Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсымышьҭыга – ахныҟәгага маҷ азхәыцра

© Sputnik / Акоп Кущян Деньги
Деньги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны рыхә шьҭыҵит ача, агаз, атранспорт уҳәа еиуеиԥшым ауаҩы зыда ԥсыхәа имам атауарқәа рыхәԥсақәа. Ааигәа Аҳәынҭстатистикаҿы ирҳәеит ахәныҟәгаразы ауаҩы изхаша аԥара ахышәаҵышәа заҟароу. Абарҭқәа рзы лгәаанагара ҳалҳәоит Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Абҵара 19 рзы Аминистрцәа реилазаара иҳаланаҳәеит ача ахә иацлеит ҳәа. Ирлас-ырласны иааҳхәо, уаанӡа 25 мааҭ иаԥсаз ачахы шкәакәа иахьа 30 мааҭ иаԥсахеит. Ача зӡуа, хымԥада, ари дара ирҭахны иауҟарҵахуа, рыхә иацлоит ача зларӡуа амарҭхәқәа зегьы, убри аҟынтә иҳадыргало аалыҵгьы ахә халоит. Ишыжәдыруа еиԥш, урҭ ача злырхуа зегьы аҳәаанырцәынтәи иаарго тауарқәоуп.
Проверка пекарен в Сухуме государственным комитетом Абхазии по стандартам, потребительскому и техническому надзору - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Аԥсны
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ача ахәԥса ҿыц шьақәнарӷәӷәеит
Уаанӡа иҳарҳәахьан баллонк иӡшьаратәу агаз (сжиженный газ) захьӡу 1100 мааҭ рахь ицеит ҳәа, 2018 шықәсазы ишьақәыргылаз 680 рҟынтәи. Аҟара ацлеит ҳҳәар ауеит. Сынтәа алашара амч злалаҟәу ала, хаҭала сара афатә аҟаҵаразы агаз ауп схы иасырхәо. Ажәакала, зегь рыхәқәа халоит, ауалафахәы ада.
Зда ԥсыхәа ҳамам атранспорт акәзар, официалла ахә ашьҭыхра атәы ҳаҳаанӡагьы, нанҳәамзазы абылтәы ахә анышьҭыҵ ашьҭахь, Аҟәа-Ԥсоу ибжьоу амаршруттә такси аабыкьа ақыҭахьы ҳанцоз 300 мааҭ иаԥсахахьан. Ақалақь аҩнуҵҟа иныҟәо амаршруттә таксиқәа ракәзар, рыхә иаразнак ишьҭырымхит. Аха уи шышьҭыҵуа атәы цәыббрамзазы иҳәахьан Аҟәатәи автотранспорттә маҵзура аиҳабы Леонид Шәлымба. Абар, ԥхынҷкәын 1 азы атранспорт ахә ишацлаз азы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб инапы зқәу ақьаад ҭыҵит.
Ииасыз ашықәс иаҿырԥшны иаҳгозар, сынтәа Аԥсны ахныҟәгараз зыда ԥсыхәа ыҟам атауарқәа рыхә 14,1% ихалеит. Аҳәынҭстатистика иҳаҩсыз амзазы ишьақәнаргылеит ахныҟәгараз зыда ԥсыхәа ыҟам аԥаратә хышәаҵышәа ҿыц ҳазҭоу ашықәс абҵара 1 азтәи аҭагылазаашьала. Уи аинформациа излаҳәо ала, иара 8 202 мааҭ инаӡоит. Аԥсҭазаараҿ зыда ҳхәарҭами арҭ ацифрақәеи еиҿҳарԥшуазар – ари иахьӡуп аԥсымышьҭыга.
Денежные купюры и монеты. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2021
Аԥсны
Аҳәынҭстатистика ахныҟәгараз зыда ԥсыхәа ыҟам аԥаратә хышәаҵышәа шьақәнаргылеит
Хыхь еиқәысыԥхьаӡаз иара убас, аџьармыкьаҿы мшызҳа изызҳауа ахәқәеи ҳрызхәыцуазар, 8 нызқь ҳәа мызкы нхашьас иҟоузеи, ауалафахәи атәанчахәи рыҩаӡара ахныҟәгага маҷ рацәак иахымыҳәҳәозар, ма иагьеиҵазар?
Аџьармыкьа анысҳәа, аҳасабразы ахаҳә еиҟәысымжәозаргьы, схатә гәаҭарақәа рыла избарҭоуп: ашьақар хымз раԥхьа 40 мааҭ иҟазҭгьы, иацы уи 70 рҟынӡа инеихьан, ирлас-ырлас афатә аҟаҵаразы ҳхы иаҳархәо азараҟьахәша акәзар – 80 мааҭ иркуаз 140 рахь ицеит. Унха рҳәеит абри ахныҟәгага маҷ аҿы иарбоу аԥара ала. Арифметикатә рбагақәа рахь даҽа знык ҳҿынаҳхар, иаҳҳәап, акультуратә усбарҭаҿы аус зуа ахыбра ахьчаҩ иуалафахәы 8 нызқьи 500 мааҭ инеиуазар, ахныҟәгага маҷ ала ихы избома?
Ирлас-ырласны Аԥсны аиҳабыра рҟынтәи иҳаҳауеит "еиуеиԥшым абиуџьеттә категориақәа ирыҵаркуа русзуҩцәа руалафахәы иацлоит" ҳәа ажәабжь. Сыԥшәма алицеи-интернат аҿы аус иуеит, аха ҿырԥштәыс иаазгаз Аминистрцәа реилазаара нанҳәамзазы иҟанаҵаз аҳәамҭа инадҳәаланы макьаназы иуалафахәы шьҭымҵыц.
Аԥсны абиуџьеттә усҳәарҭақәа русзуҩцәа ирзыԥҵәоу ауалафахәы бжьаратәла 14 нызқь рҟынӡа инеиуеит иҳәахьан Аџьеи, асоциалтә бзазареи, адемографиеи рминистр Руслан Аџьба аабыкьа, хықәкыла абҵара 23 рзы арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз. Аха, убри аан иара иазгәеиҭеит макьанагьы ишыҟоу "ахныҟәгага маҷ аҵкьыс хәба-фба нызқь еиҵаны изауа". Азакәан атәы ҳҳәозар, официалла ахныҟәгага маҷ азы иарбоу еиҵаны ауалафахәы атәылауаҩ идгалара ҟалаӡом. Абри азҵаатәы иадҳәалоу Аџьатә кодекс азакәан ахәҭаҷ анагӡара, аминистр иажәақәа рыла, "ииагоуп иааиуа ашықәс ахь".

