыргақәҵа мҩаԥгахоит Камантәи аберҭыԥ аҟны лаҵара 8 азы, абри атәы Sputnik акорреспонтент илзеиҭеиҳәеит Иоанн Ахьҿы Камантәи иберҭыԥ анцәаимҵаныҳәаҩ аиеромонах Игнати Киут.Аберҭыԥ аҭыӡқәа рыҟны ицәыргахоит 50 инеиҳаны аусумҭақәа. Уаҟа иҟалоит аҳцәа рхылҵшьҭрақәа иреиуоу Чачба-Шерфашиӡеқәа рфотосахьақәа, иара убас зеиԥш маҷу аныхачаԥақәа. Игнати Киут иазгәеиҭеит, ацәыргақәҵа дшаҭаауа Новоспасстәи аберҭыԥ арегент, уи инаигӡоит аԥсышәала "Ауардын" ашәа.Ацәыргақәҵа аартхоит лаҵара 8, асааҭ 12:00 азы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101859/24/1018592440_288:0:4640:3264_1920x0_80_0_0_9b8a87d69471b9c9456d020f1b047965.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Камантәи аберҭыԥ аҟны аныхачаԥеи асахьақәеи цәыргақәҵахоит
18:34 05.05.2022 (ирҿыцуп: 18:46 05.05.2022) 50 експонат инреиҳаны, зеиԥш маҷу аныхачаԥақәеи афотосахьақәеи ирныԥшуеит Аԥсни Урыстәылеи ҭоурыхлеи доуҳалеи реимадарақәа ртәы.
АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхелиаԥҳа. Ақьырсианра аазырԥшуа зеиԥш маҷу аныхачаԥақәеи афотосахьақәеи рцәыргақәҵа мҩаԥгахоит Камантәи аберҭыԥ аҟны лаҵара 8 азы, абри атәы Sputnik акорреспонтент илзеиҭеиҳәеит Иоанн Ахьҿы Камантәи иберҭыԥ анцәаимҵаныҳәаҩ аиеромонах Игнати Киут.
"Ҳара ари ацәыргақәҵа зыҟаҳҵо Аԥсни Урыстәылеи ауаажәларра ирдыррыц ҳажәларқәа ҭоурыхлеи доуҳалеи аимадара шрыбжьоу", - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Игнати Киут
Аберҭыԥ аҭыӡқәа рыҟны ицәыргахоит 50 инеиҳаны аусумҭақәа. Уаҟа иҟалоит аҳцәа рхылҵшьҭрақәа иреиуоу Чачба-Шерфашиӡеқәа рфотосахьақәа, иара убас зеиԥш маҷу аныхачаԥақәа.
Игнати Киут иазгәеиҭеит, ацәыргақәҵа дшаҭаауа Новоспасстәи аберҭыԥ арегент, уи инаигӡоит аԥсышәала "Ауардын" ашәа.
Ацәыргақәҵа аартхоит лаҵара 8, асааҭ 12:00 азы.