Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба Урыстәыла иаҿагыланы аҩбатәи афронт аартразы: Қырҭтәыла зынӡа иԥыххааса иҟалоит

Ҳагба Урыстәыла аганахьала аҩбатәи афронт аартразы: Қырҭтәыла зынӡа иԥыхаасса иҟалоит
Анапаҵаҩра
Европарламент Қырҭтәыла ианамҭеит Евроеидгыла алахәылараз акандидатра. Ари агәынамӡара цәырнагеит ауааԥсыра рыбжьара. Мышқәак раԥхьа имҩаԥгаз аҭынч протест аполитикатә акциахь ииасит. Аполитолог Беслан Ҳагба арҭ ахҭысқәа ахҳәаа риҭеит.
Евроеидгыла Қырҭтәыла алахәылараз Европарламент мап ацәкра даараӡа ргәы канажьит, уи иақәгәыӷӡомызт зынӡа, ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба. Иара игәаанагара иҳәеит Урыстәал аиаҿагыланы аҩбатәи афронт Аԥсны аганахьала аартразы иҟоу ацәажәарақәа рзгьы.
"Аҩбатәи афронт аадыртыроуп ҳәа Украина аиҳабыра зықәгәыӷәуаз, уи аҳәара мариоуп, аха анагӡара уадаҩуп. Иага иҳарџьаргьы, Қырҭтәыла аиҳабыра иахьа Урыстәыла акәша-мыкәша иҟоу ахҭысқәа даҽакала ирыхәаԥшуа иалагеит. Аибашьрақәа ирыхҟьаны ирыхьқәаз даҽакала иазгәарҭоит. Аҩбатәи афронт анаԥшьырга, Қырҭтәыла зынӡа иԥыххааса иҟалоит. Убри рдыруеит уажәы еиҳабцәас иҟоу. Аҩбатәи афронт авантиуратә шьаҿоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аха ацәажәара аганахьала, Украина ишадгыло атәы рҳәоит. Ишәаноуп Аԥсны аганахьала, Урыстәыла аганахьала ашьаҿақәа зыҟарамҵо", - ҳәа иҳәеит Ҳагба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0