Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Зразҟы амцхә икыднаҟьаз ашәҟәыҩҩы: Нури Бараҭелиа игәалашәара иазкны

© Foto / из архива семьи Нури Багателия
Нури Багателия - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2022
Анапаҵаҩра
Ааигәа 105 шықәса ҵит аԥсуа хәыҷтәы шәҟәыҩҩы Нури Бараҭелиа диижьҭеи. Уи иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызкуп апоет, ажурнал "Алашара" аредактор Анатоли Лагәлаа ианҵамҭа.
Сара жәиԥшь шықәса анысхыҵуаз инаркны аԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы ирызкны ахатәы альбом ҟасҵеит. Уаҟа иагәыласҵеит ажурналқәеи агазеҭқәеи рҿы исԥылоз ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рфотосахьақәеи, рбиографиақәеи, рҩымҭақәа рцыԥҵәахақәеи, иара убасгьы, ашәҟәыҩҩцәа дара-дара рзы ирыҩуаз агәалашәарақәеи, акритикатә статиақәа еиҳа иахьыцҳауаз рагәылҩаақәеи… Ажәак ала, сара сшыхәыҷыз иаԥысҵеит сара схатәы литературатә журнал-альбом!..
Насгьы, усҟан Аԥсны иҭыҵуаз ажурналқәеи агазеҭқәеи зегьы аҩны иҳауан, убри азы сара исзымариан урҭ акы аанмыжькәа рыԥхьара. Насгьы, саҳәшьцәа еиҳабацәа ҳаҩны абиблиотека бзиа рыман, избанзар урҭ Аҟәа аусқәа руан, аҵарақәа рҵон, ҿыц иҭыҵуаз шамахак шәҟәык раҩрыжьӡомызт… Сабгьы ианиааз ирацәаны ашәҟәқәа дрыԥхьон, раахәара дазгаган, насгьы хаҭала иидыруаз ашәҟәыҩҩцәа рацәаҩын азы ашәҟәқәа ҳамҭас ирҭон…
Ажәакала, сыззааиуа, убарҭ бзиа ибаны зҩымҭақәеи зфотосахьақәеи еизызгоз ашәҟәыҩҩцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы Нури Бараҭелиа. Насгьы, уи сшыхәыҷӡаз иажәабжьқәа рыԥхьара салагахьан, ргьама скхьан, еиҳаракгьы маршәа бзиала ахәыҷқәа рдунеи ааиртуан, убри азы дысзааигәан…
Усҟангьы уажәгьы сара сзы даара акраанагоит ашәҟәыҩҩы ихатә ԥсҭазаара шихигаз, уи уаҟа иԥылаз ауадаҩрақәа дшыриааиз, ишьапы дықәрымҟьакәа, дкаҳацыԥхьаӡа агылара илшартә имаз амч… Ишырҳәо еиԥш, ауаҩы ицәа иҭаимыгӡо акгьы ыҟаӡам…
Иаҳгәалаҳаршәап ашәҟәыҩҩы иавтобиографиа:
Бараҭелиа Нури Тарас (Ҭахәыц)-иԥа (05.05.1912, Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Тамшь ақыҭа) – 19.04.2000) – аԥсуа шәҟәыҩҩы. СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.
Аҵара иҵон Аҟәатәи Ашьхаруаа ршкол аҟны. Иҵара хиркәшаанӡа, 1935 шықәса рзы аусура далагеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ("Аԥсны) аредакциаҿы. 1935-1939 шықәсқәа раан – Очамчыратәи араионтә газеҭ "Абольшевик мҩа" аредакторс дыҟан. Ашьҭахь, ҩаԥхьа дхынҳәит "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциахь, напхгара аиҭон апартиатә ҟәша.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) аан афронт ахь дцоит. Аӷацәа дрытҟәоит, аха уантә дыбналоит, апартизанцәагьы иҽрымеидоит. Ашьҭахь, дахьыртҟәахьаз инамаданы ддырбаандаҩуеит, абахҭагьы дҭаркуеит. Ихы дақәиҭыртәуеит 1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭаз. Аԥсныҟа даныхынҳә Нури Бараҭелиа аус иуан ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аҟны, 1971 шықәса рзы атәанчара ашҟа диасаанӡагьы уи амаҵ иуан.
Нури Бараҭелиа дырдыруеит хәыҷтәы шәҟәыҩҩны. Иажәабжьқәеи илакәқәеи, рнылон ажурналқәа "Алашара", "Амцабз", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия" уҳәа егьырҭгьы. Иҭижьит 10 инареиҳаны ашәҟәқәа.
Аԥсшәахь еиҭеигеит абаза шәҟәыҩҩы З. К. Хачукови аҟабарда прозаик А. Т. Шортанови ражәабжьқәа, акьыԥхьгьы рбеит ажурнал "Алашара" аҟны (1965, №3; 1972, №4).
