Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиеи Адукатцәа рпалата аколлегиеи рахь адепутатцәа алхуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Парламент Республики Абхазия
Парламент Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2022
Анапаҵаҩра
Ахаша, рашәара 8 рзы Аҟәа имҩаԥысит Апарламент аабатәи ааԥхьара асессиа аилатәара.
АҞӘА, рашәара 8 – Sputnik. Аԥсны Апарламент адепутатцәа Алхас Ҳагбеи Алмас Акабеи Аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа алахәылаҩцәас иалхуп, адепутат Дмитри Маршьан - Адукатцәа рпалата аколлегиа Аквалификациатә комиссиа алахәылас.
Адепутатцәа Ҳагбеи Акабеи Аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа афбатәи ааԥхьараҟынтәи иалаз адепутатцәа Каха Пертаиеи Баҭал Табаӷәуеи рҭыԥан иалалеит. Адукатцәа рпалата акомиссиа Маршьан далалеит уаанӡа уи иалаз уажәтәи Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба иҭыԥан.
Аԥсны Аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа аилазаара хышықәса рахьтә знык ишьақәдырӷәӷәоит азеиԥш иурисдикциеи Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа, Апарламент адепутатцәеи, атәыла ахадеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети ихаҭарнакцәеи рыла.
Адукатцәа рпалатаҿы иҟоу Аквалификациатә комиссиа шьақәдыргылоит ҩышықәса рахьтә знык адукатцәа рпалата ахаҭарнакцәеи, атәыла ахада ихаҭарнакцәеи, Апарламент адепутатцәеи, Аиустициа аминистрреи, Иреиҳаӡоуи Абжьаҟазаратә ӡбарҭақәа рыӡбаҩцәеи, Арратәи аҭыԥантәи аӡбарҭақәа рыӡбаҩцәеи рыла.
Ажәабжьқәа зегьы
0