Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" хыркәшоуп Пицунда

© Sputnik / Томас Тхайцук Фестиваль Опера Вива
Фестиваль Опера Вива  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны акультура аминистрра еиҿнакааз II Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" мҩаԥысуан ԥхынгәы 5-7 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik. II Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль ахыркәшаратә концерт мҩаԥган Пицундатәи ауахәамаҿы, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит уи адиректор Гәында Агрба.

"Аконцерт ахәаԥшцәа рыла ибеиан, амузыкантцәа гәахәарыла ирыдыркылон, агәалаҟазаара бзиа рыман. Аԥсшьаҩцәа рацәан. Иахьа иқәгылон Аԥсны акамертә оркестр, аурӷан аирҳәон Лука Гаделиа, ашәақәа нарыгӡон Аҳәынҭқарратә филармониа ахкы нагӡаҩцәа", - лҳәеит Агрба.

Афестиваль аартын Аԥсуа драматә театр аҿы, ԥхынгәы 6 рзы имҩаԥган "Piano Duo" аконцерт, акультуратә уснаӡатә хыркәшан Пицундатәи ауахәамаҿы.
Фестиваль Опера Вива  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2022
Аԥсны
II Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" аатит Аҟәа
II Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль иалахәын Аԥсны ахортә капелла, Аԥсны акамертә оркестр, Адыгеиатәи аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр, Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа Акамертә хор.
Аоператә ариақәа нарыгӡон: Нинель Бжьаниаԥҳа, Гәлиза Аҩӡԥҳа, Нана Черқьезиаԥҳа, Алхас Ферзба, Асҭамыр Кәыҵниа, Кристина Ешԥҳа, Сирануш Гаспариан, Атеатр ду аоператә труппа асолист Бехзод Давронов. Аконцерт далахәуп ауарӷанарҳәаҩы Лука Гаделиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0