Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иахьатәи агәырҿыхагеи иацтәи ахәыҷыжьжьагақәеи: ҳхәыҷқәа рырлахҿыхра иазку зҵаарақәак

© SputnikСимпл-димпл
Симпл-димпл  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2022
Анапаҵаҩра
Иахьа изызҳауа ахәыҷқәа гәырҿыхагас ирымоу ахәмаргақәа абанӡацхыраагӡоу рмилаҭтә хдырра рыманы аизҳараҿы. Абри атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
"Рҩани Дәҩани рыбжьара иҟоу Аԥсны ҟьаҟьа дуӡӡа" ҳәа аԥсуаа рхы ианазырҳәоз аамҭа ҭоурых ӡыблараны иниасны ицеит. Иаҳҭахы-иаҳҭахым, иахьатәи ҳреалра иаҳнарбоит, аԥсуаа ҳаиԥш зхыԥхьаӡара маҷу, збызшәа ашәарҭара иҭагылоу, змилаҭ хаҿра аиқәырхаразы ауадаҩрақәа зԥынгылоу рзы – еиҳагьы ихьанҭоуп ахәыҷқәа амилаҭтә хдырра рыманы рааӡара, аха иабанӡаҵаулоу, иабнаӡахадароу уи аҵакы…
Ишдыру еиԥш, ахәыҷқәа ахбыџрахь ииасаанӡа раамҭа еиҳарак ахәмаррақәеи агәырҿыхагақәеи ирызкуп, уи иақәдырӡуа амч рацәоуп - ус иҟоуп ахәыҷра, ус ирцәаҩоуп ахәыҷқәа. Аха иахьатәи ҳаамҭа зеиԥшроу ала, акырӡа аҵанакуеит уи ахәмарра аиҿкаара ахаҭагьы. Ахәыҷы даныхәмаруа, ииҵо рацәоуп, ихшыҩ еизҳауеит. Иахьатәи ахәыҷқәа гәырҿыхагас ирымоу аҭели ателербагеи роуп. Иарбан нырроу ирынаҭо изхәаԥшуа?
Симпл-димпл
Ахәыҷы иибо, иаҳауа идунеи шьақәнаргылоит, ицәаныррақәа аанарԥшуеит, иҟазшьа рыԥсахыргьы алшоит. Аглобализациатә процессқәа иахьа ҳхәыҷы инапқәа иадыркит "симпл-димпл", "поп-ит", "хаги-ваги" реиԥш иҟоу ахәмаргақәа. Аҵыхәтәантәи аԥшра мацара уахәаԥшны ҭынч узлацәари... Избан ацәыршәагара змодахаз? Ари азҵаара сара аҭак сзаҭаӡом, уи ҭызҵааша ҽа шьоукуп. Еиҳагьы ихадароуп аилкаара урҭ ахәыҷқәа ишырныруа агәаҭара, ирыланааӡо закәу.
Детская игра цици-куакуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2021
"Чабракаршә", "Ҵи-ҵи, кәа-кәа": ахәыҷыхәмаррақәа рхархәашьа иаци иахьеи
Ҳәарада, зегь мап узрыцәкуам, аха абзиеи ацәгьеи реилыхра хымԥада иаҭахуп. Аглобализациа иаҳзаанаго зегьы ҳара ишьҭаҳхроума?! Ахәыҷы иԥшқараху игәыцқьа ажәа еиҿкаа, ажәа хаа, асахьа ԥшӡа иаршәҭуеит, ажәа бааԥс, ма асахьа цәыршәага ашьҭа бааԥс ааннажьыр ҟалоит. Убри аҟынтә ахәыҷы дызхәаԥшуа амультфильм зеиԥшроу, мамзаргьы иарбан хәмаргоу дзызҿлымҳаугьы гәаҭалатәуп, зегь улаԥш рхызароуп. Убри аан иара дызхәаԥшуа аасҭа ҽак шеиӷьу иурбарц азы идаҳгало ҳамазароуп. Ахәыҷқәа рхәыцрақәа ирықәшәо ажәеинраалақәа, амультфильмқәа ралхра имариам усуп. Аԥсышәала иҟоу зынӡаскгьы имаҷуп азы, ахәыҷы лассы игәы ахшәоит.
Аԥсуаа рфольклор аҟны иҳазҳәом рхыԥхьаӡара рацәоуп ианҵаны иҳамоу ҳәа, аха иҟоуп ахәыҷыжьжьагақәа, ахәмаррақәа, ацуфарақәа, агарашәақәа. Еиҳа ирацәоуп алакәқәа. Шықәсык-хышықәса зхыҵуа ахәыҷы изы ажәақәа рҵакы хадараӡам, ихадароу урҭ ритмикала реихышәшәашьа ауп. Алакәқәа раԥхьараан акәзар (иахьа зхәыҷқәа ирзеиҭазҳәо маҷуп, аиҳарак ашәҟәқәа рҟынтәи ирзаԥхьоит), ихадароуп урҭ сахьала рҩычара, рхаҭабзиара аҳаракра.
Первое сентября в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2022
Аԥсны
"Адоуҳатә млашьра": аԥсуа хәыҷтәы литературеи ахәыҷтәы фольклори рҭагылазаашьа иазкны
Ҿырԥштәыс иааҳгап абас еиԥш иҟоу ахәыҷыжьжьага, ахәыҷы ршьамхы дықәыртәаны, дырхәмаруа ирҳәоз, ахәыҷтәы фольклор аизгаҩ, аҭҵааҩы Римма Ҳашԥҳа ланҵамҭақәа рҟынтәи:
Кьауа-кьауа, кьазандара,
Ӷәырмаҭ-ӷәырмаҭ шьамаҟара,
Иауанада, иабзарада
Кьауакьаса!..
Мамзаргьы афольклорист Валентин Кәаӷәаниа ианҵамҭақәа рҟынтәи абас еиԥш иҟоу ажәархәмарра:
- Акы.
- Уак – сак!
- Ҩба.
- Уҩба – сыҩба,
Уак – сак!
- Хԥа.
- Ухԥа – сыхԥа,
Уҩба – сыҩба,
Уак – сак! - уб.иҵ.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп:  Начҟьебиа аԥсышәала ахәыҷтәы литература аԥеиԥш иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2022
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Начҟьебиа аԥсышәала ахәыҷтәы литература аԥеиԥш иазкны
Ахәыҷқәа дара рхалагьы ахәыҷтәы жәархәмаррақәа аԥырҵоит. Урҭ Валентин Кәаӷәаниа иҭҵаамҭаҿы "арбыжкыгақәа" ҳәа рзиҳәоит. Убас, уи иааигоит ахәыҷқәа рхала иаԥырҵаз "арбыжкыгақәа":
Бесик, Бесик, Бесалон
Хыла дасит абалон,
Чуанк азна амакарон
Дтәаны ихала ифалон,
Имгәагь пахәӡа иҟанаҵон!
Мамзаргьы:
Ахра хага,
Хы-дамаҟьа,
Иеимаа хәыҷқәа ишьхарҟьаҟьа…
Абас еиԥш иҟоу ахәыҷыжьжьагақәа, ажәархәмаррақәа, "арбыжкыгақәа" роума, иара убасгьы алакәқәа, хымԥада, иалԥшааны еидкыланы хаз шәҟәны рҭыжьра аҭахуп сахьахкыла иҩычаны ахәыҷқәа рнапы иакратәы, аԥшаара мариахаратәы аҭаацәа рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0