Украинатәи арыц зқәу аӷба Стамбултәи абаӷәаза иҭалеит

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Стамбул
Города мира. Стамбул - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Украинатәи арыц зқәу аӷба агәаҭаразы Стамбултәи абаӷәаза иҭалеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Ҭырқәтәыла Атәылахьчара шьаҭас иганы.

"Џьықәреила иҭәны Одессатәи абаӷәаза иҭыҵыз аидармҩангага Razoni аӡыбжьахала Босфор иҭысны иазалхәу аҭыԥ аҟны аԥырсал ланашьҭит", - аанацҳауеит арратә усбарҭа.

Агәаҭаратә комиссиа иалахәхоит Урыстәылеи, Украинеи, Ҭырқәтәылеи, Еиду амилаҭқәа реиҿкаареи рхаҭарнакцәа. Агәаҭара ашьҭахь аӷба Ливанҟа идәықәлоит.
Ԥхынгәы 22 рзы Стамбул Урыстәылатәи аалыҵқәа аекспорт ахь рынашьҭразы иҟаз аԥкарақәа раԥыхрази украинатәи арыц алгара ацхраарази аиқәшаҳаҭра рнапы аҵаҩын.
Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара аилаӡара рнапы еицаҵарҩит. Уи иазгәанаҭоит украинатәи арыц Амшын еиқәала амҩангара. Приморск, Иужныи абаӷәазақәа рыла. Арыц дәықәырҵалоит х-баӷәазак рҟынтәи- Одесса, Черноморск, Иужныи.
Уборка пшеницы в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2022
Украинатәи арыц ада адунеи амлакра азыԥшуп: ииашоу ипропагандоу
Ажәабжьқәа зегьы
0