Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи ар украинатәи аџьаԥҳани абылтәи рышьҭаҵарҭақәа быжьба еилаԥырыххааит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОбезвреживание боеприпасов в Тертерском районе Азербайджана
Обезвреживание боеприпасов в Тертерском районе Азербайджана - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла жәабран 24 азы Украина абџьархыхраз арратә операциа иалагеит. Уиижьҭеи арратә ҭыԥқәеи аинфраструктуреи аахақәа рырҭоит.
АҞӘА, лаҵара 20- Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа урыстәылатәи ар украинатәи аџьаԥҳани абылтәи рышьҭаҵарҭақәа быжьба еилаԥырыххааит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

"Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа урыстәылатәи ар аракетақәа рыла ааха рырҭеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ԥшьба, ари аибашьыгатә техникеи ргыларҭақәа 45, украинатәи аџьаԥҳани абылтәи рышьҭаҵарҭақәа быжьба аиланхарҭақәа Бахмут, Берестовое, Соледар, Покровское, Константиновка, Маслиаковка рҟны", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Иара убасгьы ракетала иҭархан ЗРК "Оса-АКМ" аҭырҟьагатә шьақәгыла, ЗРК С-300 арадиолокатортә шьақәгыла.
Урыстәылатәи аоператив-тактикатә авиациа ааха рнаҭеит ар рнапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥа, ари аибашьыгатә техникеи ргыларҭақәа 47. Иҭархан 280-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа, 59 ак аибашьыга техника.
Встреча министров обороны России и Великобритании С. Шойгу и Б. Уоллеса - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу "Азовсталь" иҭыҵыз амилаҭеилыхыҩцәа рхыԥхьаӡара атәы иҳәеит
Аракетатә ари артиллериеи иҭадырхеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 12, 213 ари атехникеи ргыларҭа ҭыԥқәа, 24 артиллериатәи аминаршәгатәи аҟәшақәа, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа.
Аҳауахьчаратә системақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам 10 хархәагак, иааныркылеит "Смерч" 17 реактивтә хеиҵаҵа.
Украина аоперациа ҷыда иалагазар иҭархоуп: 300 вертолиоти ҳаирплани, 925 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 314 ЗРК, 3 000 танк, 400 РСЗО шьақәгыла, 1500 артиллериатәи аминаршәгатәи шьақәгылақәа, 3 000 инареиҳаны аибашьыгатә техника.
Уничтоженные позиции дивизиона ЗРК С-300 ВСУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аракетақәа рыла иҭархоуп ЗРК С-300, ЗРК "Бук-М1"
Ажәабжьқәа зегьы
0