Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

АКХ ирыланаҳәеит Гәдоуҭа адепутат иалхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2022
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭатәи ақалақьтә алхратә ҭыԥ хада №18 аҿы Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит асабша лаҵара 14 рзы.
АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik. Леонид Лакербаиа Гәдоуҭатәи ақалақьтә алхратә ҭыԥ хада №18 аҿы Аԥсны Жәлар Реизарахь депутатс далхуп ҳәа заанаҵтәи адыррақәа рыларҳәеит Алхратә комиссиа хада (АКХ).
Процентлеи хыԥхьаӡаралеи алҵшәақәа шыҟоу макьана адырра ыҟам.
Алхрақәа мҩаԥысит Гәдоуҭатәи ақалақьтә алхратә ҭыԥ хада №18 иаҵанакуа алхратә ҭыԥқәа ҩба рҿы асабша лаҵара 14 рзы. Кандидатцәас иқәгылан уаанӡатәи аԥыза-министр, апартиа "Аиҭаира" ахантәаҩы Леонид Лакербаиа, уаанӡатәи апрокурор Беслан Ҭаркьыл.
Аиааиразы акандидат иоуроуп 50% бжьык ацны, убри аан абжьыҭирахь иааироуп 25% иреиҵамкәа иҭаҩу алхыҩцәа. Иацтәи алхрақәа раан иаҭахыз ауаа ааихьан шьыбжьаанӡа. Алхрақәа рсиа ианын ԥшьнызқьҩык маҷ инагны, актәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы - 2133-ҩык, аҩбатәи аҿы - 1528.
Аԥсны хәажәкыра 12, 26 рзы имҩаԥысыз Апарламент ахь алхрақәа актәии аҩбатәии атурқәа раан иалхын 33-ҩык адепутатцәа. Абыжьбатәи ааԥхьара аусура иалагеит мшаԥы 12 рзы. Гәдоуҭатәи 18-тәи, Аҟәатәи 8-тәи алхратә ҭыԥ хадақәа рҿы аиҭалхрақәа азгәаҭан лаҵара 14, лаҵара 28 рзы, избанзар иқәгылаз акандидатцәа алхрақәа раан урҭ иахәҭаз абыжьқәа рмоуӡеит.
Аԥсны Апарламент иалоуп 35-ҩык адепутатцәа, урҭ ҿҳәарала хәышықәса ҳәа иалырхуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0