Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсрақәа, аиныхрақәа, аԥсхәрақәа: ацәгьа амҩаԥгашьазы идыртәу аҟынтә хәҭак

CC0 / / Человек зажигает свечу
Человек зажигает свечу - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар агәаҟрақәа - аԥсрақәеи, аиныхрақәеи, аԥсхәрақәеи рымҩаԥгашьа акәамаҵамақәа иахьа дрылацәажәоит апоет, ашәҟәыҩҩы, Sputnik автор Анатоли Лагәлаа.
Аԥсуа жәлар ҩнаҭалатәи ргәаҟра дуқәа рахь иԥхьаӡоуп аԥсрақәа. Урҭ ишрыхәҭоу аԥсуаҵас рымҩаԥгара иацклаԥшуеит ари агәаҟра зҭааз зегьы. Иҟоуп иахьынӡахәтоу иззымҩаԥымго, акык-ҩбак инагӡатәу аритуалқәа зцәагхо, аха абжеиҳараҩык ҳаԥсуа қыҭақәеи ҳақалақьқәеи рҿы урҭ рынагӡаразы анкьаахыс иаарго атрадициақәа шамаха ирхыԥом, рынагӡара иашьҭоуп. Иахьа, убарҭ агәаҟрақәа рҿы ҳажәлар иаарго ртрадициақәа рҟнытә, хԥа срылацәажәоит: аԥсрақәеи, аиныхрақәеи, аԥсхәрақәеи. Абраҟа иасырбар сҭахуп уи зегьы наукала иҭҵааны рцәыргара акәӡам сгәы иҭоу, уи аҵарауаа алацәажәахьеит, иҭырҵаахьеит, сара сцәажәара зызку, иахьеи уахеи урҭ ирылагылоу ҳҿар, аԥсуаҵас ахымҩаԥгашьаҿы маҷӡак иадамхаргьы ирыцхраауазар, схықәкы анагӡара сахьӡазшәа исыԥхьаӡоит.

