Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Изшәац иршәалоит, мамзаргьы аԥсуа економикатә еикәшара

© AFP 2023 / MARTIN BERNETTIВода не течет из крана во время отключения питьевой воды в Сантьяго 26 февраля 2017 года
Вода не течет из крана во время отключения питьевой воды в Сантьяго 26 февраля 2017 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2022
Анапаҵаҩра
Мышқәак раԥхьа аҟәатәи "Аӡыканал" аиҳабы Даур Паҷкориа адырра ҟаиҵеит аӡазы ахә 100% рыла ишьҭырхыр шалшо. Аӡи егьырҭ акоммуналтә маҵзурақәеи рыхә ашьҭыҵрақәа рзи, иара убас урҭ атәылауаа ишыршәо ази лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Уажә аабыкьа сахьынхо сыҩны аҭӡаҿы икыдырҵеит акоммуналтә шәахтәқәа рзы ауал зқәу рзы агәҽанҵаратә шәҟәы. Ари ҟазҵо Аԥсны аихамҩатә усбарҭа иаҵанакуа аҩнусбарҭоуп. Асиа санахәаԥш, игәасҭаз убри ауп, ирацәамзаргьы, ауал зқәу еиҳа зыԥсы еивганы инхо ркатегориа иаҵанакуеит, зсоциалтә ԥсҭазаара уамак иҳаракым агәылацәа ауал рықәым, аҭӡы икыду ақьаад ишаҳәо ала.
Изшәац иршәалоит, мамзаргьы аԥсуа економикатә еикәшара
Даҽа ганкахьала, ҳара ҳаҩнаҿы инхо ауааԥсыра ҳхала имҩаԥаагеит аремонттә усурақәа, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны аҩны адәахьтәи аԥенџьырқәа ҳаԥсахит, иҿаҳҵеит аҩналарҭа ашә, ашҭа ахаҳәсса ҭаҳаԥсеит, иқәаагеит еилагылаз хәарҭара зламыз ахыбрақәа. Ажәакала, аҩнусбарҭа иамҭаны амааҭ ҳаҩны иақәхарџьым.
Абри зхысҳәаауа, аибашьра ааилгазар, ҳтәылаҿы иқәынхо ауааԥсыра рӷьырак алашареи, аӡи, агәамсами, адгьыл ашәахтәқәеи рзы ирыхәҭоу ршәом, уи ахылаԥшра знапы иану аструктурақәагьы алеишәа џьбара аарԥшны аԥара рзылымгеит. Ирмарианы иаҳҳәозар, изшәац иршәоит, убарҭ намысла иныҟәо ауаа рыбзоурала ҳара ҳкоммуналтә усбарҭақәа рыԥсы еиҩыргоит.
2021 шықәса абҵарамзазы Аԥсны аминистрцәа реилазаара ача ахә шьҭырхит 25, 28 мааҭ рҟынӡа. Еилкаау усуп, ҳара ҳекономика иаҭагылазаашьоу ала, ауаа зда ԥсыхәа рымам атауарқәа аҳәаа анхыҵ ианышьҭыҵлакгьы, абизнес знапы алаку ауаа, ирҭахы-ирҭахым, рыхәқәа даргьы ишьҭырхуеит. Хаҭала аџьармыкьахь ицо ишаҳбо ала, иҟоуп ҩынтә, хынтә зыхә шьҭыҵыз атауарқәа. Аби зегь ауааԥсыра амыргәамҵыр ауам.
Аҵыхәтәантәи быжьшықәса срыхцәажәозар, сара суалафахәы шьҭымҵыц, ус анакәха, абиуџьеттә сфера иаҵанакуа, иара убас зсоциалтә ԥсҭазаара лаҟәу ауаа рзы ҳазҭагылоу акризис адепрессиатә ҭагылазаашьа рзаԥнаҵоит, ахәқәа рышьҭыҵра апроцесс шцо ала.
Деньги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2021
Аԥсны
Аԥсымышьҭыга – ахныҟәгага маҷ азхәыцра
Ганкахьала, хыхь зыӡбахә сҳәаз афакторқәа ирыхҟьаны абиуџьет иҭало аԥара маҷуп, акоммуналтә усбарҭақәагьы уи рықәыӷәӷәоит.
Ахәқәа рышьҭыҵра атәы анысҳәах, Аԥсны аиҳабыра ишьақәдыргылаанӡа ҳара ҳмаршрутчикцәа рхала рыхә шьҭырхит. Уаанӡа 20 мааҭ иаԥсазҭгьы, иахьа Аҳабла ҿыц аҟынтә ақалақь агәахьы уаазго амаршрутка 30 мааҭ иаԥсахеит. Марина захьӡу аԥҳәыс, ҩ-маршруткак дрықәтәароуп лусураҟынӡа днаӡарцаз.
