Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Тамшьтәи адесант алахәылацәа ргәаладыршәеит

© Foto / Официальный сайт Президента Республики Абхазия Президент Республики Абхазия Аслан Бжания возложил цветы к Мемориалу Славы в селе Тамыш
Президент Республики Абхазия Аслан Бжания возложил цветы к Мемориалу Славы в селе Тамыш - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Анапаҵаҩра
29 шықәса раԥхьа, ԥхынгәы 1-2 ауха 1993 шықәса рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа амшын аҟынтәи аԥсуа десант ӡхыҵит. Ажәылара мҩаԥысуан жәамш.
АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа далахәын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан имҩаԥгаз Тамшьтәи адесант рыӡхыҵра 29 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Иара убас агәалашәаратә уснагӡатә иалахәын Аџьынџьтәылатәи аибашьра аветеранцәа, Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Аԥсны анапхгара рхаҭарнакцәа, аҳәынҭусбарҭақәеи ауаажәларратәи русзуҩцәа.
Очамчыра араион Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа 1993 шықәса ԥхынгәы 2 рзы амшын аҟынтәи аԥсуа десант ӡхыҵит. Иара иалахәын хышәҩык рҟынӡа аибашьцәа, азеиԥш напхгара ҟаиҵон Заур Зарандиа. Адесант иахықәкы хаданы иҟан астратегиатә ҵак ду змаз Аҟәаҟа ицоз амҩаду аанкылара. Адесант аныӡхыҵ ақырҭуа ар реиҳабыра Мрагыларахьтәи афронт ахь рымчқәа реиҳара ииаргар акәхеит. Уи иалнаршеит аԥсуа ар Шроматәи ахырхарҭа аганахьала лҵшәа бзиала ақәыларатә еибашьрақәа мҩаԥыргарц.
1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иҭахаз рбаҟа Тамшь ақыҭан еиҭашьақәыргылан адесант аӡхыҵра 26 шықәса анахыҵуаз арыцхә азы.
Июльское наступление. 03.07.1993 г. ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0