Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Зеленски хаҭала Змеиныи ажәлараз адҵа ҟаиҵеит

CC BY-SA 4.0 / Фотонак / Остров Змеиный в Черном море
Остров Змеиный в Черном море - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аруаа лаҵара 7 рзы изныкымкәа адгьылбжьаха ампыҵахаларазы аҽазышәарақәа аԥдырҟәҟәааит. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррала УАМ аҳаирпланқәеи авертолиотқәеи 14, аԥырҩырыҩ дызҭам ахархәагақәа 30 карыжьит, иҭадырхеит 50-ҩык украинатәи аруаа.
АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Змеиныи ажәлара британиатәи абжьгаҩцәа иридеиоуп, адҵа ҷыдала иҟазҵаз Украина ахада Владимир Зеленски ихаҭа иоуп, Аштаб хада уи ишадымгылозгьы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости урыстәылатәи амчратә усбарҭақәа руак аҟынтәи ахыҵхырҭа адыррақәа рыла.

"Аҟәышра згыз ажәылараз адҵа ҟазҵаз хаҭала Зеленски иоуп. Иара иҭахын лаҵара 9 рзы "амедиатә" лҵшәақәа роура. Уажәазы ишьақәырӷәӷәоу аинформациала, Валери Залужныии Аштаб хадеи ари аоперациа амҩаԥгара иаҿагылон. Аоперациа аидеиа Зеленски иҵарҳәеит британиатәи иабжьгаҩцәа", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҿы.

Ахыҵхырҭатә дыррала аоперациа ашьҭахь иазԥхьагәаҭан Зеленскии Британиа аԥыза-министри еицыҟарҵараны иҟаз аҳәамҭа.
"Акциа анҵәамҭазы Зеленскии Британиа аԥыза-министр Џьонсони реицҳәамҭа. Аха иқәгылаз Џьонсон имацара иоуп. Убри аан иара Змеиныи ажәлара атәы ҳәа ажәакгьы имҳәеит", - ҳәа иҳәеит ахыҵхырҭа.
Остров Змеиный - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Адгьылбжьаха Змеиныи ампыҵахалараз аҽазышәарақәа раан украинатәи ар ацәыӡқәа аиуит
Киев авантиура Украиназ ирыцҳарахеит ҳәа иҳәеит аҩашазтәи абрифинг аҿы Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков. Атехника ацәыӡра адагьы ари ихшыҩдаз апиар-акциа иахҟьаны иҭахеит 50 украинатәи аибашьцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0