Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амшынеиқәафымцамч" аҿы амҩаду Ԥсоу-Аҟәа арлашараз аусурақәа рхышәаҵышәа иалацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЧерноморэнерго
Черноморэнерго  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2022
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә мҩаду Ԥсоу-Аҟәа арлашараз аусурақәа хыркәшан 2014 шықәсазы.
АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Ԥсоу инаркны Аҟәанӡа амҩаду арлашара иугәаԥхартә иҟам, абри атәы иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Саид Блабба.
"220 шьаҟа арстәуп. Аплафонқәа рҭагылазаашьа бааԥсуп, иԥхасҭахоит лассы-лассы. Алашарагьы ԥсыҽуп. Аплафонқәа ԥсахтәуп, дара 6000 цыра рҟынӡа ыҟоуп", - иҳәеит иара.
Арҭ рҩызцәа алашарарбагақәа цырак 12 - 13 нызқь иаԥсоуп. Уи адагьы атрансформатор маҷқәа реиҭарҿыцра аҭахуп иҳәеит Блабба.
Игәаанагарала аҭагылазаашьа зыхҟьаз ианаамҭаз аобиект иахәҭаз ахылаԥшра ахьамоуз ауп, акраамҭа усбарҭак иадмызт. 2018 шықәсазы аобиект ахылаԥшра "Амшынеиқәафымцамч" анапы ианырҵеит, аха анаплакы ԥарала иахьеиқәшәамыз азы азҵаара рацәа ӡбамкәа иҟоуп.
Президент посетил участок Республиканской трассы в районе Адзюбжи, где устанавливаются столбы освещения. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2022
Аԥсны
Аҟәа-Очамчыра амҩаду лашарала аиқәыршәара аамҭеихшара иаԥнагоит
Ашьаҟақәа имаҷым ааха арҭоит амашьынарныҟәцаҩцәа. Блабба ишиҳәаз ала 200 шьаҟа амҩатә машәыр аан ааха рыҭоуп, аԥхасҭа 2 миллион мааҭ артәоит.
ААИ аусзуҩцәа иахәҭоу ашәҟәқәа еиҿыркаауеит АУН аԥхасҭа аԥхьаӡоит, аха ахәқәа хьдуу азы шамахамзар аӡәгьы ахараԥса ишәом иҳәеит Блабба.
Амҩаду Ԥсоу-Аҟәа 120 километра иҟоуп. Ари амҩахәҭаҟны 3 000 шьаҟа арсуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0