"Даара ашьҭыхра уадаҩхеит ари аҭагылазаашьа", - лҳәоит лара. Апассаџьыр ишылҳәо ала, автобусқәагьы есқьынагь иманшәаланы иааиуам аҟынтә, еиҳарак амаршруткақәа рыла днеиааиуеит. "Абиуџьет иадҳәалоу ҳзы, ари хьанҭоуп", - лҳәоит лара.
Даҽа ганкахьала ҳахәаԥшыр, амашьынарныҟәцаҩцәа рзы зыхә иацлаз абылтәы, иара убас амашьына злеибарку ахәҭақәа зегьы рыхә халозар, аусура рзыфеидам. Зыхьӡ зымҳәо 20 шықәса инарзынаԥшуа машьырныҟәцаҩс аус зуа ауаҩы исеиҳәеит "ҳара ҳмашьынақәа ҳхала аремонт рзаҳуеит, аҳәынҭқарраҟынтә ацхыраара ҳамаӡам, зегь рыхә анышьҭыҵлакгьы, ҳаргьы амҩақьыра шьҭаҳхроуп". Абасшәа иҟоуп ихьысҳау аԥсуа економикатә еикәшара.
Шәлымба ауаажәларратә транспорт аҟны ахәқәа рзы: аицәажәарақәа цоит рыцҵаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2022
Арадио
Шәлымба ауаажәларратә транспорт аҟны ахәқәа рзы: аицәажәарақәа цоит рыцҵаразы
Ауаҩы зда дхәарҭам атауарқәа: ашьақар, азараҟьахәша, асапын, аӡәӡәагақәа уҳәа зегь аҳәаанырцәынтәи иааргоит. Урҭ рыхә ианацлалакгьы, ҳара акгьы ҭызмыжьуа аҳәынҭқарра иқәынхо ӷәӷәала иаҳныԥшуеит.
Аабыкьа Аҟәа ақалақь ахада Авҭандил Сурманиӡе абри азҵааразы аилатәара мҩаԥигеит. Иара ишазгәеиҭо ала, "акоммуналтә еизгатәқәа рыхә ҳаракымзаргьы, еизгоу даара имаҷуп". Аҩнеихагылақәа руак аҿырԥштәала ачынуаҩ иҳәеит уа инхо 400 нызқь рҟынӡа шрықәу. "Убри аан, дара ирҭахуп ақалақь ахадара аремонттә усурақәа мҩаԥыргаларц" ҳәа дахцәажәеит.
Ауал зқәу рзы аибашьра ааилгазар санкциа дук мҩаԥырго ҳмаҳац, аҩнусбарҭақәа урҭ рганахь еиуеиԥшым асправкақәа рзылҩаара мап ацәыркыр шауагьы.
Абасала, аамҭа цоит, ахәқәа халоит, ашәахтәқәа еизгам, бжьаратәла иаҳгозар, ҳтәыла иқәынхо рӷьырак ауал рықәуп.
Кәарҷиа афымцалашара ахә ашьҭыхразы: агәаҭагақәа рыда ҵак амаӡам - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2022
Арадио
Кәарҷиа афымцалашара ахә ашьҭыхразы: агәаҭагақәа рыда ҵак амаӡам
Уажәы иааҳалаҩит даҽа жәабжьык, ахә ашьҭыҵра иазку - Аҟәа ақалақь АУН "Аӡыршьҭра" аӡы ахархәаразы ахәԥса ашьҭыхра азгәанаҭоит ҳәа. Уи атәы хаҭала иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз анаплакы аиҳабы Даур Паҷкориа. Иара иажәақәа рыла, ақалақь иаланхо ауааԥсыра рахьтә 25% роуп аӡы ахә зшәо. Зехьынџьареиԥш, абжеиҳараҩык ауал рықәуп.
Сара исызцәырҵуеит азҵаара. Ахә ашьҭыхра иобиективтәу амзызқәа ирызкызаргьы, ззын ишьҭырхуада? Дырҩегьых изшәо 25% ауааԥсыра роума? Сгәанала, зегь раԥхьаӡа иргыланы аҳәынҭқарра амаа зку, алашара ахәԥса аԥхьа инаргыланы, егьырҭ акоммуналтә шәахтәқәа рзы ауал ауааԥсыра ирылнагароуп. Убри ашьҭахь ауп ахә ашьҭыхра анахәҭоу. Мамзар, иара инеиԥынкыланы изшәо ауааԥсырагьы ашәара иаҟәыҵыр алшоит. Паҷкориа иажәақәа рыла, "Аӡыршьҭра" агәы иҭоуп 100% ахәԥса ашьҭыхра. Ихадоу мзызны иара иаликаауеит ԥхынгәымзазы алашара ахә иахьацло.
