Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа инеит атәыла ахада иалхрақәа рхылаԥшразы

© Sputnik / © Sputnik / Михаил МокрушинВыборы в Южной Осетии
Выборы в Южной Осетии - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2022
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ахылаԥшразы инеит Урыстәыла, ДЖәР, ЛЖәР, Аԥсны рынаԥшыҩцәа.
АҞӘА, лаҵара - Sputnik. Аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа инеит жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала ахада иалхрақәа рхылаԥшразы.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аҽазыҟаҵареи амҩаԥшареи ирхлыаԥшлоит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Венори Бебиа, Беслан Емырхәба, Алмас Акаба.
Алхрақәа ҟалоит амҽыша лаҵара 8 рзы. Атәыла ахадарахьы иқәгылоуп ҩыџьа акандидатцәа - Аахыҵ Уаԥстәыла иахьатәи ахада Анатоли Бибилови апартиа "Ныхас" ахантәаҩы Алан Гаглоеви.
Актәи атур мҩаԥысит мшаԥы 10 рзы. Усҟан аԥсуа делегациа наԥшыҩцәас иалахәын Апарламент VI ааԥхьара адепутатцәа.
Аахыҵ Уаԥстәыла алхыҩцәа 32 нызқьҩык ҭаҩуп. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартуп Москва, Аҟәа, Владикавказ.
Ажәабжьқәа зегьы
0