Аԥсрақәа

Ҳаԥсуа жәлар рыԥсҭазаараҿы аԥсрақәа даара ауаҩы игәы изырхьуа хҭысқәаны имҩаԥысуеит. Анкьаӡа аахыс, аԥсуа иашҭаҿы аԥсра аныҟалалак, иаразнак аԥшәма иуа-иҭахы еизоит, аԥсра зыхьыз ирылшо ала ивагыларц, ицхраарц, игәырҩа ицеиҩыршарц. Иԥсыз ауаҩы дқәыԥшзаргьы, дбыргзаргьы, иагмыжькәа аҵәыуара ҟарҵоит, аԥсыжра аҽны деинырхуеит. Ауа-аҭахы, иара аԥсы изааигәоу зегьы ҳәсагьы-хацәагьы аиқәаҵәа маҭәа, ашәы рышәҵаны аџьабараҿы игылоит. Аҵәыуарахь иааиуа зегьы иҵәыуаны ианалгалак, урҭ ирыдашшылоит, иҟалаз арыцҳара ргәы ишалсыз рарҳәоит. Аԥсы иқәгара ԥыҭрак шагу, хазы аԥсы иҭынхацәа, аԥсы изааигәоу ақәыԥшцәеи ахацәеи аҵәыуара иқәлоит. Раԥхьа ақәыԥшцәа рыла иалагоит, нас агәыбжьанытәқәа, аҵыхәтәаны - абыргцәа.
Похороны - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2020
Аншьан, Самақәа: аԥсуаа ртрадицатә культураҿы аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа
Иаҳҳәап, иԥсны иқәу дхаҵазар, уи иԥҳәыс ауаа иахьырбо еимаҭәаны дҵәыуаӡом, ус аҭынхацәа дахьрылагылоу лылабжыш ааргьы, илҵәахуеит, уаҩы илырбаӡом. Иаҳа ииашоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, уаҵәы дыржраны, ауха аџьабацәа еиҳа ианмаҷҩу днеины дҵәыуар, наӡаӡа абзиараз ҳәа иалҳәар.
Аԥсыжра аҽны, зегь реиҳа иацклаԥшны имҩаԥыргоит аԥсы ихцәажәара, ирҽеира. Уаҟа хҩык, ма хәҩык рҟынӡа ицәажәоит. Ахаҵа иакәзар иԥсны икҿоу, аҳәса цәажәаӡом. Иара аԥҳәыс даныржуагьы, аҳәса цәажәаӡом, аха зны-зынла иԥсыз зынӡа лҩыза ааигәак лакәзар, ддырцәажәар ҟалоит, иара убригь иааркьаҿны.
Аԥсы ихцәажәара ааиртуеит, уинахыс иагьымҩаԥигоит иара изааигәаз игәыла. Уи иааркьаҿны данцәажәалак ашьҭахь, ажәа ииҭоит аԥсы ихәыҷра инаркны иҭоурых бзианы издыруа, иара игәылак, ма иҩызак.
Народные обряды - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2019
Аԥсра иахыԥаз иныҳәара: адгьыл ахыԥареи асимволикатә ԥсыжреи
Уи ишьҭахь дцәажәар ҟалоит иԥсыз ианшьа, нас, иабхәараа рҟынтәи аӡәы, амаҵура далазар, иҩызцәа рҟынтәи аӡәы, ма уаанӡа аус ахьиуаз, иџьабаа ахьыҟаз иҩызак. Аҵыхәтәан, ажәа ирҭоит иԥсыз ииашьара аҟынтәи хаҵак. Урҭ зегьы рышьҭахь алахьеиқәҵаратә митинг хиркәшоит ахцәажәара аазыртыз агәыла. Уи иҳәоит иахьа аԥсы згәы далсны ашҭа иҭалаз зегьы аҵәыцак-аҵәыцак хырҭәаларц, иԥсы рныҳәарц. Уаҟа зегьы аишәа еиқәаҵәахьы инеиӡом, еиҳарак харантәи иаази, иҩызцәеи, иҭынхацәеи роуп. Ааигәацәаҵәҟьақәа аԥсы анышә иаҭарахь ицоит.
Аԥсы ишихәҭоу ианихцәажәалак ашьҭахь, ашәҭқәеи, ацәашьи, аҩи, аӡи зку шьоукы аԥхьа инагыланы, ажәлар аԥсыжрахь рҿынархоит. Аҩи аӡи хәыҷы-хәыҷла икарҭәалоит, ацәашьгьы быллоит аԥсы ашҭа дҭыганы ԥыҭк инаскьаанӡа. Аԥсыжраҿы ихымԥадатәиу аритуалқәа иреиуоуп аԥсы данықәырго, иашҭаҿы уи дызҭоу аҭоубыҭ хынтә адгьыл ақәыркьысра.
Анна Сангулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2019
"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы
Абасала, аԥсы ихәҭоу акагмыжькәа, шьҭарнахыс абри ашҭа абзиарақәа ҭалалааит, абри азхазааит ҳәаны, досу рыҩныҟақәа рахь ихынҳәуеит.