Абасала, ахәқәа шьҭыҵуеит, ауалафахәы гылоуп, алашара арцәара, аамҭа-аамҭала аӡы аҟамзаара ртәы уҳәа, 2021 шықәса ахыркәшамҭа иацу ауадаҩрақәа рацәоуп. Ахныҟәгага маҷ ҳәа ҳзышьҭоу ақьаад аҿы иарбоу аасҭагьы еиҳауп, аԥсҭазаараҿы иаҳԥыло ҳныхтәқәа ҳаԥхьаӡозар. 8 202 мааҭ ҳәа астатистика иаҳнаҭо ҳазыгьежьуазар, иалшома ари ала, иаҳҳәап, атәанчаҩы ихныҟәгара? Дычмазаҩхар, ахәшә злааихәозеи, ари иҿиаз ачымазара ҿкы аиааиразы мацара аԥҭекақәа рҿы иаҳԥыло ахәқәа уаҩ дырмыхәозар.

Элеонора Когония  - Sputnik Аҧсны
Елеонора Коӷониаԥҳа
ажурналист, Sputnik Аԥсны аколумнист
Атәанчаҩы анысҳәа, ишәзеиҭасҳәоит машәыршәа дшыздырыз Аҟәатәи аҩбатәи ахәшәтәырҭаҿы ишьҭоу атәанчаҩ ԥҳәыс. Арҭ амшқәа рзы уаҟа згәабзиара шьақәзыргыло саҳәшьа лбара сахьнеиуаз, сахҭыгәлеит зматериалтә бзазара ҭышәынтәалам аԥҳәыс лҭоурых. Лара лыԥшәма деибашьуан, нас, аибашьра ашьҭахь, имаз ахәрақәа ирыхҟьаны, идунеи иԥсахит. Ҩыџьа лыҷкәынцәа ачымазарақәа ирзымиааизт, урҭгьы рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Длымоуп ҩыџьа ахәыҷқәа змоу Аԥсны инымхо аԥҳа заҵә. Ари аԥҳәыс лҭоурых хазы иҩтәуп, аибашьра цонаҵы аснариадқәа ахькаҳауаз ақыҭаҿы илхылгаз зегь реиҭаҳәаразы. Иахьа лара лгәабзиара уашәшәыроуп. Аҳақьымцәа ахәшәқәа лзылҩааны лаԥхьа инықәырҵоит, аха лылшарақәа аԥҭекақәа рыхә изыриааиуам. Саҳәшьа длыцхрааит, саргьы исылшо лзыҟасҵап, аха избан здунеи зыԥсаххьоу аибашьра аветеран иԥшәмаԥҳәыс абас еиԥш иҟоу асоциалтә бзазара хьанҭа зылԥеиԥшхаз, лыԥшәма ахақәиҭразы ихы дамеигӡазар?
Мышқәак раԥхьа феисбуктәи сдаҟьаҿы аветерантә еиҿкаарақәа рахь схы нарханы аҳәара ҟасҵеит атәанчаҩы илыцхраарц. Амитингқәа раамаҭазы "аветеранцәа ҳаҭыр рықәҵатәуп" ҳәа ҳаҳауазаргьы, аԥсҭазаараҿы еиҳарак иаҳбо - ахуаадароуп...
Комплекс правительственных зданий в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2021
Аԥсны
Амитингқәа рышьҭахь…
8 нызқьи 202 мааҭ ҳәа инхо чынуаҩк дҟаларушь, схәыцуеит сара сыҩтәы нагӡо... Ус иҟазҭгьы, амчрахь анеиразы абриаҟара аибарххара ҟаломызт ҳәа сгәы иаангоит.
Ахныҟәгага маҷ аасҭа акыр еиҳаны исырҳауазаргьы, зегь акоуп, схаҭагьы исзымариам аԥсҭазаара иҳаднагало ауадаҩрақәа рӷьырак риааира. Нас, егьырҭ акатегориақәа ирҳәараны иҟоузеи?!
Дук мырҵыкәа Ашықәс ҿыц аныҳәа ҳаԥылароуп. Ахныҟәгага маҷ ҳәа иахьа ҳазлацәажәо заҟароу ҳазхәыцуазар – уаанӡа еиҭаԥар алшоит.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0