Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кобахьиа Аԥсны ашәарҭадара азҵааразы: иаартны исаҳар сҭахын уи аганахьала иҟаҳҵо

Кобахьиа Аԥсны ашәарҭадара азҵааразы: иаартны исаҳар сҭахын уи аганахьала иҟаҳҵо
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Жәлар реизара апарламент ахь анашьҭымҭа ҟаиҵеит. Аԥсны афырхаҵа, ауаажәларратә усзуҩы Аслан Кобахьиа арадио Sputnik аефир аҿы ашәарҭадара азҵаара дазааҭгылеит.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар реизара – Апарламент ахь инашьҭымҭаҟны атәыла ашәарҭадара азҵаара дазааҭгылеит. Зегь реиҳа хадараны иаликаат аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа.
"Еиҳа иааиҵыхны исаҳар сҭахын ашәарҭара аганахьала ҳазҿу. Ҳгәылара аибашьра ду цоит, уи ҳара ҳахь ииасыр ауеит. Уи ҳабанӡазхиоу, иҟаҳҵои уи аганахьала? Еиҳа иаартны аҳәынҭқар ажәлар рҟынӡа инаигар сҭахын. Уаҵәы аибашьра ҳалагылар, аԥхьа игыло аԥсуаа рыҷкәынцәа роуп. Ҳабанӡазыҟаҵоу? Иҟаҵатәу саҳар сҭахын. Еилкаауп, аурысцәеи ҳареи аимадара ҳабжьоуп, аха аус аибашьра аҟынӡа имнеирцаз ҳшазыхиоу ибароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кобахьиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0