Аиныхрақәа

Аԥсра ахьыҟаз аҭыԥ аҿы аԥсыжра ҟалаанӡеи аԥсыжра ашьҭахьи ауаа дыртәоит, акы инацҳарц, умҩа бзиахааит, ма бымҩа бзиахааит ҳәа ҵәыцақәак хырҭәаларц.
Аԥсыуаҵасла аиныхраҿы аишәа аиҳабы далырхӡом, ус, аԥшәма итәоу руаӡәы днаихагылан, ҳаԥсы иҵәыуаразы иааиз ҵәыцақәак сыздыркы иҳәар ҟалоит, мамзаргьы, итәоу гәыԥҩык рыбжьара аӡә ихьӡ рҳәоит, егьырҭ аганқәа рҿы итәоугьы даҽаӡә ихьӡ, ажәакала, рыбжьы ахьынӡараҳауа инақәыршәаны аӡәаӡәала рыхьӡқәа рҳәоит. Урҭ нас, дара ишрыхәҭоу, ианхәыҷыз аахыс ԥсыуаҵас ишырбахьоу, ишраҳахьоу имҩаԥыргоит.
Ачысхаақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2019
Иҵасхәым ачыс, мамзаргьы ачгахьа аҽшаԥсахыз
Ажәакала, агәаҟра аишәаҿы, Аԥсны раионцыԥхьаӡа зны-зынла аишьҭагылашьа џьара-џьара аҽанаԥсахуа ыҟоуп, аха иааидкылан уахәаԥшуазар, ишьҭырхуа абарҭ аҵәцақәа роуп:
Унарцәымҩа бзиахааит — адунеи зыԥсахыз ихьӡала.
Аҩнаҭа иазынхаз — иԥсыз ишьҭахьҟа инхаз аҭаацәа рыхьӡала.
Аԥсны ахақәиҭра зхақәызҵаз ҳаҷкәынцәеи ҳаӡӷабцәеи — ари хымԥадатәиуп, иуцәыбжьахаргьы, иара уаҵәҟьа иудтәалоу гәыбӷан ӷәӷәа урҭоит… Анкьа, аԥсуа-ақырҭуа еибашьра ҟалаанӡа, аамҭа иалаӡыз, ма агәаҟцәа, хабарда ибжьаӡыз ҳәа иныркылон. Уажәгьы џьара-џьара еилаҵаны иахьырҳәо ыҟоуп.
Ажьрацәара, ауа аҭынха — уахь иаҵанакуеит аҭаацәа ирзааигәоу зегьы.
Аиашьара — аԥсы ижәлантәқәа рыхьӡала.
Абхәараа — аԥшәма иԥҳәыс лабраа рыхьӡала.
Згәы иалсны иааиз — аԥсы дызҵәыуаз зегьы.
Аԥсы иҳаҭгәын ҟазҵаз — анышә ԥызҟаз рыхьӡала.
Агәылацәа — амаҵ зуз, аԥсы дзырҽеиз, аԥшәма игәырҩа зырԥшӡаз.
Аҵәцақәа аанызкылаз иныҳәаҿеи, агәараҭа иабаз ацәгьара азхазааити —ҵәыцак ала ирҳәоит.
Абасала, агәаҟра зҭааз ашҭа арԥшӡара, аԥшәма имаҵ аура, ахарантә иаази, аџьабара иалахәызи, аԥсрахь имҩахыҵзи зегьы ирыхәҭоу ҟаҵаны ианеилгалак ауп, хымш-ԥшьымш раахыс хаԥсыра баны амаҵ зуаз агәылацәа натәаны, уахраҭ бзиахааит, ҳгәыла, ҳәа аҳабла иаланхогьы акы ианацҳауа. Асеиԥш иҟоу атрадициа аԥсуа икамыжькәа иааигоит анкьаахыс, уи ҳабацәа, урҭ рабацәа рҟынтәи иаауеит.
Ажәҩан - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2019
Агәаҟрақәа раанкылара, ма аԥсраҿаҳәара ақьабз

