https://sputnik-abkhazia.info/20220811/atylauai-aiabyrei-shlymba-aa-auaazhlarrat-transport-anyara-iazkny-1040865480.html
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Шәлымба Аҟәа ауаажәларратә транспорт аныҟәара иазкны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Шәлымба Аҟәа ауаажәларратә транспорт аныҟәара иазкны
Sputnik Аҧсны
Аԥхын аамҭазы ауаажәларратә транспорт аҳҭнықалақь аҟны аусура шеиҿкаау, шаҟа аамҭа рҟынӡа иныҟәо, уадаҩрақәас ирымоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит... 11.08.2022, Sputnik Аҧсны
2022-08-11T18:00+0300
2022-08-11T18:00+0300
2022-08-11T18:00+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
атәылауаҩи аиҳабыреи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/0b/1040866029_0:0:3073:1728_1920x0_80_0_0_b74ef6f3a22813467902a91762f69373.jpg
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Шәлымба Аҟәа ауаажәларратә транспорт аныҟәара атәы
Sputnik Аҧсны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Шәлымба Аҟәа ауаажәларратә транспорт аныҟәара атәы
Аԥсны иҟоу атранспортттә наплакқәа рыфбагьы рҭагылазаашьа даара иуадаҩуп, ауаа рымаҵ ауразы ацхыраара рҭахуп иҳәеит Шәлымба арадиоефир аҟны."Абылтәы инаркны, амашьына маҭәахәқәа уҳәа даараӡа аус зыдулатәу зҵаароуп. Аҟәатәи анаплакаҟны иҳамоу атранспорт иҿыцгәышьоуп, аха аныҟәгара хәыҷык иаҳцәыуадаҩуп. Абылтәы ахә иацлеит, атранспорт аремонт аҟаҵара ахә даара иацлеит. Ажәытә машьынақәа иҳамоу еицырхырааны, аҳәынҭқарра аҟынтәигьы акы инҳацхрааны ҳааиуеит. Ааигәагьы аудаҩрақәа ҳаман абылтәы аганахьала. Ауаа асуеит "ишәыхьи" ҳәа, амҩангара ахәԥса ашьҭыхразгьы ауадаҩра ыҟан. Аҳәынҭқарраҟны аҭагылазаашьа ус иаанрыжьыр рҭахуп, избанзар ауаа усҟак рымам ахә иацлартә еиԥш. Уигьы ҟамлар залшарым, аамҭак амоуп, аха иахьазы уадаҩра хадас иҟоу абылтәи аремонт аҟаҵареи роуп. Аҟәа ақалақь ахада абылтәы инацны иҳауртә ацхыраара ҟаиҵоит, убасгьы амашьына маҭәахәқәа рганахьалагьы. Ашәахьа атранспорт зегьы еиқәыршәан былтәыла, ишыжәдыруа еиԥш, аусура иҭыҵит", - иҳәеит Шәлымба.Иара иазгәеиҭеит аԥхын ауаа рныҟәгара иадҳәалаз лаҵарамзазы аилацәажәара шрымаз, Аҟәа иалаз автобусқәа абарбалқәа рыла ишеиқәшәамыз азгәаҭан усҟан, анаҩс абылтәы ахәгьы шьҭыҵит."Акомпесациа аиуразы ҳаиқәшәаӡамызт, уи иҟаз аусура арежим иԥмыргаӡакәа иҟаҳҵарц азы. Абылтәы ахә ианацла, иҟаз адотациа ианышьҭнамх, иаҳа имаҷны иҭаҭәатәхоит амашьына. Ус анакәха, иаҳа аамҭа имаҷны иныҟәоит атранспорт ақалақь аҟны ауаа рымаҵ ауразы", - иҳәеит Шәлымба.Иара иазгәеиҭеит арҭ амзызқәа ирыхҟьаны ахәылбыҽха ауаажәларратә транспорт аныҟәара ишахәҭаз иалыршамызт ҳәа, уажәы аиҳабыра рҟынтә ироуз ацхыраара иабзоураны абылтәы иацҵаны ирзоурыжьуп."Ирымоу аграфикқәа рыла иахьатәи амш азы асааҭ 8 рҟынӡа аус руроуп (ахәылбыҽха), аҷаԥшьаратә графикқәа змоу асааҭ 9 рҟынӡа. Ахылаԥшра аҟаҵаразгьы иҷыдоу амаҭәахә аархәеит, уигьы аиқәыршәара иаҿуп. Егьи амчыбжь инаркны ишахәҭоу еиԥш ахылаԥшра ҟалоит, аграфик еиԥмырҟьаӡакәа ишышьақәгылоу иқәныҟәарц", - иҳәеит Леонид Шәлымба.Иара убасгьы еиҭеиҳәеит шаҟа-шаҟа автобус бжьоу хырхарҭацыԥхьаӡа аҳҭнықалақь аҟны.Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/0b/1040866029_68:0:2799:2048_1920x0_80_0_0_99f668d339122b49f22d0f6f0d4322a7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, атәылауаҩи аиҳабыреи, аудио
аԥсны, аподкаст, атәылауаҩи аиҳабыреи, аудио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Шәлымба Аҟәа ауаажәларратә транспорт аныҟәара иазкны
Аԥхын аамҭазы ауаажәларратә транспорт аҳҭнықалақь аҟны аусура шеиҿкаау, шаҟа аамҭа рҟынӡа иныҟәо, уадаҩрақәас ирымоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба.
