Аҵара аминистр иҳәеит Болонтәи асистемада Урыстәыла аҵара шымҩаԥысло

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФестиваль Nauka 0+
Фестиваль Nauka 0+ - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2022
Анапаҵаҩра
Аминистр иажәақәа рыла ауниверситетқәа рхала иалыркаауеит астудентцәа аус шрыдыруылаша –абакалавриат, амагистратура, ма аспециалитет ахырхарҭала.
АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. Урыстәыла аҵара аминистр Валери Фальков иҳәеит аҵараз Болонтәи асистема мап анацәкха ашьҭахь астудентцәа ишырзаанхо абакалавриати амагистратуреи рсистемала аҵара. Абри атәы аҳәоит РИА Новости ачынуаҩ агазеҭ "Коммерсантъ" иаиҭаз аинтервиу шьаҭас иҟаҵаны.
Аминистр иажәақәа рыла абакалавриати амагистратуреи ҳәа аҵара аихшара залшом, избанзар амагистр идиплом ада аушьҭымҭа аусурҭа ҭыԥ иоуам.

"Амаҵзура ахатә ҭахрақәа амоуп, аиҳаракгьы аҳәынҭқарратә маҵзуреи азинхьчаратә маҵзуреи. Ӡбаҩыс узыҟалом азиндырраз абакалавриат мацара уалганы, амагистр иҩаӡара умазароуп. Арҭ ауаа аԥкрақәа ҳзырзыҟаҵом, аҵара дара рзинқәа ируакуп", - иҳәеит Фальков.

Убри аан аминистр Болонтәи асистема агхақәагьы дрылацәажәеит. Иҳәеит астудентцәа абакалавртә диплом иашьашәалам амагистратура алырхыр шрылшоз. Иара иажәақәа рыла аԥхьаҟазы Урыстәыла азанааҭқәа реиқәыԥхьаӡа азырхиахоит, зыҟны амагистратура аҭаларз ашьаҭатә ҵара амазаара ахәҭоу.
Ари аҵаратә системахь Урыстәыла 2003 шықәсазы. Арратә операциа ҷыда ианалага ашьҭахь Аҵара аминистрра Болонтәи апроцесс ишалҵуаз аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Амқәаб Болонтәи асистемазы: аинформациа нанагоит, аха адырра нанагаӡом - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2022
Арадио
Амқәаб Болонтәи асистемазы: аинформациа нанагоит, аха адырра нанагаӡом
Ажәабжьқәа зегьы
0