Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аамҭа иамырӡуа агәалашәара: Мзиа Дауҭиаԥҳа аибашьра раԥхьатәи амш иазкны

© Sputnik / Саида Жиба Мзия Даутия
Мзия Даутия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа, Гагра араион Цандрыԥшь аҳаблан (уаанӡа ақырҭқәа Гантиади ҳәа изышьҭаз) аԥсуаа имаҷӡаны инхон, жәа-ҭаацәарак иреиҳамызт, аха даара аидгылара рыман. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аҩбатәи амш аҽны, нанҳәа 15 рзы, араҟа аӷацәа рымшынтә десант анӡхыҵ, раԥхьаӡакәны аҭыԥантәи аԥсуаа рнырҵәара рҽазыршәеит. 1992 шықәсазы, зқәыԥшра аамҭа иҭагылаз аԥсуа ԥҳәызба Мзиа Дауҭиаԥҳа лыҩны абарҵантә илбон ақырҭуа десант шыӡхыҵуаз. Уи амш лгәалашәараҿы ишынхази, анаҩстәи рыхҭысқәеи ирызкуп уажәы ишәыдызгало анҵамҭа.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аибашьра раԥхьатәи амш аҽны, нанҳәа 14, 1992 шықәсазы, Аҟәа Ацҳа ҟаԥшь аҿаԥхьа аӷацәа дҭадырхеит Цандрыԥшьтәи арԥыс Нури Багаҭелиа. Ари ажәабжь ԥхыӡ ҿаасҭак ирзаҩызахеит аҷкәын иҭаацәеи, игәакьацәеи, иҩызцәеи. Мзиа Дауҭиаԥҳа аиашьак иеиԥш илԥхьаӡоз, илыцызҳаз Нури аӷацәа рхымца иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит ҳәа агәра лгар лҭахымыз, аха 19 шықәса зхыҵуаз аԥҳәызба иабалдыруаз иҵегь лгәы кылызҵәоз ахҭысқәа шылзыԥшыз.
Нанҳәа 15 аҽны, аҩны абарҵантәи Мзиа лабҿаба илбон ақырҭуа десант амшын аҟынтәи ишыӡхыҵуаз. Урҭ ацаха шкәакәа рылахь иакәыршаны, бџьарла еиқәных ашышкамсқәа реиԥш аҟәара иқәлеит.
"Адесант аныӡхыҵ жәохә минуҭ ааҵуаны, саб Валери Дауҭиеи, сашьа Мирони, саншьа Едик Гәлариеи гәыԥҩык аԥсуааи ирымаз абџьар ааидкыланы ирыӡбеит аӷацәа аҿагылара рырҭарц. Аҩны иҟаз аҳәса ауада шәдәылымҵан ҳәа ҳарҳәеит. Ҳахьтәазгьы ахқәа ршәышәбжьы ҳаҳауан. Арахь телехәаԥшрала ахлымӡаах ҳдырбо иалагеит. Ажәакала аҭагылазаашьа шәарҭахеит", - илгәалашәоит сажәабжьҳәаҩ.
Ҩбаҟа сааҭ рышьҭахь ахысбыжьқәа анеиқәтәа, Дауҭиаа ргәашә машьынак аадгылеит. Иубаратәы иҟан ишьыз ма ихәыз аӡәы дшақәыз. Аԥшәма Валери Дауҭиа амашьына дҭыҵит, аха игәы аҭыԥ иҭамызт.
"Сани, саҳәшьеи, сареи, саншьа иԥшәмаԥҳәыси ҳҭыԥ аҟынтә ҳзеиҭаҵуамызт ҳшәаны. Уи аамҭазы ҳхаҿы зегь иреицәаз ахәыцрақәа цәырҵит. Ари збаз агәылацәа амыткәма ҳәо ҳашҭа иҭалеит ҳашьа Мирон дышьны дааргеит ҳәа гәахәауа. Ҳаб иакәзар, иҟалаз иҿы изарҳәомызт, акзаҵәык инапы иҟьон "мап уи иакәӡам" ҳәа аанаргауа. Ҳашҭахь иҭаргалаз ҳҭынха Иури Қаԥшь иԥсыбаҩ акәын. Иара аӷацәа аҿагылара риҭарц Гагрантәи иааз дыруаӡәкын", - лажәа иацылҵоит Мзиа.
