Акардиолог аинфаркт ацәырҵрақәа дрылацәажәеит

© Sputnik / Леон Адлейба Капельница
Капельница  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2022
Анапаҵаҩра
Аинфаркт аан агәыхь зыхҟьо агәы ажьышәқәа аҵәыҵәри ахьырзымхо, адаԥшьқәа ахьеихәлачуа ауп. Ихьшәаны аҳақьым иахь адҵаалара ауадаҩрақәа ахылҿиаар алшоит.
АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Агәы иахьаҵанакуа иарбанзаалак ахьаа ачҳара ҟалом, избанзар иара аинфаркт иаҟазшьазар ҟалоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аштатнҭыҵтә кардиолог Евгени Шлиахто иажәақәа шьаҭас иганы.
"Иҟазшьа хаданы иҟоу ахьаауп. Ахьаа аиҳарак иуқәыӷәӷәоит, ибызбызуеит. Иҟалоит ажәҩа, анапы, аца рахь иануныруа. Усҟан апациент ари ахьаа аца ма абӷашшара ирыдиҳәалар ҟалоит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Шлиахто.
Амиокард аинфаркт ахьаа аԥхӡылҵра, аԥсыҽра, аԥсыԥкра, аԥсмаҷхара ацзар ҟалоит.
Ианаамҭоу ауснагӡатәқәа урызхьамԥшыр, аҵәыҵәри ахьзымнеиз агәы ажьышә ашьашьҭра иаҟәыҵыр ҟалоит. Ари аԥсҭазаараз ишәарҭоу аритмиахь икылнагоит.
Агәи ашьадеи рчымазара адунеи аҿы реиҳа аԥсыҭбара зцу мзызуп - 16%. ВОЗ адыррақәа рыла, есышықәса иара иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵуеит 17,9 миллионҩык, аиҳараҩык 70 шықәса рхымҵӡацт.
Убас, иахьатәи адыррала, аинфаркт иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит 49 шықәса ирҭагылаз ашәаҳәаҩ Иури Шатунов.
Премьера фильма Ласковый май прошла в киноцентре КАРО фильм Октябрь - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2022
Иԥсҭазаара далҵит Иури Шатунов
Ажәабжьқәа зегьы
0