Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҳәԥҳа Гал ашколқәа арҵагашәҟәқәа рыла реиқәыршәашьа азы

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҳәԥҳа Гал ашколқәа шәҟәыла реиқәыршәашьа атәы
Анапаҵаҩра
Иааиуа аҵарашықәс ҿыц Гал араион ашколқәа ахьынӡазхиоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит араион аҵараусбарҭа аметодист Ельмира Аҳәԥҳа.
Гал араион аҿы иҟоу 19 школ ахәыҷқәа рыдыркылартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп, лҳәеит араион аҵараусбарҭа аметодист.
"Амза 20 инаркны ауп арҵаҩцәа зегьы ашкол ахь ианҭыҵуа, аха мчыбжьык ахь знык ашкол аҟны арҵаҩы дахьымнеиуа, ашә аркны иҟаӡам. Арҵаҩцәа ныҟәоит зны-зынла амза 20 аиаанӡа. Ашколқәа зегьы рҭагылазаашьа хазыноуп ҳәа узҳәом, аха ашә ахьузаамыртуа ыҟам", - лҳәеит Аҳәԥҳа.
Лара лажәақәа рыла актәи акласс инаркны абыжьбатәи аҟынӡа ашколқәа зегьы рҵаҩцәа шәҟәыла еиқәыршәоуп. Аабатәи акласс инаркны ажәеизатәи аҟынӡа аҵаҩцәа шәҟәыла рҭаацәа еиқәдыршәароуп.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0