Аԥсны иҟоу атранспортттә наплакқәа рыфбагьы рҭагылазаашьа даара иуадаҩуп, ауаа рымаҵ ауразы ацхыраара рҭахуп иҳәеит Шәлымба арадиоефир аҟны.
"Абылтәы инаркны, амашьына маҭәахәқәа уҳәа даараӡа аус зыдулатәу зҵаароуп. Аҟәатәи анаплакаҟны иҳамоу атранспорт иҿыцгәышьоуп, аха аныҟәгара хәыҷык иаҳцәыуадаҩуп. Абылтәы ахә иацлеит, атранспорт аремонт аҟаҵара ахә даара иацлеит. Ажәытә машьынақәа иҳамоу еицырхырааны, аҳәынҭқарра аҟынтәигьы акы инҳацхрааны ҳааиуеит. Ааигәагьы аудаҩрақәа ҳаман абылтәы аганахьала. Ауаа асуеит "ишәыхьи" ҳәа, амҩангара ахәԥса ашьҭыхразгьы ауадаҩра ыҟан. Аҳәынҭқарраҟны аҭагылазаашьа ус иаанрыжьыр рҭахуп, избанзар ауаа усҟак рымам ахә иацлартә еиԥш. Уигьы ҟамлар залшарым, аамҭак амоуп, аха иахьазы уадаҩра хадас иҟоу абылтәи аремонт аҟаҵареи роуп. Аҟәа ақалақь ахада абылтәы инацны иҳауртә ацхыраара ҟаиҵоит, убасгьы амашьына маҭәахәқәа рганахьалагьы. Ашәахьа атранспорт зегьы еиқәыршәан былтәыла, ишыжәдыруа еиԥш, аусура иҭыҵит", - иҳәеит Шәлымба.
Иара иазгәеиҭеит аԥхын ауаа рныҟәгара иадҳәалаз лаҵарамзазы аилацәажәара шрымаз, Аҟәа иалаз автобусқәа абарбалқәа рыла ишеиқәшәамыз азгәаҭан усҟан, анаҩс абылтәы ахәгьы шьҭыҵит.
"Акомпесациа аиуразы ҳаиқәшәаӡамызт, уи иҟаз аусура арежим иԥмыргаӡакәа иҟаҳҵарц азы. Абылтәы ахә ианацла, иҟаз адотациа ианышьҭнамх, иаҳа имаҷны иҭаҭәатәхоит амашьына. Ус анакәха, иаҳа аамҭа имаҷны иныҟәоит атранспорт ақалақь аҟны ауаа рымаҵ ауразы", - иҳәеит Шәлымба.
Иара иазгәеиҭеит арҭ амзызқәа ирыхҟьаны ахәылбыҽха ауаажәларратә транспорт аныҟәара ишахәҭаз иалыршамызт ҳәа, уажәы аиҳабыра рҟынтә ироуз ацхыраара иабзоураны абылтәы иацҵаны ирзоурыжьуп.
"Ирымоу аграфикқәа рыла иахьатәи амш азы асааҭ 8 рҟынӡа аус руроуп (ахәылбыҽха), аҷаԥшьаратә графикқәа змоу асааҭ 9 рҟынӡа. Ахылаԥшра аҟаҵаразгьы иҷыдоу амаҭәахә аархәеит, уигьы аиқәыршәара иаҿуп. Егьи амчыбжь инаркны ишахәҭоу еиԥш ахылаԥшра ҟалоит, аграфик еиԥмырҟьаӡакәа ишышьақәгылоу иқәныҟәарц", - иҳәеит Леонид Шәлымба.
Иара убасгьы еиҭеиҳәеит шаҟа-шаҟа автобус бжьоу хырхарҭацыԥхьаӡа аҳҭнықалақь аҟны.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.