Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Илшаз рацәоуп": Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Мсас Чыкәбар иеибашьратә мҩа

© Foto / Саида ЖьиԥҳаМсас Чыкәбар
Мсас Чыкәбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2022
Анапаҵаҩра
1941 шықәсазы Асовет Еидгыла аӷа хәымга данақәла, хамеигӡарала зыуаажәлар рыгәҭа игыланы еибашьра ицаз ахацәа хьӡырҳәагақәа дреиуоуп Калдахәаратәи аԥсуа хаҵа Мсас Есыф-иԥа Чыкәбар. Иара иеибашьратә мҩа атәы дазааҭгылеит згәы иладуу имаҭа Флорида Чыкәбарԥҳа.
Мсас Чыкәбар ихәыҷра шықәсқәа мариамызт. Иан Мкыд Инаԥҳа лыхшара ршьапы иқәымгылацызт лыԥсаҭазаара даналҵуаз. Аб Есыф ихала ԥшьҩык аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи иааӡеит. Махәҿыла мацара акрыуны, игәыӷрақәа здиҳәалоз исабицәа акы рыгмырхакәа аӡәы иашьҭахь игылартә иҟаимҵеит.
Обучение бойцов перед отправкой на фронт - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Аԥсны
"Дҭахеит ҳәа ашәҟәы аахьан": Арзаабеи Смыр иеибашьратә нысымҩа
Мсас ишәымҭа дҭагылан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналагоз. Уи аԥхьаҟа иара аҭаацәара далалахьан, аԥагьы диман. 1941 шықәсазы арра маҵура дшахысуаз ауп иҩызцәеи иареи Керч ахырхарҭахь ишыршьҭыз. Мсас аибашьра адәаҟны иааирԥшыз аҭакԥхықәреи агәымшәареи рзы иара уаҟа ианаршьеит "Аеҵәа ҟаԥшь" аорден. Тихорецк данеибашьуаз, Мсас игәыԥ иманы аӷацәа рхырӷәӷәарҭақәа ҭҵааны, икомандаҟаҵаҩцәа анемеццәа рыруаа ахьтәоу, агәылӡтәы техникас ирымоу уҳәа рзы аинформациа рызнеигон. Абраҟа инаигӡоз адҵа ҷыдазы аԥсуа еибашьҩы "Агәымшәаразы" амедал ианашьан.
"Сабду Тихорецк дшеибашьуаз, 1943 шықәсазы ӷәӷәала дырхәоит. Убасҟан дызбаз џьоукы дшьыз џьышьа адырра нагӡаны ироуаанӡа, иҭаацәа рахь ашәҟәы аарышьҭуеит аибашьра далаӡит ҳәа. Агоспиталь аҟны анцәа имчала згәабзиара шьақәгылаз сабду, аамҭак ааҵуаны еиԥш аҩныҟа даауеит. Ибара иақәымгәыӷуаз игәакьацәа ачара изыруоит", - ҳәа еиҭалҳәоит амаҭа Флорида Чыкәбарԥҳа.
Великая Отечественная война 1941-1945 годов. Советские танкисты радуются победе. Берлин, май 1945 года. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2022
Аԥсны
"Берлинынӡа днаӡеит": аимадаҩ Риза Аџьба изкны
Аибашьра аналагоз исабиаз Мсас иԥа Леонид дыхбыҿхахьан иаб Аԥсныҟа даныхынҳә. Аҷкәын аҭаацәаратә жәабжьқәа рыла зыӡбахә идыруаз иаб иԥсы ҭаны даниба, игәырӷьара ҵҩа амамызт. Мсаси иԥшәмаԥҳәыс Ҭинаҭ Мықәԥҳаи даҽа ԥшьҩык аԥацәеи аԥҳаи рхылҵит. Рыцҳарас иҟалаз ани аби рыдунеи рыԥсахаанӡа ражәра арлашьцеит рԥеиҳабы Леонид чымазарала иԥсҭазаара иалҵра, иара убас 16 шықәса ирҭагылаз Едурад машәырла иҭахара. Абыргцәа рхьаа аиааира уадаҩхеит, аха егьырҭ рыхшареи рмаҭацәеи ирызхәыцны ргәы ҿарҳәеит.
Мсас Чыкәбар Калдахәара ақыҭан унеишь-уааишь ҳәа зырҳәоз, зажәа иазҵаауаз уаҩын. Егьараан илабашьа арсны ацәгьеи абзиеи раан ажәлар рҿаԥхьа ажәа иҳәахьан. Ныҳәаҩысгьы ааԥхьарақәа ирҭахьан.
Мсас Есыф-иԥа идунеи иԥсахаанӡа, Аиааира Ду аиубилеитә рыцхәқәа раан амедалқәа ианаршьон, ҳамҭала далыркаауан.
Уаҳаид Чуаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2022
Аԥсны
"Аамҭа иаӡрыжәыз аибашьҩы": Уаҳаид Чуаз изкны
"Сабду аҩбатәи агәыԥ аинвалидра иман, излак аибашьраҿы ицәыӡит, аха игәашьамх ӷәӷәан, тәамҩахә ҟамҵакәа ақыҭанхамҩа инапы алакын. Ихшара амла иаимыркӡеит, уимоу иуа-иҭынха излаилшоз ала дрыцхраауан. Аибашьра адәаҟны аџьабаа шибазгьы, аҭынч ԥсҭазаараҿгьы аԥхӡы шкаиҭәазгьы ақәра бзиа ниҵеит, 96 шықәса дырҭагылан ҳабду данҳаԥхоз. Ҟазшьала иџьбараз, аха змаҭацәа рахь згәы ԥшқаз ҳабду игәалашәара ахаан иҳарӡраны ҳаҟам", - лҳәоит амаҭа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду далахәын Мсас иашьа Анатолигьы. Иара Новороссиск имҩаԥгаз ажәыларақәа раан игәыԥ командаҟаҵаҩс даман. Уаҟа иоуз ахәра ашьҭахь ишьапы данықәгыла иеибашьратә мҩа иациҵоит аҩбатәи Украинатәи афронт аҿы. Днаӡоит Берлинынӡа.
© Foto / Саида ЖьиԥҳаМсас иашьа Анатоли Чыкәбар
Мсас Чыкәбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2022
Мсас иашьа Анатоли Чыкәбар
Чыкәбараа рҭаацәара, Мсаси Анатолии (Тониа) аибашьра адәаҟны иаадырԥшыз афырхаҵара ҿырԥшыс иҟаҵаноуп иахьа еиҵагыло абиԥара ҿа шырааӡо. Аишьцәа аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рҟны лымкаала рыхьӡқәа ҳәоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0