Сборник Алашара - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2020
Аҳауеиԥш иаҳҭахыз: иҭыҵит ажурнал "Алашара" аҭоурых еидызкало ашәҟәы
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Аԥашәыркра. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа. Аҟәа, 1959; Аиаша умҩа арлашоит. Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 1962; Ага бӷьыци ашьха бӷьыци. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1964; Агәи абзи. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1967; Ашәаԥшь иаԥылаз. Ажәабжьқәа. Алакәқәа. Аҟәа, 1971; Аӡыхьқәа рҩашхоит. Ажәабжьқәеи алакәқәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1973; Раԥхьатәи ашьаҿа. Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа, алакәқәа, ажәамаанақәа. Аҟәа, 1979; Емхы Ҭемырҟан. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1981; Иалкаау. Ажәабжьқәеи алакәқәеи. Аҟәа,1982; Ихәыҷызаргьы иулшо. Ажәабжьқәеи, алакәқәеи, аиуморқәеи. Аҟәа, 1985; Ардәына-ҿықә-ҿықә. Ажәабжьқәеи алакәқәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1989; Аӡыркәи ԥагьа хәыҷы. Алакәқәа. Аҟәа, 2012.
Нури Бараҭелиа аԥсуа хәыҷтәы жәабжь ажанр дааҭымҵӡакәа кыршықәса аус адиулон. Уи сара иԥсы шҭаз сихьӡеит, хынтә-ԥшьынтә дсықәшәахьан сара ирлас-ырласны сахьнеилоз ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аҟны. Избанзар уа аус руан сара даара исзааигәаз ашәҟәыҩҩцәа - Алықьса Гогәуеи, Геннади Аламиеи, Даур Занҭариеи.
Чичико Джонуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Ҳаԥсадгьыл ду аҭынчра азаазгаз: Ҷиҷико Џьонуа игәаларшәаразы
Уи даара ҳамаршәа икуан аҿар, иҳаиҳәон ирацәаны ишаԥхьалатәыз, еиҳаракгьы аԥсуа литературеи адунеитә классикатә литературеи, ишыҩлатәыз. Иара иажәақәа рыла, аибашьра ашьҭахь иара дандырбаандаҩы, ииҩуаз маҷын, аха иахьынӡаилшоз ирацәаны даԥхьон, ашәҟәыҩҩцәа дуқәа рҩымҭақәа иԥсы ҭакны дааргон, ддырӷәӷәон, мчы маӡак иларҵон.
Уи ашьҭахь, акыр шықәса анҵы, Нури иԥҳа Заира Бараҭелиа слацәажәартә алшара соуит ажурнал "Алашараҿы" лҩымҭақәа лкьыԥхьырц даннеиуаз аамҭақәа рзы. Уи лажәақәа иахьагьы ибзианы исгәалашәоит, избанзар убриаҟара аԥсы ахаҵаны исзеиҭалҳәеит. Абраҟа иазгәаҭатәуп Заира дшырҵаҩу, убри лзанааҭ бзиа инаваргыланы ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызкны ажәабжьқәа иахьагьы ажурналқәа "Алашареи" "Амцабзи" рҟны ишылкьыԥхьуа, лара лхатәы ԥхьаҩцәа шлымоу.
"Уи аԥсҭазаараҿы даара акрихигеит, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҟынтәи иареи Шьалуа Ҵәыџьбеи раҟара џьамыӷәа цәгьа аӡәгьы ихимгацзар ҟалап. Аибашьра Ду аҿы деибашьит, уи ашьҭахь ддырбаандаҩит акгьы ихараӡамкәа, аҵыхәтәан, аарла иԥсы иман Аԥсныҟа дааит.
Сара ибзиан исгәалашәоит, иара иаҳзеиҭеиҳәоз иажәабжьқәа рыла, данхәыҷыз даара аҵара иҵарц шиҭахыз, аха усҟан аԥсуаа раӷьырак аҵарадырра рацәак пату дук рзақәмызт. Саб ҳқыҭахь иаалоз хәаахәҭҩык дицны маӡала Аҟәаҟа дцеит, џьара ҷышәрак ахьырҵо ҵараиурҭак сызҭалозар ҳәа. Уи Аҟәа дахьнеиз, ҳауацәақәак иԥшаан, рыҩны дыԥхьон, рыҽқәа дырхылаԥшуан, Ашьхарыуаа рышколгьы дҭалеит.
Ашкол ашьҭахь уи акомсомолтә усурахь диасит, 30-тәи ашықәсқәа рзы редакторс дҟарҵеит Очамчыратәи агазеҭ "Абольшевикцәа рымҩа" аҟны. Уи ашьҭахь, 1939 шықәса рзы агазеҭ "Аԥсны ҟааԥшь" апартиатә ҟәша аиҳабыс.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан саб ихатәгәаԥхарала еибашьра дцеит, ԥыҭрак ашьҭахь, Кавказаа ргәыԥ дук рытҟәеит Керч ақалақь аҿы, убраҟа иаргьы дрылан. Уи изласзеиҭеиҳәаз ала, абомбақәа анрылаҳа, иаргьы анышә дажит, ихы аарла данҩаха, илымҳақәа аҩбагьы еимаҷыҩны идагәаны иҟан, акгьы имаҳауа, убри аамҭазы анемеццәа икәшан дааныркылеит", - ҳәа лгәалашәарақәа дырзааҭгылон иԥҳа.