Церемония возложения цветов в Гагре 14 августа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2022
Аԥсны
Гаграа иргәаладыршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа
Валери иҭаацәа ргәырҽаниҵеит аԥсы Гаграҟа дшырзымго, уахь амҩақәа шарку. Дара рҽеилаҳәаны агәылацәа рахь рҽырӡарц адҵа риҭеит. Аха иԥшәмаԥҳәыс Света Гәлариаԥҳа "аԥсы ихала иааныжьра ҵасым" лҳәан, аҩны даанхарц иақәылкит. Уи аамҭазы сани саҳәшьцәеи рыԥсы ҭаны избарушь ҳәа ишаҟьшаҟьо ихынҳәыз Мирон иҳәеит усҟантәи аамҭазы Цандрыԥшь аус зуаз Рома Габлиа дышҭахаз, дшырхәыз Иналиԥа ҷқәынак. Урҭ амҩақәа аркхаанӡа Гагра ахырхарҭахь рышьҭра шалыршахаз. Агәра диргеит аибашьра хаҭа шалагаз, Цандрыԥшь амацәаз ишҭаркыз.
"Аҽны ҳгәылацәа аерманцәа ааины маӡала иҳарҳәеит ақырҭқәа шҳашьҭоу, аҩны аангылара шшәарҭоу. Азнык азы дара рҟны ҳарҵәахит. Иура рыцҳа, сашьа ҳашҭаҟны адгьыл ԥиҟан аамҭала дыржит. Мышқәак рышьҭахь ҳгәылацәа аерманцәа рыбзоурала Урыстәылаҟа аҳәаа ҳаиасит. Уахь ҳцаанӡа сашьа Мирон ааигәа ииӡахыз акостиумқәа ҳаиҭеит, "ишәымаз, издыруада салаашәгәалашәаларгьы" ҳәауа. Уи еиҳагьы ҳгәы канажьит", - еиҭалҳәоит Мзиа Дауҭиаԥҳа.
Витали Ажьиба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
"Дԥызан": аибашьҩы Витали Ажьиба игәалашәаразы
Аҳәса рыԥсҭазаара уажәшьҭа ашәарҭара ишҭагыламыз анеилкааха, ахацәа ԥхьаҟа аӷацәа аҿагылара рырҭарц еихеит.
"Гагра араион ахақәиҭтәраан сашьа Мирон ахәра иоуит, аха сара анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит иԥсы ахьеиқәирхаз, Аиааира амш абара ахьиразҟхаз. Саншьа Едик Гәлариа дҭахеит Ԥхынгәытәи ажәылараан", - лҳәоит Мзиа.
Дауҭиаа Цандрыԥшьынтәи ианықәҵ аӷацәа рыҩны ықәццышәаа иргеит. Аҭаацәара раб, апоет Валери Дауҭиа 3600 акьыԥхь зымбацыз иажәеинраалақәагьы алаблит.
Цандрыԥшь инхоз аԥсуаа ргәы ҭызшьааз хҭысхеит ахәыҷқәа ишырбоз хаҵеи ԥҳәыси Ажьиаа шьны, абылтәы рықәтәаны ақырҭцәа рыԥсыбаҩ рблит ҳәа ианрылаҩҩы.
"Уаҩытәыҩсала ацәыӡ аныҟам ауп аразҟы, егьырахь иузмырҽеиуа ыҟам. Амала усҟан еилыскааит аԥсҭазаара зныҭрыс иааҳәыр шалшо. Ус иагьыҟалеит ҳажәлар рзы. Аха иахьа аӷьацара ҳаҿуп. Лаӷырӡыла икәабоу ҳиааира наунагӡахааит. Уи иазықәԥаз хашҭра рықәымзааит", - лҳәеит згәалашәара сыцеиҩызшаз Мзиа Дауҭиаԥҳа.
Сынтәа, нанҳәа 14 рзы иҵит 30 шықәса Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра иалагеижьҭеи. Ари алахьеиқәҵаратә мшы атәыла ахи аҵыхәеи рҟны иазгәарҭоит.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2022
Аԥсны
Бжьаниа: Владислав иааԥхьара бираҟҵас ишьҭыхны ҳажәлар аӡәк иеиԥш Аԥсны ахьчаразы игылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0