Додон: Молдавиа арра-политикатә хырхарҭала Румыниа адлара рҽазыҟарҵоит

© Sputnik / Miroslav Rotari Читать далее: https://ru.sputnik.md/news/20190608/26295160/Prezident-Moldovy-ne-raspustit-v-subbotu-parlament--.htmlИгорь Додон
Игорь Додон - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2022
Анапаҵаҩра
Азҵаара-ҭҵаарақәа рыла, Молдавиа иқәынхо ауааԥсыра реиҳараҩык Румыниа адлара мап ацәыркуеит, уи иадгылоит атәылауаа ахԥатәи рыхәҭа.
АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Молдавиа уаанӡатәи ахада Игорь Додон аҳәамҭа ҟаиҵеит Мраҭашәара ареспубликаҿ аҭагылазаашьа ашьақәҟьаразы апровокациақәа ҟанаҵоит ҳәа, уи Румыниа арра-политикатә ҳасабала адлареи НАТО архәҭақәа анаҩс уа рыргылареи акала арқьиаразы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ибзианы иубарҭоуп Маииа Сандуи (Молдавиа ахада - азгә.) анҭыҵтәи лыԥшәмацәеи украинатәи асценари ала аус шыруа, уи ала аҭагылазаашьа ашьақәҟьаразы апровокациақәа ҟарҵоит. Мраҭашәаратәи политикатә факторқәак ракәзар, амолдаванцәа иахьа арегион аҿы имҩаԥысуа агеополитикатә еибашьра иахәлабгарц рҭахуп. Азыҟаҵара иаҿуп ҳтәыла арра-политикатә хырхарҭала Румыниа адлара, анеитралитет астатус ахыхны", - ҳәа иҩуеит Додон и-Telegram-канал аҿы.

Иара иажәақәа рыла, арҭ арратә процессқәеи урыстәылаҿагыларатә хагахареи цасҳәоуп ишымҩаԥырго, НАТО архәҭақәа Молдавиа рыҟазаара излауала идырқьиарц азы.
"Молдавиеи Румыниеи реидылара анагӡаразы Молдавиа ахала економикала, енергитикала, ҵакыратә шәарҭадарала акгьы алымшошәа иаадырԥшуеит. Маииа Сандуи Апартиа "Действие и солидарность"-и шьаҿа-шьаҿала аҳәынҭқарра аекономикатәи, аморалтәи, аполитикатәи хырхарҭала иқәырхуеит", - ҳәа иҩуеит Додон.
Второй тур президентских выборов в Молдавии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2022
Молдавиа уаанӡатәи ахада Додон 30 мшы аҩнытә ҭакра иқәҵоуп
1918 шықәса рзы Румыниа архәҭақәа аӡиас Днестр аҿы иҟаз аҳәаа иахыганы Молдавиа аҵакыра иаланагалеит (уажәтәи Приднестровие аламҵакәа). Кишиниов иаԥҵаз Атәылаҿацә Ахеилак агәыларатә ҳәынҭқарра адларазы рыбжьы рҭиит. 1940 шықәса рашәарамза инаркны иахьатәи Молдавиа аҵакыра Румыниа иалаӡам. Аҩтәылак рҿы инхоит "унионизм" адиеиа адгылаҩцәа, даҽакала иуҳәозар, Румыниеи Молдавиеи реидылара, Молдавиа хаз ҳәынҭқаррак аҳасабала иаԥыхны.
Ажәабжьқәа зегьы
0