Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи ар ааха рырҭеит УАМ аџьаԥҳаны шьҭаҵарҭақәа ԥшьба

© Sputnik РИА  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИстребители Су-35 в зоне спецоперации
Истребители Су-35 в зоне спецоперации - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Урыстәылатәи ар ааха рырҭеит УАМ аџьаԥҳани аракета-артиллериатә бџьари рышьҭаҵарҭақәа ԥшьба Харьковтәи аобласт аҿы, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла ар ДЖәР аҿы ааха рнаҭеит УАМ 93-тәи абригада гыларҭа ҭыԥқәа. Иҭархоуп 150-ҩык аррамаҵзурауааи 12 ак аибашьыгатә техникеи, анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ҩба. Иара убасгьы уахыки-ҽнаки рыла ааха рыҭан ЛЖәР аҿтәи 18 раион рҟны арратә техникеи аҳәаанырцәеибашьцәа аамҭалатәи ргыларҭақәа.
Иҭархоуп ареактивтә системақәа "Урагани" "Гради" рартиллериатә гәыԥқәа ԥшьба Горловка иахьаҵанакуа, агаубицақәа "Гиацинт-Б" рартиллериатә взвод Херсонстәи аобласт аҿы.
Аҳаирплан Су-25 Херсонтәи аобласт аҿы икарыжьит. Аоператив-тактикатә авиациеи аракетатәии артиллериатәии ар ааха рырҭеит: УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 3, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа 2, аракетатә комплекс С-300 арадиолокациатә станциа Николаев иахьаҵанакуа, 63 раион рҿы аруааи аибашьыга техникеи.
На въезде в Северодонецк установили флаг России - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылеи ЛЖәР-и Северодонецки Боровскоеи рхы иақәиҭыртәит
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә мчрақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хԥа, атактичкатә ракетақәа "Точка-У" хԥа ЛЖәР аҿы, рыԥырра еиԥҟьоуп РСЗО "Ураган" ахгәыцәқәа ааба Харьков иахьаҵанакуа.
Арратә операциа иалагазар ааха рыҭоуп: 231 ҳаирплан, 134 вертолиот, 1451 аԥырҩы дызҭам аппарат, 353 зенит-ракетатә комплекс, 3910 танк, 716 реактив-систематә машьынақәа, 3092 артиллериеи минаршәгеи рыхгәыцәқәа, 4016 ак аибашьыга автомобилтә техника.
Президент РФ В. Путин провел встречу с министром обороны РФ С. Шойгу - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу Путин изеиҭеиҳәеит ЛЖәР ахақәиҭтәразы аоперациа шымҩаԥысыз
Ажәабжьқәа зегьы
0