Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Багаҭелиа еиҿирԥшит ари амзазы ҵыԥхи сынтәеи Риҵа иаҭааз рхыԥхьаӡара

Багаҭелиа еиҿирԥшит ари амзазы ҵыԥхи сынтәеи Риҵа иаҭааз рхыԥхьаӡара
Анапаҵаҩра
Риҵеи Ауадҳареи сынтәа аԥхын ирҭаауа рыдкылара иахьынӡазхиоу, аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны изеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк атуризми аекскурсиақәеи рыҟәша аиҳабы Етлан Багаҭелиа.
"Риҵатәи аҳәынҭқарратә ҳәырԥсарра аҵакыра Ауадҳарагьы аԥхьа инаргыланы атурристтә аамҭа ҳазыҟаҵоуп. Ирацәаны аусқәа мҩаԥгоуп, ҵыԥх иаҳзыҟамҵаз амҩа аганахьалагьы аус ҟаҵан.Аӡын ас ду иҳазлеиз аԥхасҭа рацәа ҟанаҵеит, урҭқәа зегьы шьақәыргылоуп, аусура 100% ҳазыҟаҵоуп. Ҳәарада , ас еиԥш адгьылҵакыра ду аҟны иҟоуп ауадаҩрақәагьы, урҭ маҷӡам. Зегь раԥхьа игылоуп амҩа, уи ахы инаркны аҵыхәанӡа иҟаҵоуп сызҳәом, аха иуадаҩны иҟаз ахәҭақәа зегьы ишақәнагоу аус адулоуп", - иҳәеит Багаҭелиа.
Ҵыԥхи сынтәеи аҳәырԥсарра иаҭаауаз рхыԥхьаӡара еиҿырԥшуа Багаҭелиа иҳәеит ари амзазы 24% рыла еиҵоуп ҳәа.
"Уи аԥхьа инаргыланы издысҳәало иахьа иҟоу жәларбжьаратәи аҭагылазаашьеи амшцәгьақәеи роуп. Аԥсны аԥсшьаҩцәа ахьрыдыркыло ихьабалак уи аганахьала аҭагылазаашьа еиԥшуп уҳәар ауеит. Аҳәырԥсарра аҭаларазы ахәқәа рышьҭыхра уи ихымԥадатәны иҟаз шьаҿан", - иҳәеит Багаҭелиа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0