Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ҭыӷьӡаа" - ҳаамҭа иақәшәо, зеиԥш маҷу ажәеилазаарақәа

© Sputnik Томас ТхайцукПрезентация литературного конкурса «Ажәа агәылаԥшра»
Презентация литературного конкурса «Ажәа агәылаԥшра» - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2022
Анапаҵаҩра
Ауаҩы ицәажәараҿы иаартны иимҳәо ажәамаанала, жәаԥҟала, мамзаргьы зҵакы еиҭарсу ажәеилазаарала иааирԥшыр илшо атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
"Ашә-ӷьыч ихы акы ықәуп" ҳәа анырҳәа, ихы инапы аақәишьит иаргьы. Зеиԥш ыҟам ҳбызшәа хазына иаанамырԥшуа ҳәа акы ыҟам. Иара ахаҵкы ажәа аус азырур зылшо заҟа алаиҳәар илшозеи. Ауаҩы ицәажәараҿы иаартны иимҳәо ажәамаанала, жәаԥҟала, мамзаргьы зҵакы еиҭарсу ажәеилазаарала иааирԥшыр илшоит.
Баграт Шьынқәба ишәҟәы "Ахьырҵәаҵәа" аҟны иаагоуп абас еиԥш иҟоу ажәа маанала агарашәақәа:
Шьышь наани, шьышь наани,
Ҵыԥх исабыз, сынтәа исыҷкәыноу,
Уеибганы абахҭа узҭыҵыр,
Сан унаган улысҭоит!..
Золотая осень в Великом Новгороде - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2019
"Хә-ҳәыҳәк хә-махә ҩак ирықәтәоуп": аԥсуа ажәарццакқәа рыхҳәаа
Анҵаҩы ишаирбо ала, ари ажәамаанала иҳәоу агарашәа иаанагоит: лаб абахҭа дҭакын, ашьаус иқәшәараны дыҟан, аха мыш-ҩажәа дзычгар – даурыжьуан, ахәыҷы дызҵаз иԥҳа ибара даннеилак, лгәыҳәԥы иҿалҵауан.
Иҟоуп убас еиԥшгьы ажәеицарсқәа, ҳәоук, ма ажәа рацәала иуҳәо ахшыҩҵак ажәак ианаанарҧшуа. Аԥсуа бызшәаҿы ажәак ала иааурҧшуа аҵакқәа даараӡа ирацәоуп. Иаҳҳәап:
Дегьызмаха – ирбаз зегьы еимыҵәҵәа ианырго.
Дҟыԥсӡа – афатә, ма арыжәтә иазгәаҟуа итәоу изы "дҟыԥсӡа дтәан" рҳәоит.
Дбыбӡа – акгьы усс измам изы.
Агәаҩҿеҩра – дгәаҩҿеҩны даанхеит ҳәа изырҳәоит ауаҩы акы заҳаз, аха изакәыҵәҟьоу инагӡаны иззеилымкааз изы.
Мышхәыбзаза – зымшьҭа бзиоу ауаҩы, ауаҩы мшы.
Национальный костюм  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2021
Афырхаҵареи агәымшәареи ирызку аԥсуа жәаԥҟақәак
Аԥсуаа ажәа ҳаҭыр ду ақәырҵон, мыч дус ирԥхьаӡон. Исахьаркны, ирԥшӡаны, ажәа рацәа мҳәакәа, хшыҩла ицәажәоз, зажәа раӡаз ауаҩы ажәлар рҿы еснагь ҳаҭыр иқәын. Ажәлар рыгәҭыхақәа, рус ииашаны, зажәа раӡаны иалацәажәоз ауаҩы ихьӡ ахара инеҩуан, унеишь-уааишь ҳәа иарҳәон. Аԥсуа жәлар рыбжьара абаҩхатәра змаз ажәабжьҳәаҩцәеи ацәажәаҩцәеи (аораторцәа) рацәаҩны ишыҟаз атәы азгәарҭон Аԥсны иаҭаауаз аныҟәаҩцәагьы. Ашәҟәыҩҩы Зинаида Рихтер излазгәалҭоз ала, "аԥсуа иаӷа диҿагыланы ажәала данҿаԥиҽуагьы, дарбан лордзаалакгьы диҵашьыцратәы, иаамысҭашәаны дцәажәоит".
Аԥсуа ицәажәараҿы игәынамӡара акәзаргьы, игәҭыхак акәзаргьы, мамзаргьы даҽаӡәы дышиашам иирбозар, аҵакы ӷәӷәа аазырԥшуаз ажәала дцәажәон.
Абхазская азбука. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2022
Аԥсны
"Афрахазаамҭа", "аԥагәалра", "аԥҟьаԥса": ажәытә ажәақәаки урҭ рҵакқәеи
Иааҳгап зеиԥш маҷу ажәеилазаарақәа ҳазҭагылоу аамҭа бзиаҵәҟьаны иаазырҧшуа:
Ҭәа збаз, ҭәа иҳәҳәеит.
Ҭыӷьӡаа реиҧш еилалт.
Рысаҟала жәабжь уаҩы имаҳацызт.
Хҭырԥала амза хыиҩарц иҭаххеит.
Уахьырдыруа – ухаҭа,
Уахьазымдыруа – умаҭәа.
Адаӷьгьы сызҭоу аӡы зегьы иреиҳандаз аҳәоит.
Зутәы ум, иҳәатәгьы ҳәам.
Ажәабжьқәа зегьы
0