https://sputnik-abkhazia.info/20220601/asny-urystylaa-assharazy-ialyrkaaua-akhyrkharaa-khba-iryanakit-1039344398.html
Аԥсны урыстәылаа аԥсшьаразы иалыркаауа ахырхәарҭақәа хәба ирыҵанакит
Аԥсны урыстәылаа аԥсшьаразы иалыркаауа ахырхәарҭақәа хәба ирыҵанакит
Sputnik Аҧсны
Атурмаҵзурақәа рфедералтә ҳа "1001 тур" иакьыԥхьит аԥхынразы урыстәылаа еиҳа иалыркаауа ахырхарҭақәа, урҭ рыхәԥсақәа азгәаҭаны. 01.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-01T20:20+0300
2022-06-01T20:20+0300
2022-06-01T20:20+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсшьара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/01/1032952866_0:135:2601:1598_1920x0_80_0_0_3eda9f1c58b65891dd06f902bf627e8e.jpg
АҞӘА, рашәара 1- Sputnik. Аԥсны урыстәылаа иалыркаауа атуристтә хырхәарҭақәа хәба ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа.Аԥсны жәамштәи аԥсшьара, амҩа алаҵаны, хынтәтәи акрыфара ацҵаны ҩыџьа 45 000 мааҭ ршәароуп. Иара абри аҩыза ахәԥсақәа шьақәгылоуп Калининградгьы, аха уа шьыжьхьа мацароуп атур иалоу.Аԥсни Калинингради ирышьҭанеиуеит Шәача - ара жәамш азтәи аԥсшьара (амҩеи шьыжьхьеи алаҵаны) 48 000 мааҭ иаԥсоуп.Рашәарамзаз (рашәара 12-18) ахәқәа рҽырыԥсахуеит.Рашәарамзаз Ҭырқәтәыла жәамштәи аԥсшьара 153 000 мааҭ ирызтәоит ҩыџьа, Аԥсны - 195 000 мааҭ, Египети ОАЕи – 261 000; 328 000 мааҭ.
https://sputnik-abkhazia.info/20220531/urystylati-aturisttsa-asnya-eia-iaar-rakhup-egipeti-aemiratei-rakh-aasa-1039325214.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/01/1032952866_144:0:2455:1733_1920x0_80_0_0_e81d0db4a48a99685d72183d621077f4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсшьара
Аԥсны урыстәылаа аԥсшьаразы иалыркаауа ахырхәарҭақәа хәба ирыҵанакит
Атурмаҵзурақәа рфедералтә ҳа "1001 тур" иакьыԥхьит аԥхынразы урыстәылаа еиҳа иалыркаауа ахырхарҭақәа, урҭ рыхәԥсақәа азгәаҭаны.
АҞӘА, рашәара 1- Sputnik. Аԥсны урыстәылаа иалыркаауа атуристтә хырхәарҭақәа хәба ирыҵанакит ҳәа
аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа.
Еиҳа иалыркаауа хырхарҭаны иарбоуп Ҭырқәтәыла, Урыстәыла аҩнуҵҟатәи атуризм, Аԥсны, Египет, Еиду Арабтәи Аемиратқәа.
Аԥсны жәамштәи аԥсшьара, амҩа алаҵаны, хынтәтәи акрыфара ацҵаны ҩыџьа 45 000 мааҭ ршәароуп. Иара абри аҩыза ахәԥсақәа шьақәгылоуп Калининградгьы, аха уа шьыжьхьа мацароуп атур иалоу.
Аԥсни Калинингради ирышьҭанеиуеит Шәача - ара жәамш азтәи аԥсшьара (амҩеи шьыжьхьеи алаҵаны) 48 000 мааҭ иаԥсоуп.
Рашәарамзаз (рашәара 12-18) ахәқәа рҽырыԥсахуеит.
Рашәарамзаз Ҭырқәтәыла жәамштәи аԥсшьара 153 000 мааҭ ирызтәоит ҩыџьа, Аԥсны - 195 000 мааҭ, Египети ОАЕи – 261 000; 328 000 мааҭ.