https://sputnik-abkhazia.info/20220817/saania-markyla-arkheologiat-zhraa-rzy-shysyratsala-iuaasha-youp-1040994833.html
Сақаниа Маркәыла археологиатә жрақәа рзы: шықәсырацәала иҭуҵааша ыҟоуп
Сақаниа Маркәыла археологиатә жрақәа рзы: шықәсырацәала иҭуҵааша ыҟоуп
Sputnik Аҧсны
Археолог, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы Сурам Сақаниа еиҭеиҳәеит Маркәыла аекспедициа шымҩаԥысуа, ирԥыхьашәаз аԥшаахқәа ртәы. 17.08.2022, Sputnik Аҧсны
2022-08-17T19:20+0300
2022-08-17T19:20+0300
2022-08-17T19:23+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/11/1040994937_0:0:2600:1463_1920x0_80_0_0_dc33999e806f5fe6c7bad118229a807e.jpg
Сақаниа Маркәыла археологиатә жрақәа рзы: шықәсырацәала иҭыуҵааша ыҟоуп
Sputnik Аҧсны
Сақаниа Маркәыла археологиатә жрақәа рзы: шықәсырацәала иҭыуҵааша ыҟоуп
Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҟны ари аԥхын археологцәа ргәыԥқәа рыҽшаны аус руеит Очамчыра - антикатәи ақалақь Гиуенос аҭҵааразы ажрақәа мҩаԥыргоит; Аӡҩыбжьа - VII-VI ашәышықәса ҳера ҟалаанӡа аԥсуааи абырзенцәеи ахьхәаахәҭуаз аҭыԥ ҳәа иԥхьаӡоу адгьылҵакыраҟны аԥшаарақәа ирҿын, убасгьы Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Археологиа аинститути Аԥсуаҭҵаартә институти Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Маркәыла ақыҭа 2013 шықәса раахыижьҭеи имҩаԥыргоит археологиатә експедициақәа. Сынтәа уа аусурақәа хацыркын ԥхынгәымзазы."Маркәылатәи абааҿы 2013 шықәса раахыижьҭеи ҳаауеит, хәыҷы-хәыҷы аҭҵаара ҳаҿуп. Ирацәаны амаҭәарқәа гәаҳҭахьеит, иҭаҳҵаахьеит сҳәар, мцуп, аха ари аҭыԥ аҟны уаҩы иааџьеишьаратәы еиԥш иҟоу аҭоурых адаҟьақәа аатра иаҿуп. Ахәҟьаҟьараҟны абаагәара ықәгылоуп, насгьы абаашқәа ҩба, урҭ рыбжьара ауахәама бжьагылоуп. Ҳара ҳазгәаҭала IV ашәышықәса анҵәамҭеи V ашәышықәса алагамҭеи ирыҵаркуеит, аҭыԥантәи архитектуроуп. Маҷ-маҷ аус ҳуеит, избанзар Аԥсны Академиеи Аԥсуаҭҵааратә институти рҟынтәи аԥара рзоужьӡам (аекспедициақәа), Урыстәылантәи иазоурыжьуагьы рацәам, ҳара ҳрыцымкәа закәанла ҳтәылаҟны аус рур ҟалом. Ара ҳрыцуп археолог Зураб Хонӡиеи сареи. Араҟа шықәсырацәала аус ууроуп, избанзар V–IV ашәышықәсақәа ҳера ҟалаанӡа инаркны ХV-ХVI ашәышықәсақәа рҟынӡа ара ауаа нхон", - иҳәеит Сақаниа.Иара еиҭеиҳәеит убасгьы сынтәа ирбаз аԥсыжырҭа ҷыдарақәас иамоу атәы, ирбаз аԥшаахқәа арбану.Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.Маркәылатәи абааҟны археологцәа аекспедициа мҩаԥыргалоит нанҳәа 25-нӡа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/11/1040994937_190:0:2505:1736_1920x0_80_0_0_5088440978ac19ed85a28e5e1bd8c42b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Сақаниа Маркәыла археологиатә жрақәа рзы: шықәсырацәала иҭуҵааша ыҟоуп
19:20 17.08.2022 (ирҿыцуп: 19:23 17.08.2022) Археолог, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы Сурам Сақаниа еиҭеиҳәеит Маркәыла аекспедициа шымҩаԥысуа, ирԥыхьашәаз аԥшаахқәа ртәы.
Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҟны ари аԥхын археологцәа ргәыԥқәа рыҽшаны аус руеит Очамчыра - антикатәи ақалақь Гиуенос аҭҵааразы ажрақәа мҩаԥыргоит; Аӡҩыбжьа - VII-VI ашәышықәса ҳера ҟалаанӡа аԥсуааи абырзенцәеи ахьхәаахәҭуаз аҭыԥ ҳәа иԥхьаӡоу адгьылҵакыраҟны аԥшаарақәа ирҿын, убасгьы Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Археологиа аинститути Аԥсуаҭҵаартә институти Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Маркәыла ақыҭа 2013 шықәса раахыижьҭеи имҩаԥыргоит археологиатә експедициақәа. Сынтәа уа аусурақәа хацыркын ԥхынгәымзазы.
"Маркәылатәи абааҿы 2013 шықәса раахыижьҭеи ҳаауеит, хәыҷы-хәыҷы аҭҵаара ҳаҿуп. Ирацәаны амаҭәарқәа гәаҳҭахьеит, иҭаҳҵаахьеит сҳәар, мцуп, аха ари аҭыԥ аҟны уаҩы иааџьеишьаратәы еиԥш иҟоу аҭоурых адаҟьақәа аатра иаҿуп. Ахәҟьаҟьараҟны абаагәара ықәгылоуп, насгьы абаашқәа ҩба, урҭ рыбжьара ауахәама бжьагылоуп. Ҳара ҳазгәаҭала IV ашәышықәса анҵәамҭеи V ашәышықәса алагамҭеи ирыҵаркуеит, аҭыԥантәи архитектуроуп. Маҷ-маҷ аус ҳуеит, избанзар Аԥсны Академиеи Аԥсуаҭҵааратә институти рҟынтәи аԥара рзоужьӡам (аекспедициақәа), Урыстәылантәи иазоурыжьуагьы рацәам, ҳара ҳрыцымкәа закәанла ҳтәылаҟны аус рур ҟалом. Ара ҳрыцуп археолог Зураб Хонӡиеи сареи. Араҟа шықәсырацәала аус ууроуп, избанзар V–IV ашәышықәсақәа ҳера ҟалаанӡа инаркны ХV-ХVI ашәышықәсақәа рҟынӡа ара ауаа нхон", - иҳәеит Сақаниа.
Иара еиҭеиҳәеит убасгьы сынтәа ирбаз аԥсыжырҭа ҷыдарақәас иамоу атәы, ирбаз аԥшаахқәа арбану.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Маркәылатәи абааҟны археологцәа аекспедициа мҩаԥыргалоит нанҳәа 25-нӡа.