Шамил Акусба - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2021
"Аиха иалху аибашьҩы": Шамил Аҟәысба игәалашәаразы
Заира лажәақәа рыла, лаб ар рҿы аполитикатә ҟәша деиҳабын, ус иҟаз аҭыԥ ӷәӷәа ааникылоит ҳәа иаразнак дыршьыр акәын, аха иара иқәҿиагәышьеит убракзаҵәык…
"Уи ҳанхәыҷқәаз излаҳзеиҭеиҳәоз ала, уа иԥсыда-инхада ахьырҳәоз аибашьраҿы, дахьаанагаз изымдырӡо, ԥҳәыск даацәырҵын, идокументқәа лҵәахит, акәымзар иааидырбалазҭгьы, аԥсыкгьы ихдырҵуамызт… Уи дытҟәаны дахьрымаз ԥсышьацәгьа изаарцеит, ддыргәаҟит, иԥсы аарла иҭакьакьан дшыҟаз, аибашьра анеилга, ҳара ҳтәқәа аннеи, ихы дақәиҭырҭәит", - лҳәеит Заира.
Лара ишылҳәаз ала, лаб Асовет Еидгылахь иаразнакгьы дзыхнымҳәӡеит, аамҭақәак Европа дынхон, даныхынҳәгьы, Цәыхь ҩбагьы ихьит ҳәа, учарҳәаҩуп ҳәа дҭаркит. Уаҟа алагер аҿы Сталин дыԥсаанӡа дыҟан.
"Амала саб сара зегь раҵкысгьы дызрыцҳасшьо, уи ддырбаандаҩаанӡагьы аҩымҭақәа маҷымкәа иаԥиҵахьан, аха уара унеины акрааугазар, иаргьы аибашьра иалигеит… Саб абриаҟара ааӡаб шихигазгьы, ауаҩ ицәымӷра илаӡамызт, игәы аартын, игәы шаҭан, дразын амцхәгьы… Иара иҿы сасра ирлас-ырласны инеиуаз ашәҟәыҩҩцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Фазиль Искандер, урҭ аиҩызара рыбжьан", - ҳәа лгәалашәарақәа сыцеиҩылшон Заира.
Алексей Джонуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2021
Ҳаԥсадгьыл ду зыхьчоз апоет: Алықьса Џьонуа изы ажәа
Аԥсуа-қырҭуатә еибашьра Нури Бараҭелиа зынӡа ишьапы даақәнаҟьеит, ихигахьаз зегьы изеилалан, 2000 шықәса рзы иԥсҭазаара далҵит.
"Уи ашәаԥыџьаԥ цәгьала бзиа ибон, ҳабду иҩны Тамшь рацәак иацәыхарамкәа ҩ-саҟәак ргылан иман, убарҭ ҟәардәрагьы столрагьы изыруан, иахьахәлаанӡа дрыдтәалан дыҩуан... Убри аҭыԥаҿ ҳара иҳаман иахьа рацәак иуԥыхьамшәо аӡыӡлагара, уи саби сареи ҳаԥсы алан, кыраамҭа ҳтәаны ахәаԥшреи азыӡыҩрреи ҳарааԥсаӡомызт…
Саб бзиа ибон аԥсабара, еиҳаракгьы аҵар рыбжьы хаа, убарҭ дырзыӡыҩрларц азы егьарааны шаанӡа дгыланы, абарҵаҿы дтәаны иқьаадқәа акы анырниҵоз рацәан.
Сара агәра згоит, уи ииҩыз зегьы ихы-иԥсы зегьы рыҭаны ишиҩыз, убри азоуп иахьа ахәыҷқәагьы ашколтә программақәа рҿы ирну иажәабжьқәа гәахәарыла изрыԥхьо…" - ҳәа гәыблыла лаб дихцәажәоит Заира Бараҭелиаԥҳа.
Иџьаушьаша, абриаҟара џьамыӷәа бааԥс зхызгаз, зшьа-зда зегьы аибашьра еилнарҩаахьаз, аиқәырхара илшеит аҿар рахь имаз агәыбылра, абзиабара, ахӡыӡаара. Ус еиԥш иҟоу ӡи мцеи ирылҵыз ашәҟәыҩҩцәа рбаҩхатәра абзоурала, рыжәлар рҟынӡа иааргаз ԥсра зқәым рҩымҭақәа ҳара иҳахәҭоуп уаҵәы игыло аҿар рызнагара, дара ирыцәтәымымкәа, ирызгәакьаны, ргәи-рыԥси иҭымҵыртә аҟаҵара…
Ажәабжьқәа зегьы
0