Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
Ҭырқәтәыла инхоз ҳџьынџьуаҩ ашәҟәыҩҩы Омар Беигәаа ҳшизыҟаз еиԥш, Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәбагьы убас ҳаизыҟоуп. Сара хаҭала дыздыруан ари ауаҩ ду. Аԥсны саныҟаз снапы кны абык еиԥш дсыцын, акыр сирныҟәеит. Раԥхьа иара Ҭырқәтәыла данааиз ауп данызба. Нас Аԥсныҟа саннеи ҳазхара ҳаицәажәеит, ҳагәҭыхақәа еибаҳҳәеит. Убарҭқәа зегьы зҩырц сгәы иҭоуп, лҳәеит Маҳинур аԥхьаҟатәи лыгәҭакқәа ҳацеҩшо.
Маҳинур Папааԥҳа илгәалалыршәоит аибашьра ашьҭахь Баграт Шьынқәбеи лареи реиқәшәара атәы.
"Аибашьра ашьҭахь убриаҟара ҳгәы каҳаны иҟан, Аԥсны ҳахьнеилак зегьы аиқәаҵәақәа ршәын, аҩнқәа зегьы еилаԥыххаа иҟан. "Ажәлар шәара шаҟа бзиа шәырбо, ҳанацәа цасҳәа ашәы ршәырымҵар ҟамлаӡои?, ҳәа иасҳәеит Баграт. "Мап, ус ҟалашьа амаӡам, зегьы аамҭак-аамҭак рымоуп", ҳәа сеиҳәеит. Саргьы исҳәаз сымҳәандаз аасгәахәит. Ишәымбои, шаҟа шықәса цаз, ииҳәаз шԥаиашоу ҳәа сазхәыцуеит уажәы. Анцәа иџьшьаны, Аԥсны уахьынаԥшааԥшуа зегьы улаԥш хыркуеит, уеигәырӷьаратәы иҟоуп. Сара раԥхьаӡа аԥсышәала сзыԥхьаз иара ишәҟәқәа роуп. Омар Беигәаа иҟны аԥсуа анбан анысҵа ашьҭахь, шәҟәқәак ауаара ҳәа имысхит. Исиҭазгьы еиҳарак Баграт Шьынқәба ишәҟәқәа роуп. Даара бзиа избоит иара ирҿиамҭақәа. Иажәеинраалақәа ҿырҳәала исҵон. Исгәалашәоит Ҵәаҵәа изку цәаҳәақәак:
"Дыҟан аӡәы ихьӡын Ҵәаҵәа, даара ижәпан Ҵәаҵәа игәаҵәа
Аҟармаҵыс абжьы карҵәа, ашәа шаҳәоз иаҳаит Ҵәаҵәа…"
Уажәы смоҭацәа ирцәыуадаҩуп аҳәара, аха ирҵарц иаҿуп. Маҳинури сареи ҳаиҿцәажәараҟны иазгәалҭеит Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" акыр дшыхнахыз, ҷыдала дазааҭгылеит аҩымҭаҿы иарбоу ахҭысқәа рыхҳәаа.
"Сгәаҿы инеиз ҩымҭоуп ароман "Ацынҵәарах". Ари ароман раԥхьаӡа еиҭазгаз соуп. Ашәҟәы анҭыҵ, Руслан Гәажәба исзааишьҭит, нас саргьы аус адуланы еиҭазгеит. Акьыԥхь амбаӡац, усҟан карандашьла изҩит. Иҩны ишсымаз аумақәа ахысит, сыԥшәма иусбарҭахь игеит икьыԥхьырц, ареволиуциа аныҟала адернеқьқәа хырҩеит, стетрадқәагьы ыӡит, иаргьы ҩымш хымш дҭаркит. Стетрадқәа мыӡындаз ҳәа даара хьаас искит. Ҩымш сҵәыуон. Нас, Анцәа иџьшьоуп стетрадқәагьы дырхынҳәит. Ашьҭахь, Ниҳаҭ Бырзеқь ҳәа иҟаз исыҭ искьыԥхьуеит аниҳәа, исҭеит. Анаҩс, иаргьы Ҭырқәтәыла ааныжьны Иорданиа дымцар амуит, ус аҭагылазаашьа дақәшәеит. Абас еиҭабжьаӡит стетрадқәа. 25 шықәса снапаҟны иҟаӡамызт. Ашьҭахь, иара изиҭахьаз рҟынтә иԥшаан, ирымхны исзааигеит. Гәҭыхас исымоуп, иҭҳажьырц сҭахуп, акьыԥхь иазырхиоуп. Баграт Шьынқәба ароман "Ацынҵәарах" убас еиԥш аиҭагара илшеит, иара ихаҭа абра дааны ибазшәаҵәҟьа, ахҭыс ихаҭа далагылазшәаҵәҟьа. Ашәҟәы ианиҵаз зегьы сыла аԥхьа иаауан, ахҭысқәа зегьы сыргәылаԥшуан", — ҳәа азгәалҭоит Папааԥҳа.
Маҳинур илгәалалыршәоит ароман аҿы иарбоу Селим ԥашьа икәасқьа аӡбахәгьы.
"Ҩыџьа аеҳәшьцәа Селим ԥашьа иман, Измиҭ ҳаниасуаз абри акәасқьа иароума ҳәа сгәы иаанагон, избанзар ииҳәақәоз зегьы сыла аԥхьа иаауан. Амшын агантә иааны, уахьынтә ииасны акәасқьахь инеиуазма ҳәа сазхәыцуан. Избанзар, аганқәа зегьы убриаҟара ииашаны еиҭаганы иҟан. Аамҭак соуны акәасқьаҟны снеины аҭыхра сзалмыршац. Аха аӡбахә салацәажәалон аинтернт ҳа аҟны. Нас изаҳаз ҷкәынак дцан афотосахьақәа ҭихит. Ииашаҵәҟьаны убри акәасқьа Селим-ԥашьа итәызаап. Уи саналацәажәа, сҩыза убых ԥхәыск, Ҭефиқь Есенџь дизыҟоуп, ус лҳәеит: "Саргьы даараӡа иџьасшьеит ишәҟәы санаԥхьа, Баграт Шьынқәба, Ҳаџьы Осман қеҩ дааны ибама ҳәа сгәы иаанагеит лҳәеит", — дцәажәон аҵарауаҩ.
Маҳинур илҭахуп Баграт Шьынқәба иҩымҭақәа еснагь аӡыргара рымазарц, ажәлар ирылаҵәарц, урҭ рҵакы бзианы еилыркаарц.
"Баграт Шьынқәба ихьӡ, иҩымҭақәа реиқәырхара еснагь аус адаҳулароуп, ҳалацәажәароуп, ажәлар цқьа еилыркаартә иҟаҳҵароуп. Аизарақәа, астол гьежьқәа, ацәыргақәҵақәа лассы-лассы имҩаԥгалатәуп, даараӡа иаҭахуп ҳәа сгәы иаанагоит афильм аԥҵарагьы", — ҳәа азгәалҭоит Маҳинур Папааԥҳа.
Маҳинур Аԥсныҟа даара салам лҳәоит! Акырӡа игәхьаалгоит арахь, ажәа ҳалҭеит лассы ҳшеибабо.