Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Камкьиа "АрМИ-2022" азы: ҳаҷкәынцәа ҳаамҭазтәи атехника ирлас рнапахьы иааргоит

Камкьиа «АрМИ-2022» азы: ҳаҷкәынцәа ҳаамҭазтәи атехника ирлас рнапахьы иааргоит
Анапаҵаҩра
Аԥсны арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аподполковник Вадим Камкьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМИ-2022 иахьынӡазыхиоу атәы.
Аԥсны аруаа рыла еиҿкаау быжь-командак быжь-еицлабрак ирылахәхоит, урҭ еиуеиԥшым атәылақәа рҿы имҩаԥгахоит. Акомандақәа аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп иҳәеит Камкьиа арадиоефир аҿы.
"Командацыԥхьаӡа урыстәылатәи ацхырааҩ дрыдҳәалоуп, дара зегьы ибзианы ҳрыдыркылеит. Иахьа уажәраанӡа иааиԥмырҟьаӡакәа аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп. Зынӡа аицлабра иалахәхоит 37 ҳәынҭқарра", - ҳәа еиҭеиҳәеит Камкьиа.
Иара убасгьы иҳәеит АрМИ-2022 аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахо афорум аҩнуҵҟа ишыҟало ацәыргақәҵа, ҳаамҭазтәи аибашьыгатә техника ахьӡыргахо.
Аԥснытәи акомандақәа аицлабрақәа иахьынӡарзыхиоу атәы еиҭаҳәауа, Камкьиа иҳәеит аинструкторцәа ишазгәарҭо, иҳаҩсыз ахәмаррақәа ирҿырԥшны, сынтәы еиӷьны ишазыҟаҵоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0