Аԥсхәрақәа

Аԥсуа жәлар шамахак имырӡкәа иааргоит рабацәа, урҭ рабацәа иныҟәыргоз аҵас-қьабзқәа, еиҳаракгьы агәаҟрақәа, аԥсрақәа ирыдҳәалоу зегьы. Избанзар урҭ ахаан аахысгьы уалԥшьас ирыԥхьаӡон, ауаҩы даныԥслак, ари адунеи аҿы иԥсҭазаара аниԥсахлак нахыс, иқә-иҵас иахәҭоу зегьы шахәҭоу иҟаумҵар, аԥсы иара ихәы иумҭар, ҵасӡам, арахь дхьаԥшыр ҟалоит, аҭаацәагьы ирзеицәоуп ҳәа ирыԥхьаӡон. Убри азоуп, аԥсы даныржлак, раԥхьатәи аԥшьаша, мамзаргьы раԥхьатәи асабша ахаатәфара нахыс аԥсхәы аура изазхәыцуаз рыуа-рҭынха рыдгаланы. Арахь иаарыԥхьоз ауаа, мамзаргьы иахьагьы иаарԥхьауа, аҭаацәара иазааигәоу, зыцәгьеи зыбзиеи еилоу, еиҳаракгьы аԥсра ианақәшәаз ирывагылаз, ирыцхрааз роуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахшара ҭаацәараҳәа ицахьазар, аӡӷаб лабхәа изааигәаӡоу, ишьҭра, аҷкәынгьы аҭаацәара далалахьазар, иабхәараа, ахшара рҩызцәа гәакьацәа, аиншьцәа, аиашьара, аҳаблауаа, анышә ԥызҟаз уҳәа аҩнаҭа ацәгьеи-абзиеи иалагылоу, гәыкала ирзыҟоу зегьы.
Анна Сангулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2019
"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы
Раԥхьа аԥшәма хәылбыҽхак иҩныҟа иааиԥхьауеит иҭахцәа гәакьақәеи изааигәоу игәылацәақәаки аԥсхәра аҿҳәара ԥырҵәарц. Убраҟа иалацәажәоит ауацәа-аҭахцәа досу илшо, аԥсаҭатә аазго, аԥшәма имамзар, аҩы иадгыло, акәытқәа шаҟа аҭаху, раԥхьа иргылан, шаҟаҩы ираҳәахо, аԥшәмагьы дыԥхамшьартә, даргьы рхы дмырԥхашьартә… Шьоукы иаразнак ирҳәоит ашьамаҟа ишадгыло, даҽа шьоукых ԥарала ацхыраара шыҟарҵо. Иара убас уа иалацәажәоит аҳаблаҿы ирымоу аилаԥса.
Ақыҭаҿ акәзар аԥсхәы ахьымҩаԥысуа, анкьа уахь инеираны иҟаз иразҳәаша аҷкәынцәа иара убри ауха рыӡбахә рҳәон, қыҭа-қыҭала ауацәа ахьынхоз ишаны ирыдырҵон. Насгьы, аԥсхәы заҳәаз зегьы рыҩнқәа рҿы инеины ирарҳәар акәын, ус инеидҵа-ааидҵаны, изаҳауеи измаҳауеи еиҟараны ирҳәар ҟалаӡомызт, аԥшәма иааиликаар, агәылацәа зегьы штәаз гәыбӷан ӷәӷәа риҭон, сара сакәызма зымаҵ аура иаԥсамыз ҳәа.
Ацәашьы - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2019
Аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа – ашәаџьҳәареи аҷаԥшьареи
Аԥсхәы аура мышқәак шагу аԥшәма агәылацәа даарыԥхьаны, рацәак идуум қаблак рызшьны, зыԥсхәы руа дхаҵазар, ацәҟата, дыԥҳәысзар, ажәҿыс, досу уи аҽны дзызку иалацәажәоит.

Раԥхьа ашьаԥа маҭәахә аазго, изыргыло рыӡбахә рҳәоит. Нас, ашьтәқәа зшьуа, акәац зжәуа, ачуанқәа аазго гәыԥҩык арԥарцәа алырхуеит. Урҭ рышьҭахь рыӡбахә рҳәоит абысҭахь иҟоу даҽа гәыԥҩык. Ирхадыршҭӡом амҿы аазгаша, ачуанқәа заа амца рыҵазҵаша, ахрыӷи ашылеи шаҟа аҭаху илаганы еиқәзыршәаша. Акәытқәеи акәакәшьқәеи зшьыша, ихәылызхыша, атәара иалагаанӡа анышәынҭрахь игатәу акагмыжькәа еиқәзыршәаша. Ашьаԥа аҩнуҵҟа амаҵ зуша аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи, урҭ еиҳабыс ирырҭаша ихьӡ.

Аԥсхәрақәа уажәтәи аамҭазы, анкьаӡа ауаарацәа еизганы, аимҭахарақәа шыҟарҵоз, аҽқәа шдырҩуаз, еивасны ианцоз иагьараан амашәырқәагьы ҟалахьан, уи аҩыза шьҭа иаҟәыҵит, аамҭа иара ахаҭа иканаԥсеит. Усҟан аԥшәмагьы убриаҟара ахарџь ҟаиҵар акәхон, аԥсхәра ашьҭахь акыраамҭа ауал дзаҵымҵуа, имамкәа-ихӡымкәа дынхон.
Иахьа, ақалақьқәа рҿгьы аԥсуаа иҟарҵоит аԥсхәқәа, иара абраҟагьы, шамахак ақыҭақәа рҿы ишымҩаԥырго еиԥш, иахәҭоу ақә-аҵас нарыгӡгоит. Уи аԥсуа ишьа-ида иалоуп, уалԥшьак еиԥш, дахьыҟазаалакгьы инаигӡалароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0