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2020
"Уаанӡатәиқәа" ирхароуп шаҳҳәоз, иахьа ҳахьыҟоу ҳааит: афымцалашара апроблема иазкны
Абасала, зегь рыхәқәа шьҭыҵуеит, ауалафахәы акәзар, иахьыҟац иҟоуп шамаха. Ауал зқәу ақалақь ауааԥсыра ракәзар, ԥырхага рымамкәа инхоит. Ари акризис еиҳаракгьы изныԥшуа, ахдырра зманы акоммуналтә шәахтәқәа зшәо ауаа ракәхоит. Ҭелла сыҽимаздеит абри азҵааразы Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе. Иара дсықәшаҳаҭхеит ашәахтқәа рылгара азҵаатәазы аԥсыҽрақәа шыҟоу.
"Ари иахьа иҟалаз усӡам, аус арҽеиразы дара аҩнусбарҭақәа ирзынҳажьуеит еизыргало аԥарақәа. Иҟалап уи анырра ҟанаҵаргьы аԥара алхраҿы", - иҳәеит иара. Аӡы ахә ашьҭыҵразы Сурманиӡе "уи зегь раԥхьаӡа ақалақьтә депутатцәа ахәаԥшраны иҟоуп, уаҟа ирыхәшьадуеит заҟа иаԥсахо" ҳәа саҭеикит. Ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ игәаанагарала, закәанла ирџьбаратәуп ауал зымшәо рызҵаатәы. "Аҩнусбарҭақәа рхадацәа анеизызго, дҵаны ирысҭоит ауаа ирылаланы аицәажәара мҩаԥыргаларц, уигьы алҵшәа ҳнаҭоит", - ҳәа дхәыцуеит иара. Сурманиӡе иҳәеит ишыҟоу аҩнеихагыла дуқәа миллионла ауал зқәу, урҭ зегь зсоциалтә бзазара хьысҳау шракәымгьы сирдырит. Хаҭала АУН "Аӡыршьҭра" акәзар, "русура уадаҩхоит ацхыраара рмоур, уи ахәԥса ашьҭыхрагьы ԥсыхәа змам зҵаарахеит" ҳәа дахәаԥшуеит иара.
3-тәи Аҟәатәи аҩнусбарҭа ахада Асҭамыр Матуа абри ҳазлацәажәо азҵаатәазы, лаҵарамзазтәи аизараҿы иҳәеит, иаҳҳәап, ираион аҿы "10 нызқьҩык ҭаҩзар, агәамсам азы ашәахтә абиуџьет иаланагалароуп 3 миллионки 240 нызқьи, аха лабҿаба аҳәынҭқарра иаиуа абжеиҭабжоуп" ҳәа.
Абасала, шеишықәса иӡбам азҵаатәқәа ирыхҟьаны, хдыррала еилкааны еиуеиԥшым акоммуналтә усқәа рзы ахәԥса абиуџьет иалазгало ауаа дырҩегьых даҽа еидарак аҵалара рԥеиԥшуп. Избан сыздыруам, аха ауал зқәу рганахь иџьбароу аполитика мҩаԥысуам. Абри аҩыза аҭагылазаашьаан аҳәынҭқарра ахы ианархәароуп изинтәу аметодқәа. Хара ҳамцакәан, иаҳҳәап, ҳгәыларатә ҳәынҭқарраҿы ишыҟоу еиԥш - акоммуналтә уал рацәаны изқәу аҳәаа дзахымсуа иҟаҵазар, иара убас апрокуратурахь арзаҳалқәа алаҵаны аӡбарҭақәа рыла ахараԥса дыршәалазар, ма иахәҭоу аԥхьаӡагақәа ықәыргыланы, изымшәо наҟ-наҟ урҭ ирҿырхло иалагар, убасҟан ауп ари аус џьара ианкылсуа. Абас иџьбароу азакәантә мчы ахархәара амҭакәа, ауаа рыхдырра мацара ҳақәгәыӷны хара аҳәынҭқарра ҳазгаӡом...
Аха макьана ахәқәа шьҭыҵуеит, изшәац иршәалоит, егьырҭ изшәо рхарџь ала инхоит…
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0